Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа атәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи, Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа хықәкы хадақәас иамоуи, ихәыҷра шықәсқәа рымҩасшьеи ртәы ҳзеиҭеиҳәеит АААК аинтервиу азҭаз Аԥсуафед аиҳабы Аҭанур Аҟәысба.
Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭа Арӡынԥҳа
– Аҭанур, шәара Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа (Аԥсуафед) шәеиҳабуп. Иаҳзеиҭашәҳәа ари ауаажәларратә еиҿкаара закәу, аусушьа зеиԥшроу, шаҟа центр алахәу, насгьы шаҟаҩ ауаа еиднакылои иара?
–Акыршықәса раахыс араатәи аԥсуааи абазақәеи еицаҳзеиԥшу Кавказтәи акультуратә центрқәа рфедерациа иалан, аха иара усҟангьы иҟан хазы аԥсуа центрқәа (адернеқьқәа) иаҳгозар, Сҭамԥыли Дузџьеи ақалақьқәа рҿы. Аԥсны ахьыԥшымра атәылақәа жәпакы ианазхарҵа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ирыӡбеит хазы рҽеидыркыларц, рыԥсадгьыл аинтересқәа Ҭырқәтәыла раларҵәаразы. Ари ҟалеит 2010 шықәсазы, убасҟан иагьаԥаҳҵеит Аԥсуафед.
Аԥсуафед анышьақәгыла ашьҭах, дук мырҵыкәа иааҳартит даҽа х-культуратә центрк, Сҭамԥылтәи, Дузџьатәи аламҵакәа. Иахьатәи аамҭазы Аԥсуафед иалоуп 14 дернеқь, иҵегьгьы раартра ҳгәы иҭоуп, аԥсуаа жәпаҩны иахьынхо арегионқәа рҟны. Иааидкыланы Ҭырқәтәыла зегьы аҟны 20 иреиҵамкәа аԥсуа культуратә центрқәа ҟалоит ҳәа ҳақәгәыӷуеит, мрагыларатәи атәыла ахәҭеи, Амшын Еиқәа аҿықәантәи адгьылқәеигьы уахь иналаҵаны.
–Урҭ араионқәа рҿы аԥсуаа нхома?
– Ааи, насгьы иахьа уажәраанӡа урҭ араионқәа ҽеишәа иҭҵаам. Уаатәи ҳџьынџьуаа шьоукы кавказтәи акультуратә центрқәа ирҭаауеит, аха уахь зынӡа имныҟәогьы ыҟоуп. Убас иҟоу рхатәы культура иаҟәыҭханы иаанхоит. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳашьцәа зегь реидкылара, аԥсуааи абазақәеи, Ҭырқәтәыла регионс иахьынхозаалак, адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли рҟны имҩаԥысуа хра злоу ауаажәларратә процессқәа зегьы ралархәразы. Амилаҭтә хдырра мыӡратәы аҭагылазаашьа аԥаҳҵароуп, убри зегьы ирхадароуп. Избанзар амилаҭтә хдырра аԥсыҽхара иахьа шәарҭас иҟоу иреиҳауп.
– Иҟаҵатәузеи амилаҭтә хдырра амырӡразы?
– Инықәырԥшны иуҳәозар, иахьа Ҭырқәтәыла инхоит хәышә нызқьҩык рҟынӡа аԥсуаа. Хышә нызқьҩык ирызкны адыррақәа ҳамоуп. Урҭ ауаа – ҳаԥсыуаап ҳәа зхы иазызҳәо роуп. Иҟоуп хылҵшьҭрала иаԥсыуаау, аха змилаҭтә хдырра зцәыӡхьоу. Урҭ ирдыруеит рабдуцәа ахьынтәааз, аха рҭоурых нҭкааны иргәалашәом, раԥсуа жәлақәа рыздырӡом, аҵас-ақьабзқәагьы рзеиқәмырхаӡеит. Ус иҟоу шьҭа аус ҳазрыцуӡом, аха инагӡаны ассимилиациа зыхҭымсыц, макьана аҳәаа ихықәгылоу рыцхраара ҳуалуп.
