Абаза драматә театри акәашаратә ансамбль «Меркури» рҟазара аадырԥшит Ҟарачы-Черқьестәыла 100 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны имҩаԥысуаз ҞЧА акультура амшқәа раан.
Аԥсны имҩаԥысит Ҟарачы-Черқьестәыла Аҳәынҭқарратә филармониа иатәу акәашаратә театр «Меркури» ақәгылареи Аҳәынҭқарратә абаза театр аспектакль «Амҳаџьырқәа рышьҭала» арбареи, ҞЧА 100 шықәса ахыҵра иазкны, Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала.
Ҟарачы-Черқьестәыла акультура амшқәа рымҩаԥгара Аԥсны иазԥхьагәаҭан иҳаҩсыз ҭагалан азы, аха акоронавирус апандемиа иахҟьаны иигатәхеит. Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы арҭ аҩ-коллективк рҟазара аадырԥшыртә алшара роуит Гагра, Пицунда, Тҟәарчал, Очамчрыа, иара убас Аҟәа – агастрольқәа хыркәшан аҳҭнықалақь аҿы.
«Укәаша, Аԥсынтәыла!»
Лаҵара 28 ахәылбыҽха Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы иқәгылеит Ҟарачы-Черқьестәыла Аҳәынҭқарратә филармониа иатәу акәашаратә театр «Меркури».
Ари аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада, ҞЧА, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Мураҭ Гагьи иажәақәа рыла, аԥснытәи агастрольқәа – хҭыс дуӡӡоуп атеатр ахаҭа аҭоурых аҟнеиԥш артистцәа рзгьы. Гагьи ишиҳәаз ала, аконцертқәа зегьы аншлаг рыманы имҩаԥысит, иахьықәгылоз ақалақьқәа зегьы рҿы ахәаԥшцәа даара иҟәанданы ирыдыркылон.
«Ҳделегациа иалоу аӡәырҩы уажәада Аԥсныҟа имаацызт. Даараӡа иџьашьаны иҟоуп абра ҳашрыдыркылаз, уажәи-уажәи иҵаауеит: ҳақәгылацыԥхьаӡа абас патуқәҵарала иҳазнеилома – абанкет еиҿкааны, апацха, абысҭа ԥхаҵәы-ԥхаҵәуа ҳәа. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит абра ҳахьыҟоу, ҳашьцәа аԥсуаа рзы ҳахьыкәашо», – иҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы.
Асценахь ацәырҵра лҽазыҟаҵо 16 шықәса зхыҵуа артистка Алесиа Бавыжә иҳалҳәеит Аҟәа ақәгылара лымкаала лгәы шархыҭхыҭуа. Лара ари ансамбль аҿы дҿыцны лхы лыԥхьаӡоит, ҩышықәса раахыс аколлектив дшалоугьы.
«Агастрольқәа хзыркәшо ақәгылара Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуеит, убри аҟнытә иҳалоу зегьы ааҳарԥшыроуп, ак агмыжькәа. Ари раԥхьатәи аиҳабыратә ансамбльуп сызлахәу, егьыс иуҳәозар фышықәса раахыс акәашара саҿуп», – лҳәеит аҭыԥҳа.
Аконцерттә программа аартын акәашара «Амҳаџьырқәа» ала – ари аномер ансамбль злеицырдыруа акоуп. Зынӡа аномерқәа 17 ыҟан, Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа шамахамзар зегь ыҟан.
Ансамбль асолистцәа абаза жәлар рашәақәа рҳәеит, аколлектив иҟанаҵаз аҩызаратә ааԥхьарала асценаҟынтә аԥсуашәа налыгӡеит ансамбль «Гәында» алахәыла, ашәаҳәаҩ Макланда Кәыҵниаԥҳа. Абар уажәшьҭа акыршықәса раахыс «Меркури» рконцертқәа злахдыркәшо аҵыхәтәантәи акәашара иахьӡуп «Укәаша Аԥсынтәыла!»ари аԥсуа кәашара ықәирыглеит ансамбль аԥҵаҩы, ҞЧА, Аԥсны жәларқәа рартист Валери Ҭаниа. Иара Аԥсны диит, дааӡеит, анаҩс 30 шықәса раахыс Ҟарачы-Черқьестәыла дынхон, уаҟа аусгьы иуан.
