Ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩшәҟәы роураҿы ацхыраара рыҭара шхымԥадатәиу, иара убас Аԥсныи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ишиашоу иҟоу амшынтә еимадара аартреи, аинформациатә политика аиҿкаареи дырзааҭгылеит Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа, АААК акорреспондент ииҭаз аинтервиу аҟны.
Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭа Арӡынԥҳа
- Вадим Никәала-иԥа, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакс шәыҟоижьҭеи шықәсыбжак ҵуеит. Ари амаҵура шәаҭаразы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аусԥҟа инапы аҵаиҩит ҳазҭысыз ашықәс ԥхынгәымзазы, аха аусурахь аиасра иаразнак изалмыршахеит…
- Ааи, ус оуп. Аиҵахарақәагьы зыхҟьаз Ҭырқәтәыла иҟоу ақырҭуа дипломатцәа иҟарҵоз аԥынгылақәа роуп. Аха урҭқәа зегьы ҳрышьцылахьеит ҳара. Урҭ ҳариааины, ҳазҭоу ашықәс алагамҭазы схаҭыԥуаҩ Џьансыхә Лазбеи сареи ҳааит Ҭырқәтәылаҟа, аусурагьы еиҭахацҳаркит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи зыбзороу – Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи, Иреиҳаӡоу амилаҭтә Еизара – Ҭырқәтәыла Апарламент адепутат, милаҭла иԥсыуоу, Енгини Таскәач-иԥа (Папбеи) роуп.
Хыԥхьаӡара рацәала Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ирылшоз зегь ҟарҵеит,Аԥснытәи ахаҭарнакра аус ауразы иаҭаху аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, ҭырқәтәылатәи аиҳабыра урҭ ирзыӡырҩыр акәхеит. Иахьазы, Ахаҭарнакра иахәҭоу зегьы ҟанаҵоит адиаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара аус аҿы.
- Шәаннеи нахыс раԥхьаӡа иргыланы шәнапы зшәыркыз иарбан усхкқәоу?
- Атехникатә зҵаарақәа аныӡбаха ашьҭахь, ҳара имҩаԥаҳгеит Аԥсуафед аиҳабыреи, аҭыԥантәи Абыргцәа рхеилаки (итрадициатәу аусбарҭатә институт, еиҳа пату зқәу аиланхарҭа ахаҭарнакҵәа рыла ишьақәгылоу - аред.), ҳаҭыр ду зқәу адиаспора ахаҭарнакцәеи рԥыларақәа. Уи ашьҭахь ҳара ҳарҭааит ақалақьқәа, аԥсуа-абаза диаспора дара-дара еиҳа еизааигәаӡаны иахьынхо, хаҭала иуҳәозар, ҳаҭааит ақалақь Мерсин (Ҭырқәтәыла аладамрагыларатәи агаҿы иҟоу), Самсун, убас егьырҭгьы. Ахаҭарнакра аусура ахырхарҭақәа ируакуп – араҟа аҵара зҵо аԥснынтәи астудентцәа рхылаԥшра. Убри аҟнытә, раԥхьаӡа иргыланы имҩаԥаҳгеит урҭ рԥыларагьы.
Ҳәарада, сара акыр исыхәоит адиаспора аус рыцураҿы исымоу аԥышәа. Акыршықәса ари азҵаара садҳәалоуп, еилыккаа избоит адиаспора закәугьы, ҭахрақәас иамоугьы. Убасгьы акыр исыцхрааит изныкымкәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа сахьырҭаахьаз. Убри аҟнытә аусура аҽалагалара аетап аамҭа рацәа амгаӡеит.
Абар, иацжәацы ҳаҟан ақьалақь Бурса, уажәтәи амшқәа рзы уа имҩаԥысуеит Ҭырқәтәылеи, даҽа 22-тәылеи рҟынтә ажурналистцәа реизара. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа сыҳәеит аизара аартраҟны сықәгыларц. Сара сажәахә Аԥсныи, аԥсуа диаспореи ирызыскит, иара убасгьы сазааҭгылеит иахьатәи Ҭырқәтәыла ашьақәгылареи, аҿиареи рҿы аԥсуаа инарыгӡаз ароль.
