Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду апленартә еизара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркылеитс ООН, ИУНИСЕФ, ИУНЕСКО рахь ишьҭхо арезолиуциақәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду апленартә еилатәара иахәҭакыз астол гьежьқәа русура хыркәшахеит арезолиуциақәа рыдкыларала. Дара нашьҭхоит амилаҭқәа рыхьчара зҽазызшәо жәларбжьаратәи аилазаарақәа хԥа рахь: ООН, ИУНИСЕФ, ИУНЕСКО. Ашәҟәқәа рҿы иарбоуп аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәеи дара ахьынхо атәылақәа рҿы акультуратә центрқәеи ирымоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи.

АААК VIII-тәи Аизараду апрограмма х-секциак рыла еихшан. Руак аԥсуа-абаза жәлар ирзеиԥшу ауаҩышәаратә-хымҩаԥгашьатә кодекс Аԥсуара иахьатәи ҳаамҭазы ахархәашьа иазкын. Аҩбатәи ахатәы бызшәа аиқәырхареи аҿиареи иазкын, ахԥатәи аҟны аҿар рааӡареи, аспорти, аекологиеи ирылацәажәон. Астол гьежьқәа мҩаԥыргеит Аконгресс аҟәатәи аофис аусзуҩцәа: Аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа «Аԥсуара» асекциа дахагылеит, АААК Аҵареи асоциалтә активреи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа «Ахатәы бызшәа» иазкыз астол гьежь мҩаԥылгеит, АААК Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аиҳабы Валери Берзеинеи аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳаи «Аҿар, аспорт, аекологиа» асекциа напхгара арҭон.

Итрадициатәу аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа ҳаамҭазы шәарҭарақәас ирызцәырҵуа далацәажәо Екатерина Бебиаԥҳа иазгәалҭеит Аԥсуара иныҟәнаго аҳаҭырқәҵара еицамкрыда иаанхарц азы уи хазы игоу маҭәарк аҳасабала ашколтә программа иалаҵатәуп ҳәа. Ари астол гьежь аҟны иқәгылеит иара убас Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс иҟаз, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Емма Гамсаниаԥҳа, апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа, Аԥсуа радио ажурналист Алина Ачԥҳа, агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Ҟәыл, Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гули Кьычԥҳа.

Аилацәажәара ихы алаирхәит Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтә иааз Аизараду аделегат Мураҭ Аџьбақь, иара иазгәеиҭеит аԥсуа-абаза жәлар рҵасқәа еиқәырханы ҿыц игыло абиԥарақәа рызнагараҿы ақыҭа аҵак дуӡӡа шамоу, уи шырҿиалатәу.

«Схатәы бызшәа сзырҵаз санду лоуп, ақыҭаҿы исызҳауан. Иара уа сыблала избеит ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи зегьы. Аԥсуара аиқәырхара атәы ҳҳәозар, ақыҭа ада ԥсыхәа ҳамаӡам», – ҳәа алкаа ҟаиҵеит Аџьбақь.

Изольда Ҳагԥҳа имҩаԥылгоз ахатәы бызшәа аиқәырхара иазкыз астол гьежь рхы аладырхәит аԥсуа бызшәадырҩы, апрофессор Виачеслав Чрыгба, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа рдоктор, кавказҭҵааҩы, апрофессор Зураб Џьапуа, иара убас Аԥсны аҵареи арккареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.

Виачеслав Чрыгба игәаанагарала, иахьа аԥсшәа ахархәара ахьмаҷхаз зыхҟьо уи асоциалтә статус ахьылаҟәхаз ауп. Аԥсуа бызшәа аҳаҭыр ашьҭыхразы иаҭахуп аҿар ирзынархоу асистематә ҟазшьа змоу аҳәынҭқарратә программа ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

«Аҿар роуп раԥхьаӡа инаргыланы ҳзызхәыцлаша. Аҵареи амедиаполитикеи ахырхарҭақәа рҿы акыр ашьаҿақәа ҟаҵатәуп. Аиҳабыра рҟны аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан инагӡаны аус ауазароуп, уи амчра аиуит 2015 шықәсазы, аха иахьа уажәраанӡагьы ақьаад аҿынтә аԥсҭазаарахь имиасӡеит», – иҳәеит Чрыгба.

Абызшәатә проблема аҵыхәтәанынӡа иӡбоуп ҳәа ҳгәы ҳарҭынчыр ҟалоит абжьаратә школқәа ирылго аушьҭымҭацәа зегьы инҭырҳәцааны аԥсшәа рдыруа ианыҟалалак, ҳәа ациҵеит аҵарауаҩ.

Ада Кәарҷелиаԥҳа лықәгылара ахатәы бызшәа аиқәырхара аганахьала Аԥсны аҵараиурҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәеи, ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ирызкын. Лара лажәақәа рыла, ахатәы бызшәа аларҵәара иаԥырхагоу аԥықәсларақәа аԥызҵо афакторқәа рацәоуп: зылҵшәа маҷу аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵагатә программа, абызшәа аҵара иазылху аамҭа аиԥшымзаара, ашколқәеи аклассқәеи рҿы абызшәа аҩаӡара аиԥшымзаара, арҵаҩцәа рхы иадырхәаша ҳаамҭа иақәшәо аметодикатә материалқәа рыҟамзаара. Аспикер ари апроблема аӡбараҿы ихадароу амҩақәа алылкааит.