«Абри акәашарала ҳапрограмма хҳаркәшоит еснагь, ҳахьықәгылозаалакгьы. Ахәаԥшцәа ргәы шьҭнаԥаауеит, избанзар уи аԥсуа кәашараҿы уаанӡа ирымбацыз аиҭаҵшьақәа алоуп. Ари акәашара ықәиргылеит аидеиагьы авторс дамоуп Валери Ҭаниа. Ҳара ҳколлектив аԥҵаҩ иоуп. Ҳара – иара иҵаҩцәа, ишьҭрамадаҩцәа уажәы иԥсадгьыл аҿы ҳааны ҳақәгылоит», – иҳәеит Гагьи.
Иара иажәақәа рыла, ансамбль алахәцәа даара ргәы хыҭхыҭуан: апрограмма аиҳарак аԥсуа-адыга фольклор алоуп ишышьақәгылоу, азал аҟны уи бзиаӡаны издыруаз ауаа рацәан, адырра мацарагьы акәым «ахореографиа анцәахәқәа» тәан – ари аконцерт ахь ааԥхьара змаз аҳаҭыр зқәу асасцәа, акәашацәа, артистцәа.
Убас, Аԥсны жәлар рартистка, «аԥсуа кәашара аҳкәажә» ҳәа зегьы еицырдыруа Маиа Гьерзмаа аконцерт анынҵәа ашьҭахь ҳанлыдгыла иҳалҳәеит илбаз даараӡа лгәы ишахәаз.
«Ари аколлектив здыруеижьҭеи акрааҵуеит, уаҟа аус иуан сара сҩыза, спартниор Валери Ҭаниа. Уажәы аус зуа акәашацәагьы ԥыҭҩык издыруа роуп. Нхыҵ Кавказ аҟазара уамакала исгәаԥхоит, сысценатә ԥсҭазаараҿы еснагь дара ртәалагьы скәашон. Даара иҭабуп ҳәа расҳәоит иахьааз, исымбеижьҭеи крааҵуан. Аманшәалара рымазааит!» – лҳәеит Маиа Гьерзмаа.
Аԥсуа филармониаҿы ахәаԥшцәа рзы еиҿкаан ацәыргақәҵа маҷ. Афоие аҟны ицәырган Ҟарачы-Черқьестәыла еиҭашьақәдыргылаз адекоративтә-хархәаратә ҟазара амаҭәарқәа. Ари збаз аӡәырҩы иаархәар ирҭаххаз амаҭәарқәа ҟалеит, аха гәалсрыла еилыркааит ацәыргақәҵа аҟынтә акгьы шырымҭиуаз. Ус шакәугьы, Черқьесск ақалақь акультуреи аҟазареи рколлеџь адекоративтә-хархәаратә ҟазареи ажәлар рнапҟазареи аҟәша аиҳабы Емма Лапӷәа маҭәарцыԥхьаӡа изызку-иахьӡу еиҭалҳәон.
«Ари «аҩыза-мҳаҵә» ахьӡуп ҩыџьарантә акралауфоит. Ари ажәлар рарҳәагатә инструмент шьыҷаԥшьына ауп, уи арахәыцқәеи арӷызгеи аҽхәыц иалхуп. Ахаҵа хҭырԥа зегьы ирдыруеит, абри ижәбо аҳәса хҭырԥоуп араӡны рахәыцла иҩычоуп», – ҳәа еиқәылԥхьаӡон лара.
Аламала уаҩы иԥыхьамшәо, иссиру амаҭәар ԥшӡақәа ари ацәыргақәҵаҟны аиашазы ирацәан. Еиуеиԥшым аба ахкқәа, инапылаҟаҵароу аҳәынҵәрақәа, иҳаракны иҟаҵоу аҭаца лшьаҵақәа – урҭ лышьхарԥаны акәакь аҿы дангылалак зегьы даарылыҳәҳәо, деицырбо дҟалон. Абар аҟармаш абӷьы иалху аҳасыр: уи иқәгыланы амсылманцәа анамаз ркуан, дара аԥсыма ҳасабалагьы рхы иадырхәон, асаби данилакгьы дыларҳәон, избанзар иԥсабара лыхуп, ицқьоуп. Аҳасырқәа аки-аки еиԥшым, дара зегь џьоуҳарла иҩычоуп.
«Дара ԥшшәылагьы еиԥшӡамызт, аӡмах аҿы шаҟа иуку аҟара аԥшшәы еиқәахон», – ҳәа ари аус акәамаҵамақәа еиҭалҳәон Емма Лапӷәа.
«Азеиԥш хьаа»
Иара уи аухаҵәҟьа Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҿы имҩаԥысит Аҳәынҭқарратә абаза драматә театр аспектакль «Амҳаџьырқәа рышьҭала» арбара Бемурза Ҭҳаҵыхәа ироман «Нышә напык» ала.
