Нанҳәа 8 рзы, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликеи Ставропольтәи атәылаҿацәи рҟны еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Армида Чагәа илхыҵуеит 65 шықәса. Уи амш инақәыршәаны АААК аинфопортал иазнархиеит лыԥсҭазааратә мҩеи, имҩаԥылго аусқәеи, лыгәҭакқәеи зныԥшуа аочерк.
Лиудмила Аисанова
Армида Ҳизир-иԥҳа Чагәа (лыӡӷаб жәла – Ԥсҳәы, рхылҵшьҭра аауеит Аԥсны иҟоу ашьха қыҭа Ԥсҳәы аҟынтә – аред.) напхгаҩыс дамоуп Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны инхо абазақәа рмилаҭтә-культуратә автономиа арегионалтәи ауаажәаларратәи аиҿкаара «Абаза», иара убасгьы АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак далахәҩуп. Аиубилиар диит 1954 шықәса, нанҳәа 8 рзы, Аԥсны зегь реиҳа иԥшӡоу аҭыԥқәа руак аҟны – ашьхаҳаракыратә қыҭа Ԥсҳәы.
«Ԥсҳәытәи аенергиеи агәамчи»
Аҭыԥантәи анхацәа, Армида Ҳизир-иԥҳа лабиԥара ахаҭарнакцәа – «Ԥсҳәытәи ашьхарыуатәи ашәуаа» ҳәа акәын ишрышьҭаз.
«Ажәытәан ажәла иатәыз арԥыск ашәарыцараҟны диԥылоит аҭауад ҷкәынак. Еилкаам амзызқәа ирхырҟьаны, аҭауад иԥа ишақәнагам ала ихы мҩаԥиго далагоит, уи иахҟьаны арԥарцәа еиҿанагалоит… урҭ реиҿагылара шьакаҭәаралагьы инҵәоит. Ашьоура ҟамларцазы, аиҳабацәа ирыӡбоит, ҳаамҭазы Краснодартәи аҿацә аҵакырадгьыл аҟны иҟаз рынхарҭа ҭыԥқәа ныжьны Аԥсныҟа аиасра, убас иагьнанагоит Ԥсҳәы ақыҭа», – еиҭалҳәоит Армида Чагәа.
Убрантә ауп ажәлагьы ахьынтәаауа, аха аҭаацәаратә ҳәамҭақәа рыла ари абиԥара Шереметаа рахь иаҵанакуан.
Армида лаб – Ҳизир Зақьыр-иԥа Ԥсҳәы пату зқәыз уаҩын, иналукааша ҟазшьақәас илан – ахықәкынагӡареи агәымшәареи, урҭ изныкымкәагьы иааирԥшхьан.
Иара Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) далахәҩын, ианашьан еиуеиԥшым аҳамҭақәа. Ԥсҳәытәи абыргцәа, Ҳизир иахьа уажәраанӡагьы дыргәалашәоит, згәы аартыз, аиашара иақәныҟәоз, амилаҭ патуқәҵара злаз уаҩны.
«Саб даараӡа бзиа дызбон, аӡәы диласҵомызт», – лҳәоит Чагәа.
Армида лан – Софиа Сольман-иԥҳа Џьендубаева занааҭла хаԥыц-ҳақьымын, хылҵшьҭрала Ҟарачы-Черқьессиатәи ақыҭа Инџьықь-Ҷкәын датәын. Лыԥшәмеи лареи еибадырит Аԥсны, лыуацәа сасра ҳәа дырҭааны дахьыҟаз.
Рыԥҳа хәышықәса заҵәык ракәын илхыҵуаз аҭаацәара Ԥсҳәы ныжьны Гәдоуҭаҟа нхара ҳәа ианиасуаз, аамҭак ашьҭахь уаантәи зынӡа ҳәаЧерқьесскҟа ицоит. Уи зыхҟьазгьы, Ҳизир ихьыз амашәыр цәгьа оуп: иара дызлахәыз аекспедициа Ԥсҳәы имҩаԥнагоз агеологиатә-ԥшаарақәа аҵаԥжәарақәа руак аан иоуеит ахәра, уи иахҟьаны длашәхоит. Ҳәарада, ари рыцҳара дуны ирзыҟалеит аҭаацәара зегьы, рыԥсҭазаарагьы еиҭанарсуеит.