Абри аус аҿы адгылара ҳҭахуп. Аматериалқәа ҳҭахуп, апрограмма ҳамазароуп, ари азҵаара асистематә знеишьа аҭахуп, аҭҵаарадырратә знеишьа. Сара изныкымкәа исҳәахьеит ари азҵаара Аԥсуафед аҳәаақәа ирҭысхьоужьҭеи акрааҵуеит ҳәа. Уажәшьҭа ари аԥсуа ҳәынҭқарра аусура ахырхарҭақәа ируакзароуп. Избанзар ари азҵаара аҳәынҭқарратә знеишьа аиуроуп.
Аԥсуа ҳәынҭқарра иамоуп ус еиԥш иҟоу алшарақәа, ахатә биуџьет аҟазаара, ауниверситет, ателехәаԥшра уҳәа. Ҳара ҳтәы уҳәозар, урҭқәа акгьы ҳамам аҟнытә, ауаажәларра ҳҽеидкыланы ҳамчала иҳалшо ҟаҳҵоит.
– Ҭырқәтәылатәи аиҳабыра шԥазыҟоу Аԥсуафед имҩаԥнаго аусқәа, иара Афедерациа ахаҭагьы?
– Ҭырқәтәылатәи аиҳабыра пату ҳақәырҵоит. Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханамҵаӡацт, аха аҭыԥантәи аиҳабыра Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызҿлымҳауп, абри аҿы Аԥсуафед еимадагоуп, цҳас ихуп. Ҭырқәтәылатәи амчрақәа проблема ҳарҭаӡом. Ҳара ҳаимадоуп, ианаҭаху ачынуаа ҳарԥылоит, ҳрацәажәоит. Ҭырқәтәыла иаланхо атәым милаҭқәа рганахьала аҳәынҭқарра имҩаԥнаго аполитика акыр аҽаԥсахит аҵыхәтәантәи аамҭазы. Уаанӡа ҳабацәеи ҳабдуцәеи мчыла аҭырқәа идин, имилаҭра рыдырҵозҭгьы, рхатә культура арҿиара рырымҭозҭгьы, иахьатәи аиҳабыра шьаҭанкыла ари азнеишьа аԥсахит.
– Аԥсуа культуратә центр ҿыцқәа раартра анахыс иарбан хыдҵақәоу уажәазы Аԥсуафед аҿаԥхьа иқәгылоу?
– Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа санырԥыло, еснагь исҳәоит Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ишрыҭалатәу аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа. Убри иаҿагыло, аҳәынҭқарртә хәыцшьа имаӡам, итәыла дыԥырхагоуп. Аԥсныҟа уцаны ашәҟәқәа реиқәыршәара уадаҩуп, ус еиԥш алшара змоу аӡәык-ҩыџьак роуп. Аԥсныҟа ацара ахарџь маҷымкәа иаҭахуп, насгы аурыс виза аиура иадҳәалоу акәама-ҵамарақәа рацәоуп (Аԥсны реиҳа иазааигәоу аҳаирбаӷәаза Шәачоуп иахьҟоу, уантә аӡиас Ԥсоу ала Аԥсны аҳәаа аҟынӡа унаӡароуп – аред.). Убри аҟнытә ҳдиаспора аԥсуа атәылауаҩшәҟәы абра Ҭырқәтәыла ироуратәы алшара ҟаҵатәуп.
