Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аҿар рыԥсшьарҭатә центр «Фрунзенский» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Санкт-Петербург иҟоу абиуџьеттә еиҿкаара «Ахбыџқәеи ақәыԥшцәеи рыԥсшьарҭатә центр  «Фрунзенский» адиректор Евгени Соколови аҩ-еилазаарак рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра амаҭәарс иҟалеит амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи аибачҳареи рырӷәӷәара, ажәларқәа реиҿцаара акультура ҳаракы аҿар рылааӡара.

Аиԥылараҿы аҩ-ганк еиқәшаҳаҭхеит еилахәу апроектқәеи, аконцертқәеи, афестивальқәеи, амузыкатә еицлабрақәеи уҳәа убас егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи шымҩаԥыргало, аҿар рполитика аганахьала аимадарақәа рырҭбаара хықәкыс иҟаҵаны.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь игәаанагарала, ари Аиқәшаҳаҭра акультурақәа реиҿцаара зырманшәало алшара бзиақәа аԥнаҵоит.

«Аконгресс ахықәкы хадақәа ируакуп аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа, ҭыԥс иахьынхозаалакгьы, реидкылара, еиуеиԥшым аҿиара аусқәа рылархәра. Убас, аиҿкаарақәа жәпаки ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵахьеит. Дара рыбзоурала алшара ҿыцқәа аатуеит, аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа еиҳа активла рхы ахьаадырԥшыша аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит, рԥышәеи-рдырреи еимырдоит, еибарбеиоит, адунеигьы ак арҭоит», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Аҿар рыԥсшьарҭатә центр  «Фрунзенский» адиректор ихаҭыԥуаҩ Рафаель Кәаӡба иҳәеит азеиԥш культура ашҭаҿы амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа шырҿиалатәу, ишрыцхраалатәу.

«Аиқәшаҳаҭраҿы иарбоуп инаҳагӡаша аусмҩаԥгатәқәа жәпакы. Имазеины иҟоу апрограммақәа ҳамоуп апатуеиқәҵара, акультурақәа реимадара, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурых иадҳәалоу агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара уҳәа. Арҭ ҳапланқәа шьаҿа-шьаҿала инаҳагӡалоит», – иҳәеит иара.

Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит убасгьы, аганқәа дасу имҩаԥырго аусқәа рзы заанаҵ адырра аибаҭара.