«Ус шакәызгьы, илахҿыхыз, згәы разыз, агәыцә ӷәӷәа злаз аҟазшьа змаз уаҩны дынхоит», – илгәалалыршәоит Армида Чагәа, инацҵангьы иазгәалҭоит: «Уи, иҳалоу Ԥсҳәытәи аенергиеи агәамчи роуп» ҳәа. Армида излалҳәо ала, уи амчхара есқьынагьы илныруеит.
Лылахь ианыз Адам Дагәжәеи лареи реиԥылара
Қәҿиарала Черқьессктәи 9-тәи ашкол аҟны лҵара хыркәшаны, 1971 шықәсазы Армида Чагәа дҭалоит Пиатигорсктәи атәым бызшәақәа ринститут. Анаҩс, лыԥсҭазаара 15 шықәса инеиԥынкыланы апедагогикатә усура иазылкуеит, уи, ҳәарада, цхыраагӡахеит лҽыззылкыз аҿар аус рыдулара иадҳәалоу ауаажәларратә усура аҟны.
«Ашкол аҿы даараӡа бзиа избон англыз бызшәа, гәаҳәарасгьы исыман, адунеи зегьы сакәшарц азы, уи аӡеиԥш исҳәаларц. Убри азоуп ари азанааҭ залысхызгьы», – лҳәоит Чагәа.
Астуденттә ԥсҭазаара хҭысла иҭәыз, аинтерес зҵаз аамҭан. Аҭыԥҳа илылшоз зегь ҟалҵон аҵара бзиаӡаны аҵаразы. Егьырҭ лықәлацәа реиԥшгьы, дазыҳәон анасыԥ, акариераҟны аихьӡарақәа, абзиабара цқьа…
Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҟны лҵара хыркәшаны, Армида Черқьессктәи абжьаратә школқәа руак аҟны еиҿкааҩыс аусура далагоит. Армида лыҷкәын Демис бжьышықәса ихыҵхьан, иналукааша «абаза елита» ахаҭарнак, хылҵшьҭрала ақыҭа Ҟәыбина иатәыз Адам Дагәжәеи лареи ианеибадыруаз.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, Ҟарачы-Черқьессиеи Ставропольтәи аҿацәи рыҟны Адам Аиуб-иԥа иникылон аҭакԥхықәра ду зцыз аҳәынҭқарратәи, апартиатәи маҵурақәа. Ижәлар дырпатриот дуны дыԥхьаӡан.
«Иԥсҭазаара зегьы – ижәлар ирыхәаша, ирзеиӷьхаша иазкын, илшоз зегь ҟаиҵон ижәлар рыҿиареи, реиқәырхареи азы, – илгәалаларшәоит Армида. – Саргьы, уи ижәлар рзы иибоз аџьабаа гәазҭоз, ҳәарада аганаҿы сзынхомызт, изласылшоз ала есымша сидгылан».
Аҭаацәара ирхылҵуеит ҩыџьа аҷкәынцәа: Аиуби (забду ихьӡ зхырҵаз), Шьаҳамбии (Адам иҩыза гәакьа Шьаҳамби Хәранов ихьӡ зхырҵаз). Адам Дагәжәеи ихәыҷқәа зегьы даараӡа бзиа ибон, илшозгьы ҟаицон, раԥхьатәи иҭаацәара аҟнытә имаз иԥҳа Анжелеи, иҷкәын Аслани, егьырҭ ихәыҷқәеи дареи аимадареи, агәыблыреи рыбжьаҵаразы.
