Сааҭк иалагӡаны астудентцәа абаза бызшәала ирҩит мҽхакыла 142 ажәа рыла ишьақәгылаз адиктант.
Есма Гәаланӡиаҧҳа
У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә университет еиҿнакааит III Жәларбжьаратәи, ҞЧА еиуеиҧшым абызшәақәа рыла азеиҧш, онлаин-диктант. Ишиашаз ицоз атранслиациа мҩаҧысуан Урыстәылеи ҞЧА адиаспорақәа ахьынхо еиуеиҧшым егьырҭ аҭыҧқәеи рҿы. Уаанӡа ишаҧыз аиҧш, ҳтәылаҿы адиктант амҩаҧгаразы иалхын Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус зуа, В.П. Анқәаб ихьӡ зху аҧсуа-адыга филологиа Аҭыҧ хада. Абаза бызшәала адиктант аҩраҿы зхы алазырхәыз реиҳараҩык ААУ астудентцәа роуп.
«Крааҵуеит ҳашьцәа абазақәа мҽхакыҭбаала аус рыцаҳуеижьҭеи, абаза бызшәеи алитературеи рфестивали, есышықәса имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәеи, егьырҭ аусмҩаҧгатәқәеи ҳхы рылаҳархәуеит. Иахьа имҩаҧысуеит крызҵазкуа, ҳаидызкыло даҽа хҭыск. Сынтәа адиктант аҩра иалахәу ауаа рхыҧхьаӡара маҷуп, дара урҭгьы ари аус раҧхьаӡа акәны рнапы аларкит, избанзар апрограмма инақәыршәаны шықәсык зызҧҵәоу абаза бызшәа аҵара ҳаналаго ахҧатәи акурс аҩбатәи асеместр инаркны ауп. Аиҳабыратә курсқәа ракәзар, урҭ уажәы апрактика иахысуеит, иҟоуп аусура иалагахьоугьы. Зеиҧшла иаҳҳәозар, ҳәарада иаҳҭахуп ари аҩыза аусмҩаҧгатәқәа раан аҿар иҵегьы активла рхы аадырҧшыр», - иҳәеит аҧсуа-адыга филологиа Аҭыҧ хада ахантәаҩы Ахра Анқәаб.
Азеиҧш диктант мҩаҧысуан сааҭк иалагӡаны. Сиужетс иқәгылан еицырдыруа абаза поетесса Екатерина Шхаева лырҿиамҭақәа рҿы иаарҧшу абаза жәлар рҵасқәеи ркультуреи. Атекст даҧхьеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҧсуа бызшәа акафедра №1 адоцент Ната Лыҳ.
«Адиктант ашьҭахь аусумҭақәа рыхкьыҧхьаа ҟаҵаны, агәаҭаразы Ҟарачы-Черқьессиаҟа иҳашьҭуеит. Алахәҩы икод ахархәарала ирҳаз абаллқәа зну, ириашоу иҩымҭа абаразы даҳәартә аиҧш алшара имоуп. Адиктант зыҩуа ихьӡи ижәлеи аирбаӡом, избанзар ишаҳдыруа аиҧш, азеиҧш диктант еицлабраӡам, ауаҩы идыррақәа ҧишәартә, насгьы урҭ еиӷьитәырц алшара изаҧҵара ауп ҵакыс иамоу», - ҳәа азгәеиҭеит Ахра Анқәаб.
Ахра Анқәаб иажәақәа рыла, азеиҧш диктант ахықәкы – ахәшьарақәа рықәыргылара акәым, дарбанзаалакгьы иҟаиҵо агхақәа иеилыркаареи, ихы аус адуларазы агәаҳәа азцәыргареи роуп, избанзар уажәтәиала ауаҩы агха ҟаиҵазаргьы, еснагь илшоит иҽазыҟаҵаны, анаҩстәи адиктант аан илҵшәақәа реиӷьтәра.
Азеиҧш диктант – хатәгәаҧхаралатәи адиктант формас измоу, есышықәса имҩаҧысуа арккаратә акциоуп. Ари аусмҩаҧгатә рхы аладырхәыр рылшоит изҭаху зегьы. Убри аан, ирызхьаҧшуам алахәҩы дхаҵоу-дыҧҳәысу, иқәра, иҵара аҩаӡара, идинхаҵара, изанааҭ, иҭаацәаратә ҭагылазаашьақәа, изҿлымҳарақәа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.