Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Санкт-Петербургтәи аҿар рцентр «Охтеи» еиҿыркааит, иагьымҩаԥыргеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш иазкыз аныҳәатә концерт.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш иазкыз аныҳәатә концерт мҩаԥысит Санкт-Петербург. Уи еиҿнакааит аҿар рцентр «Охта», АААК ацхыраарала.

Арҭ аҩ-еиҿкаарак ҳазҭоу ашықәс нанҳәамзазы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит, уи иазԥхьагәанаҭоит еиуеԥшым аусқәа рымҩаԥгара. Абарҭ аусхкқәа рхыԥхьаӡара иалоуп имҩаԥысыз аныҳәатә концертгьы.

Аконцерттә программа алагамҭаз еизаз зегьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа рыдиныҳәалеит АААК аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.

Аконцерт иалахәын: адыга кәашара атеатр «Нарҭ», даӷьсҭантәи акәашаратә ансамбль «Ритмы Кавказа», ансамбль «Имамат» иара убас Арсоу Хәаԥшыхәи Зарина Бешехоевеи рдует. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит убасгьы ашәаҳәаҩцәа Валентина Лебедева, лара аурыс, аестон композициақәа налыгӡеит, Аида Смыр – уи лашәа «Апҟақәа» ахьӡын, Залина Семионовеи Диана Ажьиԥҳаи еицырҳәеит ашәа «Шәгыл, Кавказ аԥацәа!».

Апрограмма иалан аинструменталистцәа рықәгыларагьы. Аколлектив «Ритмы гор» амузыкантцәа адаӷьсҭан мелодиақәа адырҳәеит, адудук арҳәаҩы Вардан Арутиуниан иҵаҩцәа ракәзар – зыбжьы ухнахуа аерман дудук адырҳәеит.

«Аконцерт ашьҭахь иҳаҳауаз ахҳәаақәа рыла, ауаа ирбаз-ираҳаз ргәаԥхеит. Хымԥада, абри аҩыза ахәылԥазқәа еиҿкаалатәуп ҳәа рҳәон, зыԥсадгьыл иацәыхароу аԥсуаагьы уи аҭоурых рхамшҭларц, ркультура аҳаҭыр баны иныҟәыргаларц», – лҳәеит аҿар рцентр «Охта» аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы аспециалист Диана Ажьиԥҳа.

Санкт-Петербург иҟоу АААК ахаҭарнак Мактина Шьакаиа иазгәалҭеит, аконцерт атема хадақәа ишыруакыз ажәларқәа реимабзиара. «Ҳәара аҭахума, агәыхыҭхыҭра ҳаман. Сара, ахәылԥаз амҩаԥгаҩ лаҳасабала, ахәаԥшцәа срымадазар акәын, срацәажәон. Ахәаԥшцәа даара ақәҿыҭра аадырԥшуан. Аконцерт анынҵәагьы еимпуамызт, ажәа ҟәандақәа ҳарҳәон, даҽазнык ианбаҟало абри еиԥш аконцерт ҳәа иҳазҵаауан», - лҳәеит лара.

Шьакаиа лажәақәа рыла, аконцерт уи аиҿкааҩцәа шазхәыцыз еиԥшҵәҟьа имҩаԥысит – игәыԥҵәагаӡамкәа, игәырӷьахәны.

«Ара иуаҳауан аурыс милаҭтә мотивқәагьы, адаӷьсҭан кәашара ццышәқәагьы, аерман дудук абжьы хаагьы, ауаԥс кәашара аамысҭашәа уҳәа, абаҩхатәра злоу аԥсуа ашәаҳәаҩцәа, узцыкәашар уҭаххо аестон ашәа «Катарина» инамаркны иҟамыз ҳәа иарбану ҳконцерт аҿы», – лҳәеит АААК ахаҭаранак.

Лара Петербург нхо аԥсуа-абаза ҿар рахь ааԥхьара ҟалҵеит иҵегь аидгылара аадырԥшларц, абас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы ацхыраара ҟарҵаларц.

«Ауаа ахьаҳзымхоз моментқәак ҳаман иахьа. Уи угәы иалымсыр залшом, избанзар аԥсуа-абаза милаҭ иаҵанакуа аҿар маҷымкәа инхоит ара, Санкт-Петербург, иҵегь активла рхы ҳаладырхәыр ҳҭахын. Аха егьа ус акәзаргьы, ахәаԥшцәа даара ргәы алаҟаны иаанхеит, иҭабуп ҳәа ҳарҳәон. Уи еиҳау акгьы ыҟамзар ҟалап аиҿкааҩцәа рзы. Иҳагу ҳаԥхьаҟа иҳарҽеилоит, ари зегь ихәарҭоу, аинтерес дугьы зҵоу ԥышәа дууп», – лҳәеит аконцерт амҩаԥгаҩ.

Аконцерт аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Санкт-Петербург иҟоу АААК Арегионалтә ҟәша ахеилак ахантәаҩы Ҭемыр Рекәаа. Иара иазгәеиҭеит аконцерт аҩаӡара ҳаракны ишымҩаԥысыз, ахәаԥшцәагьы ргәы ишақәшәаз.

Рекәаа еиҭеиҳәеит Санкт-Петербург инхо аԥсуа-абаза диаспора есышықәса Аиааира амш шазгәарҭо атәы.

«Аконгресс азы акраҵанакуеит абас еиԥш иҟоу аҭоурыхтә хҭысқәа разгәаҭара. Ари агәалашәара ҳаргьы иҳацзароуп, ҿыц еиҵагыло абԥарақәагьы ирымаҳдалароуп. Насгьы ас еиԥш иҟоу ахәылԥазқәа – аибабара, абадырра ҿыцқәа рзы зеиӷьыҟам аамҭоуп. Уԥсадгьыл уацәыхаран уаныҟоу уи еиҳагьы угәы иҵалоит. Сара сеигәырӷьоит Санкт-Петербург абас еиԥш зымҽхак ҭбаау аныҳәатә хҭыс ахьымҩаԥысыз Аиааира амш иазкны», – иҳәеит иара.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ԥхьаҟагьы аҿар рцентр «Охта» адыԥхьаланы аус аулоит. Уажәнатә иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа, урҭ рыӡбахәгьы аамҭа анааилак ишәзеиҭаҳҳәоит.