Абри азҵаара уаҳа иахымгакәа иӡбатәуп, иара усгьы иҳацәцаз аамҭа рацәоуп. Иҵегь заа иаҳзыҟаҵзҭгьы, иҟалап, ԥыҭҩык ассимилиациа иаҳзацәыхьчазҭгьы. Абри азы азакәан аиҭакрақәа, ма ахарҭәаарақәа алагалатәны иҟазар, иахьа ишьҭыхтәуп уи азҵаарагьы, иҷыдоу апрограмма иазхәыцтәызар – иахьа иалагатәуп убригьы. Ҳазҭагылоу аамҭазы – абри ахыдҵа ихадоу акакәны ҳахәаԥшуеит. Ианҳзынамыгӡа, шықәсқәак рышьҭахь, Ҭырқәтәыла миллионбжак аԥсуа диаспора нхоит ҳәа ҳзымҳәо ҳҟалар ауеит. Ауаа ҳацәцоит, ҳаԥсҭазаара иалаҳмырхәыр. Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны ауааԥсыра абри аидеиа ишадгыло, ҭырқәтәылатәи аԥсуааи дареи злеиԥшым ҳәа акгьы шыҟам рхаҭақәа ианырбалак, милаҭк шҳакәу анеилыркаалак, ҳакзаара ҩныҵҟала ианрыдыркылалак.
– Аԥсны шәаҭааны шәаныҟаз, ус шәҳәеит, адиаспора аганахьала имҩаԥаҳго аполитика раԥхьаӡа акәны иазынархазароуп ҳәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рмилаҭтә хдырра аиқәырхара, рбызшәеи ркультуреи ахьчара, ҭыԥс иахьынхозаалак, даҽакала иаҳҳәозар, «аԥсуа дунеи» ашьақәыргыларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазынархазароуп шәҳәеит убри аполитика, аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь шәхынҳәыроуп ҳәа ааԥхьарақәа рыҟаҵара мацара адагьы. Аԥсны аиҳабыра игәныркылама абарҭ шәажәақәа, ишәҳәаз раҳама, шәгәанала?
–Ираҳаит ҳәа сыҟам, аиаша шәҭахызар. Аха сара, зегь акоуп, уи атәы сҳәалоит. Аԥсны х-миллионк аԥсуаа нхозҭгьы, абызшәа аӡра ашәарҭара иҭагыламызҭгьы, ҳара зегь ҭынч ҳшьапқәа еиқәыршәны ҳтәазаауан. Адиаспора аҽамадаразы, аӡәыцыԥхьаӡа изы ақәԥара шаҭаху азы уҳәа абри аҟара сҳәаӡомызт саргьы усҟан. Аха иахьа ҳмилаҭ аиқәхара азҵаара ықәгылоуп. Уаԥсҵәык ҳаҟоуп аԥсуаа. Ҳаззыԥшузеи нас, ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟаӡами?
Ҭырқәтәылантә аԥсуа ҵеицәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, имаҷым урҭ рҟынтә зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз. Ма убарҭ ҳрызхәыцып. Амцашыра рҽаларыжьит Аԥсны ахьчаразы. Нас убарҭ аԥсуа шьа ирылаз аҽамдырит шәызҳәома, рабдуцәа иддыркыз аԥсадгьыл абзиабара акәӡами иаазгаз, шәгәы ишԥаанаго?
Акультуратә центр шәаҭаа ҽнак зны, арахь иааиуа шәнарылаԥш, шәрацәажәа аԥсышәала. Убарҭ зегь мап рыцәктәуп шәҳәар шәҭахума, иаҳҭахӡам, ҳара иаҳтәӡам ҳәа ҳарҟәаҵуама? Мап, урҭ аԥсыуаап, Аԥсны инхо аԥсуаа иреиҵымкәа иаԥсыуаауп. Урҭгьы азин рымоуп рҭоурыхтә ԥсадгьыл иахәҭакны аҟазаара, ус анакәха аԥсуа ҳәынҭқарра даргьы ахьчалароуп, ус еиԥш азин рымазароуп.
Ахәыҷқәа Аԥсныҟа игалатәуп, аԥхынтәи ахәыҷтәы лагерқәа еиҿкаалатәуп, Аԥснытәи рықәлацәеи дареи еибарбалатәуп, еибадырроуп ибзианы. Рхатәы бызшәа дырҵалатәуп, Аԥсны аҭоурых рзеиҭаҳәалатәуп, Арӡынба дазусҭоу рдыруазароуп, Дал-Ҵабал ахьыҟоу уҳәа. Абри зегьы аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп.