Асовет Еидгылаҟны аиҭашьақәыргыларатә процессқәа аналага аамҭазы, адырра бзиақәа змаз, акыр злаз ауаа реиԥш, Дагәжәеигьы иусура ахырхарҭа иԥсахуеит: Ставрополь ақалақь аҟны еиҿикаауеит акыр афеида изаазгоз абизнес. Араҟагьы, иофицалтәым абизнес-партниорк иаҳасабала Армида лыԥшәма дивагылан, аусурақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара иҭауа.
Урҭ аамҭақәа рзы Адам Дагәжәеи иреиҳаӡаз амеценатқәа дырхыԥхьаӡалан. Абаза жәлар, нас аԥсуа жәларгьы ркультурақәа реиҭаиреи рырҿиареи афинанстә цхыраара азиуан. Аԥсуа жәлар адгылара ду риҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы (1992-1993).
Ус шыкәызгьы, анҵыра дук Адам илахь ианымызт: ӷәӷәала дычмазаҩхоит. Аҵыхәтәантәи имшқәа рзы ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭазгьы иԥшәмаԥҳәыси иареи алацәажәон Дагәжәеи аҵыхәтәантәи ипроект – Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа иалахәыз Ҟәыбина ақыҭанхацәа ирызкыз абаҟа аргылара. Мшаԥымза анҵәара иаҿын, абаҟа аартра лаҵарамза 9 рзы иарбан… Зегьы ианаамҭоу иахьӡандаз ҳәа ахәыцрақәа Адам игәы иҵхон. Ихарџь ала иргылаз абаҟа ианарбаз аҽны иаадырутеит, аха иара ида… усҟан жәымш ҵуан Адам идунеи иԥсахижьҭеи.
«Ахәыҷқәа рхатәы бызшәа рхамшҭырц, абаза бызшәала ицәажәаларц азы дсыҳәон», – лахьеиқәҵарала илгәалалыршәоит Армида.
Ставропольтәи абазақәа
Ахәыҷқәа ракәзар… Ҽнак ран илзеиҭарҳәеит убас еиԥш хҭыск, адәаҿы иахьыхәмаруаз, шәарбацәан ҳәа рықәлацәа анразҵаа, ахәыҷқәа еицҿакны «ҳабазақәоуп» ҳәа аҭак ҟарҵеит. Аха, уи аамышьҭахь – «урҭ азусҭцәада» ҳәа азҵаара анроу, аҭак рзыҟамҵеит.
«Убасҟан сара исыӡбеит раб иус ишацысҵо. Абазақәа рыбжьы адунеи иаҳауеит, ҳкультура зегьы ирдыруа иҟалоит», – лҳәоит Армида.
Лыԥшәма иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, дзықәшәаз арыцҳара лхыгараҿы раԥхьатәи аамҭақәа рзы адгылара лырҭеит Адам изааигәаз ауаа: анхамҩеи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рыҿиараҿы злагала дууз Ставрополь инхоз хыԥхьаӡара рацәала иколлегацәа, иҩызцәа, еицырдыруаз ауаа. Урҭ зегьы Армида ажәа ҟәандала илгәалалыршәоит: Чаабан Иуан, Владимир Ҟәырча, Рауф Ҟадыжә, Пиотр Чкала, Инал Ҳабльахь уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ роуп Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны инхо абазақәа руаажәларратә хеилак аиҿкаара ахыҵхырҭаҿы игылаз. Аҿацә амилаҭрацәатә политраҟны абазақәа иаԥсоу аҭыԥ ааныркыларцаз урҭ рлагалеи рџьабааи рацәоуп.
1997 шықәсазы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭанагалоит Ставропольтәи акультуратә центр «Абаза», уи напхгаҩыс далхын Урыстәыла зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Владимир Исмаил-иԥа Ҟәурча. Уи ихаҭыԥуаҩыс далхын Армида Чагәа. Уажәшьҭа лара еилалыгӡар акәын абизнеси ауаажәларратә усуреи.