«Ашколқәа зегьы, аклассқәа зегьы ирнаалаша апрограмма аԥҵатәуп, нас уи иақәшәо арҵагашәҟәқәеи, арҵаҩцәа рзы арҵагатә цхыраагӡақәеи ҭыжьтәуп. Уи адагьы, аинтернет аҿы аԥсшәа ахархәара еиҳахароуп», – лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.

Валери Берзениеи Есма Кәыҵниаԥҳаи напхгара зырҭоз аҿари, аспорти, аекологиеи рсекциа аусура ианалага асасцәа ирзаԥхьеит Еиду Амилаҭқәа Реилазаарахь (ООН) инарышьҭраны иҟоу арезолиуциа, уи иаҳәоит Аԥсны атәылауааи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ООН Аԥҟаԥҵәаҿы иарбоу азинқәа рыҭара шаҭаху, уи аҟаҵаразы ажәалагалақәас иҟоу. Ари астол гьежь мҩаԥигеит АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Русҭам Занҭариа. Анаҩс аекспертцәа – Карате-до Шотокан – Риу Казе Ха Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Ахра Абыхәбеи аеколог Михаил Қриеи алархәны астол гьежь аҭааҩцәа аекологиа азҵаара иалацәажәеит Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш адунеи аҿы иҟоу азеиԥш ҭагылазаашьагьы, иара убас Аԥсны аспорт аҿиара ԥеиԥшқәас иамоу.

«Иахьа ҳҿар рхы аадырԥшыртә алшара рымоуп адунеи зегь ырӡыҩрны, иаҳҳәап иформалтәым жәларбжьаратәи аиԥыларақәа рҟны ақәгыларала, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рылахәхарала. Сгәанала, арҭ алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп. Иреиҳау аҳаракырақәа шәреиҩаӡала, шәыԥшаала, иҭышәҵаала, баша шәымтәан. Иҟалап, ҳаԥхьаҟа абзиарахь ҳкылызгаша аиҭакрақәа ҟалар, аекологиа азҵаарагьы уахь иналаҵаны», – иҳәеит Қриа.

Арезолиуциа апроект алацәажәара активла рхы аладырхәит астол гьежь асасцәа, дара абжьгара ҟарҵеит ари ашәҟәы ахарҭәаарақәа алаҵазарц.

Хаҭалагьы, активистка Валериа Арышԥҳа иазгәалҭеит арезолиуциа атекст аҿы ишарбатәу ООН иазханаҵаша ашәҟәқәа рсиаҿы аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәагьы. Аԥсуа спортсменцәа азин рымазароуп жәларбжьаратәи аицлбарақәа ирылахәзар ртәылауаҩшәҟәы ала аҽҭаҩра.

Астол гьежьқәа рыхԥа рҟны жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь идәықәырҵаша арезолиуциақәа рыдыркылеит. «Аԥсуара» асекциаҿы ирыдыркылаз арезолиуциа иазԥхьагәанаҭоит аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы адунеи иалаԥсоу адиаспорагьы уахь иналаҵаны рзинқәеи рхақәиҭрақәеи разхаҵара, нас реиқәырхара, иара убас ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа зегьы рҟны акультуратә центрқәа раартра. Ари ашәҟәы ИУНИСЕФ ирзышьҭхоит. «Ахатәы бызшәа» асекциаҿы ирыдыркылаз арезолиуциа ахәҭаҷ хадақәа рҟны иаҳәоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ИУНЕСКОи еицны аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аларҵәареи аганахьала имҩаԥыргар ауа аусқәа ртәы. Ари арезолиуциа ИУНЕСКО иазышьҭхоит. Аҿар рполитикеи аспорти, аекологиеи рылацәажәараан иазырхиаз ашәҟәы ООН ахь ишьҭхоит, уагьы иарбоуп Аконгресси ООНи арҭ азҵаарақәа рыла аусецура шрылшо амҩақәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизара ду мҩаԥысит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ԥхынҷкәын 7-8 рзы.  Уи иахәҭаку аусмҩаԥгатәқәа цалоит амза 11 рҟынӡа аофициалтә ҟазшьа змоу реиԥш, иофициалтәымгьы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизарадуқәа мҩаԥысуеит хәшықәса рахьтә знык. Абаза жәлар ахаҭарнакцәа адунеи зехьынџьарантә иаауеит Аконгресс аусура аихшьаалақәа рыҟаҵаразы, Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи алахәцәеи ралхразы. Уи адагьы Аизараду аҿы иалкаахоит ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа рыпрограммеи, аиҿкаара аусура азеиԥш хырхарҭеи.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә еиҭарҳәоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.