– Аҭанур, маҷк шәара шәхы ҳзеиҭашәҳәарц сшәыҳәоит. Аиашазы, Аԥсуафед аиҳабы изкны иаҳдыруа даара имаҷуп.
– Сара с-Аҟәысбоуп. Сиит, исызҳаит Сҭамԥыл ҩышә километр иацәыхароу ақалақь Дузџьа азааигәара. Аԥсуа қыҭа Дарера ҳәа иҟоуп, убратәуп сара. Уажәшьҭа ҩажәижәаба шықәса инареиҳауп Сҭамԥыл сынхоижьҭеи, араҟа аргыларатә бизнес снапы алакуп. Сҭаацәароуп, хҩык ахшара срабуп. Ҩыџьа аишьцәа сымоуп, рыуаӡәы сара сеиԥш Сҭамԥыл дынхоит. Саб ақыҭаҿ дыҟоуп. Жәашықәса инарзынаԥшуа Сҭымԥыл иҟоу Аԥсуа культуратә центр аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс сыҟан, нас Аԥсуафед алахәцәа сара еиҳабыс салырхит. Ари даара акрызҵазкуа, аҭакԥхықәра дугьы зцу усуроуп, абар шьҭа шықәсыбжак ҵуеит иара саҿуижьҭеи. Даҽа шықәсык ари амаҵураҿы сыҟоуп, нас ҳаиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ишаҳәо еиԥш, Аԥсуафед аиҳаб ҿыц иалхрақәа мҩаԥысуеит.
– Аԥсышәала ицқьаны шәцәажәоит, уи шәани шәаби роума изыбзоуроу?
– Схәыҷра шықәсқәа раан аԥсышәала мацара акәын ҳашцәажәоз. Аԥсуа бызшәа схатәы бызшәаҵәҟьан зегь рыла. Сара ибзианы дысгәалашәоит сабду иаҳәшьа, лара дхәыҷын, рҭаацәа Аԥсны ианықәҵуаз. Еснагь дацклаԥшуан ҳбызшәа ацқьара, аҩны аԥсышәала мацара ҳаицәажәалар акәын. Ҳахьынхоз ԥсыуа қыҭан азы, ҳакәша-мыкәша инхоз зегь аԥсацәан. Атәым милаҭ иҳаланхоз ҩба-хԥа ҭӡы ыҟан, дара убарҭгьы аԥсшәа рҵеит, ҳара хыԥхьаӡарала акырӡа ҳрацәаҩын азы мацара. Убас аԥсуа қыҭақәа ирылҵыз сықәлацәа ицәгьамкәа абызшәа рҳәоит.
Аҭырқәшәа ашкол аҿоуп аҵара сахьалагаз. Аха схатәы бызшәа схамшҭӡеит, еиқәсырхеит. 80-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа алфавит сылаԥш ақәшәан, схала аԥхьашьа сҵеит. Нас исзыԥшаауаз аԥсуа шәҟәқәа срыԥхьо салагеит, убри ауп исыцхрааз абызшәа ахамшҭраҿы. Аԥсышәала аԥхьашьа ззымдыруа сықәлацәа ақалақьаҿ абызшәа рхашҭуа иалагеит. Урҭ реиҳараҩык аԥсшәа ираҳауа еилыркаауеит, аха ацәажәара рцәыуадаҩуп. Сара сзыԥхьоз алитература сыхәеит.
– Аԥсныҟа раԥхьатәи шәаара шыҟаз шәгәалашәома?
– Ааи, ҳәарада. Санаа, иаразнак иснырит аҩны сшыҟоу. Ҳабдуцәа рыԥсы ахьынӡаҭаз иазгәышьуан Аԥсны зеиԥшрахаз абара. Зегьы иреиҳаз ргәахәтәы иахьымӡакәа рыдунеи рыԥсахгәышьон. Ҳара инаҳагӡеит урҭ ргәахәтәы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.