Аамҭа кьаҿк ала аҭыԥан имҩаԥысуаз ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа рҟны аиҿкаара аҭыԥ хадақәа ааннакыло иалагеит, иара убасгьы еиднакылеит абаза милаҭ рбызшәеи ркультуреи реизҳазыӷьара иашьҭоу ауаа.
Убас, аиҿкаара амчала иаартын абаза бызшәа ашкол, уи иахьагьы қәҿиарала аус ауеит.
«Ашкол арҵаҩы Анфиса Борис-иԥҳа Петова раԥхьатәи лҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан схәыҷқәагьы», – лҳәоит Чагәа.
Хәыҷы-хәыҷыла ахеилак аусмҩаԥгатәқәа рымҽхак ҭбаахо иалагеит урҭ рылҵшәа ҳаракхеит, насгьы аҿар рахь еиҳа азхьаԥшра аиоуит. Инагӡан аидгьылтәра иазкыз апроект дуқәа, иара убасгьы аҵараҵареи акультуреи ирызкыз апрограммақәа аларҵәан, еиҿкаан аҿартә форумқәеи афестивальқәеи. Ахеилак иалнаршеит, Ставрополь аҵара зҵо абаза милаҭ иатәу астудентцәа зегьы реидкылара.
«Ҳажәа иазыӡырҩуеит, иҳацхраауеит»
2012 шықәсазы иӡбан Ставропольтәи атәылаҿацәи Кавказтәи аминералтә ӡқәеи ркультуратә центрқәа реидҵара. Убас ала еиҿкаан Ставропольтәи атәылаҿацә иқәынхо абазацәа рмилаҭ-культуратә автономиа арегионалтәи ауаажәаларратәи еиҿкаара «Абаза», уи еиднакылоит Ставрополь адгьылҵакыраҿы инхо 4,5 нызқьҩык инареиҳаны абазақәа. Аиҿкаара напхгаҩыс еицҿакны далхын Армида Чагәа.
Аиҿкаара иаиуз астатус ҿыц, ҳәарада, аусмҩаԥгатәқәа рымҽхак акыр иарҭбаауан, убри инақәыршәаны активистцәа аус напы адыркит.
«Иҟоуп ахықәкы: ҳажәлар рбызшәеи, ркультуреи, рқьабызқәеи – шәышықәсала иҿиоз зегьы иреиӷьу иҷыдоу ҳҟазшьақәа реиқәырхара. Иахьазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аҿар рмилаҭтә традициақәа рхамшҭырц азы. Насгьы, урҭ рықәлацәа иахьаарылагыло рыжәлар ҳаҭырла иаадырԥшларазы, ганкахьала – рмилаҭтә ҟазшьа ҷыдақәа еиқәдырхаразы, даҽа ганкахьала – ҳаамҭазтәи аԥсҭазаара инақәыршәаны урҭ ииашаны рха иадырхәаларазы. Арҭ азҵаарақәа, ааӡареи, аетикеи уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рахь иаҵанкуеит», – аиҿкаара ахырхарҭақәа дрылацәажәо иазгәалҭеит уи анапхгаҩы.
Иара убасгьы аиҿкаара аҽрыманадоит Ставрополь инхо еиуеиԥшым амилаҭқәа ркультуратә автономиақәа – лассы-лассы еицымҩаԥыргоит акультуратә хырхарҭа змоу аусмҩаԥгатәқәа. Уи адагьы, Армида Чагәа – Ставропольтәи агубернатор иҟны иҟоу аетникатә хеилаки, амилаҭқәеи аказақреи русқәа ирызку Акомитет аҿы иаԥҵоу ауаажәларратә хеилаки дрылоуп.