Абраҟа иацысҵар сҭахуп Ҭырқәтәыла есышықәса Аԥсны аганахь ирымоу аинтерес ишазҳауа. Насгьы, Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәыла ахаҭарнакреи ҳареи активла аус еицаҳуеит. Имҩаԥгоуп Стамԥыл иҟоу Урыстәыла Аконсул Хадеи сареи ҳаиԥылара, уи агәра ҳиргеит ҳусураҿы иара иганахьала иарбанызаалак адгылара шыҟаиҵало ала.
- Иахьазы Ахаҭарнакра аҿаԥхьа иқәгылоу зегь реиҳа ихадароу усмҩаԥгатәқәас иалышәкаауеи?
- Раԥхьаӡа иргыланы, ҳәарада, уи – адиаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟы роура, убасгьы ишиашоу мшынла Аҟәа амадара аиҿкаареи роуп. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы, даараӡа иуадаҩыз аекономикатә ҭагылазаашьа аныҟаз, аблокада амацәаз ҳанҭакыз, Аԥсныи Ҭырқәтәылеи аӷба рыбжьан. Уи ҳәарада, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибзоурала иҳамаз қәҿиаран.
Иахьазы, ареспублика адунеижәларбжьаратәи аимадараҿы еиҳа алшарақәа анаиу, амшынтә еимадара ыҟаӡам. Уи азы иӷәӷәоу аԥынгылақәа ыҟазар рыхәҭаӡам. Сара сгәы излаанаго ала, зҵаарас иҟоу – аус адулареи, иахәҭоу амч адҵареи оуп, ари ахықәкы анагӡаразы. Убри ахырхарҭала аусура ҳгәы иагьҭоуп ҳара.
Иахьа Аԥсныҟа ааразы лшарас иҟоу акоуп – ҳаирпланла Шәачанӡа, уантә арахь. Авиабилеҭқәа игәоуҭаратә рыхәқәа ирыцлеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, аха ус шакәугьы, афинанстә зҵаара мацара акәӡам ипроблеманы иқәгылоу. Ҭырқәтәыла атәылауаа Урыстәыла иаҭаарц азы ихымԥадатәны авиза роуроуп. Аԥсныҟа ааразы иаҭаху акырантә аус зуа атранзиттә виза аиуразы, дара ирҭахуп адокумент, Аԥсны Аҳәынҭқарра ишаҭаауа зырҵабыргуа.
Ара зыӡбахә ҳҳәо Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭааразы азин ауп (аԥсуа виза), мамзаргьы уаанӡатәи аҩныҵҟатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы. Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл раԥхьатәи раҭаара иалагӡаны атәылауаҩшәҟәы аиура зегьы ирылшом. Ҿыц аҭаара акәзар, хыхь зыӡбахә ҳәоу ауадаҩрақәа ирыдҳәалоуп. Убри азын, атәылауаҩшәҟы аиуразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара – анаҩстәи ихадоу дҵаны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп. Ҳауаажәлар зегьы аӡәыцыԥхьаӡа ҳарзықәԥалозароуп.
Сара ажәлагала ҟасҵоит, ҳџьынџьуаа рдокументқәа Ҭырқәтәыла иахьрыдыркылаша аҟәша аартразы, анаҩс урҭ Аԥсныҟа рышьҭразы. Убри ала, атәылауаҩшәҟәы аиура апроцесс хацыркхоит, ҳара ҳахь иааиз аџьынџьуаҩ Аԥсны данаҭаалак, алшара изцәырҵуеит атәылауаҩшәҟәы ирласны аиуразы. Ари аҩыза аус иаҿагыло ҳәа акгьы ыҟам, аха ари ҳдиаспора рзааигәаразы акрызҵазкуа шьаҿахоит.
Ҳара ҳхазы ҳамацара иаҳаӡбароуп иарбан политикатә знеишьоу ари аус аҿы иаарԥштәу, еилаҳкааруоп Аԥсны аҿиараҿы адунеи иалаԥсоу аԥсуа диаспора инанагӡо ароль акырӡа шаҵанкуа.
- Иаҭахузеи арҭ азҵаарақәа рыӡбаразы?
- Зегь раԥхьаӡа иргыланы, еилаҳкаароуп уи ҳара ҳхаҭа иаҳҭаху ак шакәу. Аилкаара – убри оуп ихадароу. Анаҩс ицоит афинанстә зҵаарақәеи, еиҳа ианаало амҩақәа рыԥшаара ауси.