Ҩажәа шықәса раԥхьа иаԥҵаз Абаза театр раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭаауеит.
Актриса Раҭха Ҟәныжә аспектакль аҿы абаза ҭыԥҳа Асиаҭ лроль хада налыгӡеит – амҳаџьырраан лаби лареи Османтәи аимпериахь ихҵәоит, уаҟа лара арыцҳарақәа дрыниоит. Аха лара илылшеит аҭауад иҟны лшьа аура, анаҩс бзиа илбоз аҷкәыни лареи рыԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит. Актриса илҳәеит раԥхьатәи арепетициақәа раан лылаӷырӡ шлызнымкылоз.
«Даара дрыцҳасшьон. Аха нас схы снапаҿы аагара сылшеит. Акырӡа иуадаҩуп аспектакль, угәы иамырскәа узыхәмарӡом. Ааи, иуадаҩуп арҭ ахҭысқәа еснагь рызхьаԥшра, аха ҳҭоурых ҳхашҭыр ҟалаӡом. Ари иаҳзеиԥшу ҭоурыхуп, аԥсуааи абазақәеи дацԥашәк ҳамоуп – лҳәеит Раҭха.
Актир қәыԥш Назир Быџь иҳәеит аԥснытәи ахәаԥшцәа рыдкылашьа шџьеишьаз, «активра ду аадырԥшуан, рхы-рҿқәа емоциала иҭәын» ҳәа азгәеиҭеит.
«Актиор изы уи цхыраагӡа дууп, абас еиԥш ареакциа аныҟоу. Ҳара абаза бызшәала ҳахәмаруан, аха ахәаԥшцәа рлымҳа иҭаҩуаз аиҭага иазхьамԥшкәа разҿлымҳара зегьы асценаҿы имҩаԥысуаз ахь ирхан. Ҟарачы-Черқьестәыла ҳахәаԥшцәа еиҳа аҽынкылара аадырԥшуан, аратәиқәа еиҳа рҽоужьны иҟан, уи даара иаҳгәаԥхеит. Ҳгәыӷуеит иҵегь Аԥсныҟа ҳаалап ҳәа аспектакль ҿыцқәа ҳаманы», – иҳәеит Быџь.
Ахәаԥшҩы Ҳанифа Шармаҭ аспектакль аиҭага ллымҳа иҭаҩуан, аха уи адагьы еилыскаауаз рацәан лҳәеит.
«Аԥсшәеи абаза бызшәеи дара еиԥшуп, исаҳауаз маҷмызт. Сгәы арԥшааит аспектакль. Уи атема хада – ахҵәара атрагдеиа – еицаҳзеиԥшу хьаауп. Абазақәа ҳашьцәа роуп, еснагь рбара ҳаигәырӷьоит. Ирацәахааит иҵегь абри аҩыза агастрольқәа. Ҳкультуратә еимадара шаҟа иҭбаахо аҟара ауаа реибабарагьы еиҳахоит, агәыблыра рыбжьалоит», – лҳәеит Ҳанифа Шармаҭ.
Асасцәа дахьқәа зҭааз аԥшәма иеиԥш абаза артистцәа дырԥылон Аԥсуа драматә театр адиректор хада Алхас Ҷолокәуа. Актиорцәа ирзылырхит иреиӷьыз агримҟаҵарҭақәа, атеатр аусзуҩцәа зегьы рывагьежьуан асценахь рцәырҵра ак аԥырхагамхандаз ҳәа.
«Ҳасцена иқәгылеит ҳара иҳазгәакьоу ауаа, ҳашьцәа. Дара рыспектакль Аԥсуа драматә театр ахәаԥшцәа иахьыддырбаз аҵак ду амоуп. Ҳаешьара жәлар ртеатртә ҟазара ҳалаԥшыртә алшара ҳауит. Ҳгәы иахәеит ҳахәаԥшцәагьы азҿлымҳара ду аарԥшны Абаза театр агастрольқәа иахьрызнеиз, азал уаала иҭәын», – иҳәеит Ҷолокәуа.
Ҟарачы-Черқьестәылеи Аԥсны ркультуратә еимадара акыршықәса раахыс еиԥмырҟьаӡакәа иааиуеит, убас иацҵахоит ԥхьаҟагьы. Акультура аминистрра адыррақәа рыла, хара имгакәа аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа Ҟарачы-Черқьестәыла рықәгылара азԥхьагәаҭоуп. Ари аконцерт анымҩаԥысуеи нас уи хьыӡҳәала иалахәхои макьана еилкаам.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.