«Ҳәарада, ари зегьы аҭакԥхықәра уднаҵоит, аха уи аамҭазгьы, уи абзоурала иҳауеит алшара аҳәынҭқарра-ашалыҵтә еимадара арҿиаразы, иара убасгьы агранттә конкурсқәа рылахәразы, анаҩс афинанстә лшара ҿыцқәа аԥҟаԥҵәатә хықәкқәа рынагӡараҿы рхархәара», – лҳәоит Чагәа, уи инацҵангьыы иазгәалҭеит: «ҳажәа иазыӡырҩуеит, иҳацхраауеит» ҳәа.
2018 шықәсазы Армида Чагәа далхын АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәҩыс, уаҟа қәҿиарала иацҵан адунеи зегьы аҟны инхо абаза жәлар рхаҭарнакцәа рмилаҭтә культура аиқәырхареи, урҭ реидкылареи аус.
Агәазыҳәарақәа нагӡахоит
Акыршықәса раахыс абри аԥҳәыс лусушьа гәаҭауа, лдунеидкылашьа, аԥсҭазаара дшазнеиуа уҳәа еилкаауа, иџьоумшьар залшом лара илымоу лҟазшьа чыдарақәа. Агәамч ду, ахамеигӡара, аусқәа рынагӡараҿы аласра, аилҟьара, аҩызцәа гәыбылрала рзыҟазаара.
Анапхгара знапаҿы иҟоу, аусура аиҿкааразы иахәҭоу аҟазшьақәа злоу Армида – лгәы ԥшаауеит, дҟәымшәышәуп, ауаа рахь ачҳара лымоуп… есқьынагьы иҿыцу акы сҵандаз ҳәа дыҟоуп, лдыррақәа реизырҳара дашьҭоуп.
Амч лызҭо раԥхьаӡа иргыланы лҭаацәара ду ауп. Абар 15 шықәса ҵуеит лыԥшәма – Фазидин Чагәа, Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аподполковник, лусқәа зегьы рыҟны длывагылоижьҭеи.
«Иара иабзоурала схәыҷқәа зегьы абаза милаҭтә традициақәа инарықәыршәаны иааӡоуп. Ҳаԥсҭазаара хҭысла иҭәуп, шьарда аныҟәарақәа мҩаԥаҳгоит», – еиҭалҳәоит Армида. Насыԥ змоу ԥҳәысуп, лхәыҷқәа иахарҟьаны ахӡыӡаара рзымукәа, ахьыԥшымзаареи, ахықәкынагӡаратә ҟазшьақәеи рылаӡаара лылшеит.
Ҳаиқәшәара ахыркәшамҭазы, Армида еиҭалҳәеит хара имгакәа иналыгӡарц илҭаху агәҭакы: ахатә ҳаирпланла Аԥсныҟа дԥырны, ажәҩан аҟынтә ақыҭа Ԥсҳәы дахәаԥшырц.
Аԥсны имаҷӡаны дшынхозгьы, лыԥсадгьыли лареи реимадара есымша еиқәханы иҟан: Армида лымкаала лыԥсадгьыл дазыҟоуп, уи аԥеиԥш бзиазы Анцәа диҳәоит. Иааиуа лиубилеи азы гәаҳәарас илымоуп Аԥсны еизҳазыӷьаны, ишәҭыкакаҷны, абаӷәаза аӷбақәа рыла иҭәны, игәырӷьаҵәа иҟоу ауаа аԥшаҳәала инеиааиуа, акаҳуажәырҭақәа рҟынтә амузыка абжьы аԥшаҳәа иқәыҩуа илбарц. Убас акәын лара хәышықәса анылхыҵуаз лан Аҟәа аӡбахә шылзеиҭалҳәоз, убри асахьа ахаан илхамшҭуа лгәалашәараҿы иҟоуп.
Ари амш аҽны Армида Чагәа илзеиӷьаҳшьар ҳҭахуп анасыԥи агәырӷьареи зцу ашықәс рацәа, амшхәыбзазара. Лыгәҭакқәа зегь нагӡахааит, лхәыҷраҟынтә иаауа агәҭакгьы уахь иналаҵаны.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.