Уи адагьы, ҳара ҳгәы иҭоуп ҳрыцхрааларц Ҭырқәтәыла иҟоу акультуратә центрқәа. Убарҭ рылоуп иахьазы аратәи ҳауаажәлар аԥсуа кульутреи, Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаареи рхы злаладырхәуа, аброуп дара аԥсуа бызшәагьы ахьырҵо. Арепатриацазы аминистрра ацентрқәа рышҟа иаанашьҭуеит арҵаҩцәа, урҭ руалафахәы ашәоит, ари аҩыза аус рҿиалатәуп, еиҳа ирацәаҩны ауаа адгалатәуп.
Ҳазегьы еицаҳзеиԥшу хықәкны иҟоуп Аԥсныи адиаспореи рыбжьара ацҳақәа рыхҵара, аимадара аиқәыршәара, аҳәаанырцәтәи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны имҩаԥысуа ауажәларратә процессқәа ралархәра.
Аԥсуаа рҿы иаԥуп аижәлантәқәа реизара, иҟоуп жәлақәак, ари аҩыза аныҳәатә еиԥыларақәа еимданы имҩаԥызго, аԥхьа – Аԥсны, анаҩс – Ҭырқәтәыла.
Ахореографиатә гәыԥқәа Аԥсныҟа иаауа иалагеит, уснагӡатәыс иҟоуп аԥхынтәи ахәыҷтәы лагерқәа Аԥсны рымҩаԥгара, ари зегьы аконтактқәа реиқәыршәара иацхраауеит, зыда псыхәа ыҟам усқәоуп.
Сара исҭахуп, Аԥсны ауаажәларра еиҳа гәаартыла ирзыҟазарц адиаспора рхаҭарнакцәеи, арепатриантцәеи. Уаанӡа имҩаԥаҳгалон арепатриантцәа ирызкны аныҳәақәа. Иахьазы, Аԥсны инхо ауааԥсыра агәазыҳәара ду рымоуп узҳәаӡом рыжәла иатәу рџьынџьуаа рабадырреи рԥылареи рзы. Ас мацара ҳцалар, ари џаргьы укылзымго мҩоуп. Сара аказы аӡәы гәыбӷан исҭап ҳәа саҿӡам, исҳәар исҭаху, аидеологиа ҳамаӡам ҳәа оуп. Ари аганахьала аусура аҭахуп. Сара сгәаҭарақәа рыла исҳәар ҟалоит, аԥсуа культуреи Аԥсуареи реиқәырхара ҳалшоит адиаспора ҳацырхырааны мацарала ҳәа.
- Уаҳа иалкааны шьаҿақәас иҟаҵатәузеи зыӡбахә шәҳәаз ацҳақәа рыргыларазы?
- Еиқәыршәатәуп аинформациатә политика. Иахьазы Ҭырқәтәыла аус руеит жәаба рҟынӡа ақырҭуа телехәаԥшрақәа, уи аамҭазы аҭыԥантәи аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку аинформациа роура, ԥсышәалоума, ҭырқәшәалоума – даара иуадаҩуп. Насгьы, ара Аԥсны ирдыруазароуп адиаспора ахьынхо атәылақәа рҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы.
Сара агәра згеит ишаҭаху Ҭырқәтәыла акорреспонденттә пункт аартра, аҭыԥантәи аԥсуааи абазақәеи рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа ахҭысқәа, ҳџьынџьуаа рыԥсҭазаашьеи, рыбзазареи ртәы еиҭазҳәо.
Иацысҵар сҭахуп, араҟа гәахәара дула ирыдыркылеит Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аминистрра аҩаӡарахь аиагара. Избанзар ари ианыԥшуеит шаҟа иҳаракхаз арепатриациа апроцесс, адиаспора иамоу аҵакы. Ҳгәыӷуеит, аригьы акрызҵазкуа шьаҿоуп ҳәа еиуеԥшым атәылақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа рыӡбараҿы.
Итабуп Вадим Николаевич , нам есть на кого ровняться 👍. Ваше понимание остроты и путей решения вопросов диаспоры и народа Абаза , очень важны для нас .
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.