АААК еиҿнакааз аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи иазку алекциақәа рцикл аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит аԥсуаа рҭацаагаратә ритуал иазку алекциа аԥхьара. 

Аԥсуа рҭацаагаратә ритуал иалахәу «рыԥсреи» «реиҭеиреи» иалацәажәеит АААК еиҿнакааз аетнографиатә лекциақәа рцикл аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Алекциа даԥхьаеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу, еицырдыруа аԥсуа етнолог Марина Барцыц. Уи лықәгылара алагамҭаз иазгәалҭеит, итрадициатәу аԥсуаа рҭацаагаратә ритуал – аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩк ахысра аҳасабала ишымҩаԥысуаз. 

«Аиасратә» ритуалқәа зегьы рҟнеипш (ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы хадара зуа аетапқәа зегьы рзы ирҳәоит – аира, аҭаацәара алалара, аԥсра – аред.) абри аиасрагьы алыршахарц азы уаанӡатәи аҟазаара «нҵәар» акәын. Аритуал иалоу аперсонаж хадацәа еиҳарак апассивтә функциоуп инарыгӡо. Егьырҭ аиасратә ритуалқәа рҿеиԥш  (аиреи аԥсреи ирыдҳәалоу) дара акгьы ҟарҵаӡом, иқәацаӡом», – лҳәоит аетнолог.

Амаҳәи аҭацеи аамҭак азы ауаажәлар ирылҵуан, урҭ рфункциақәа рыхәҭак аҩызцәа инарыгӡон. Ҿыц еибаго аамҭала асоциум рҽаҟәырҭхо иалагоит аҭаца данырҳәалак нахыс, уи дара рхаҭақәа алахәымзаргьы ҟалон.

«Ирҳәаз аӡӷаб лыԥсҭазаара ахьылхылгоз аҭыԥ даара иҭшәахон, – ҳәа лажәбжь иацылҵон Марина Барцыц, – аҭыԥҳа аҩ-дунеик дрыцәтәымкәа даанхон, лара уаанӡатәи лыбзазарагьы далхәдаахон, ҿыц днанагараны дахьыоу аҩнрагьы макьана датәӡамызт». 

Убри аҟнытә аҭаца  аԥсҭазаара ҿыц ахь «лиасра» ацикл аҿы иаҳԥылоит инеитралтәу атерриториаҿы аамҭала лыҵәахра, избан акәзар абри аамҭазы лынеиааирақәа зегьы шәарҭан ҳәа иԥхьаӡан. Убри азоуп аҭацаагаратә ритуал аҟны ҷыдала иаԥҵоу аԥықәсыларақәа рахысра зыҟоу: аҭаца данаарго ахысра – «амҩа арыцқьара», аҭацаагарашәа аҳәара уҳәа. 

Марина Барцыц еиҭалҳәеит аҭацаагарашәақәа рҟынгьы амаҳә ицәырымҵреи, аҭаҵа лыԥхашьаԥхаҵареи, уи лыԥсахра шалшози ртәы шаҳәоз. Изалшози лара лыԥсахра?

Изауазгьы уи ауп – дара «аиасра» апроцесс иатәын азы, хьӡы змам ирҩызцәаны иҟан.
Ҿыц еибаго хаҵеи ԥҳәыси «рлымшара» атема ахьааԥшуа аспектқәа рацәоуп аԥсуа чара аушьа ҳахәаԥшуазар. 

«Иаҳҳәап, аҭаца лгылашьа, аҵарауаҩ Альберт Баибурин иажәақәа рыла, лхала аныҟәара лылшом ҳәоуп символтә ҵакыс иамоу. Лара наҟ-ааҟ лыжәҩақәа кны дааргоит, иҷыдоу ақьабзқәа мҩаԥганы аҩны дыҩнаргалоит, акәакь дыгҿадыргылоит. Аҭаца лхымҩаԥгашьа убас иҟоуп, акгьы лбом, илаҳауам, ацәажәарагьы лылшом уҳәартә еиԥш. Лнапқәа еиқәыԥсоуп, лхы ларҟәуп, лыла еиҵыхны аӡәы дихәаԥшуам. Лнапқәеи лхы-лҿи касыла иҵәахуп, аҭацакасы уаанӡа еиқәаҵәан, уи дахьчон ҳәа иԥхьаӡан», – лҳәоит Барцыц.

Аҭаца улҿаԥшырц азы ахаршә ушәар акәын. Ахаҵа иакәзаргьы иҽиҵәахуан, аҭацаагацәа дрыцӡамызт. Ачара аҽны уи иҩызцәа дрыцны хазы џьара дыҟан, дгәырӷьар, ма иара ус ак инирԥшыр ҟалаӡомызт, зегь рыла иҽынкыланы дыҟазар акәын: ацәажәараҿоума, акрыфара-крыжәроума. Дкәашар, дшәаҳәар зынӡагьы иҟалаӡомызт. Аҭацаагаратә ритуал алахәцәа рыҩны иҟоуп ҳәа иԥхьаӡамызт, «абна илоуп» ҳәа иԥхьаӡан.

Аҭацаагаратә цикл хыркәшахон ачарашьҭахьтәи ақьабзқәа рыла: аҭаца лхаҿсахьа аҽеиҭанакыр акәын – лыхцәы аиҿкаашьа рыԥсахуан, леилаҳәашьа даҽакхон, ахьӡ ҿыцгьы лхырҵон. 

«Аҭаца лыԥсҭазааратә ҭыԥ ҿыц аиҵыҵра иалагон амҳараҟынтә аҩн ду ахь лыҩнагалара ала. Аҭаца дырныҳәон аҩнра дахьнанагаз иахылаԥшуаз амчқәа лзыразхарц азы», – ҳәа аԥсуаа рҭацаагаратә традициақәа ртәы еиҭалҳәеит Марина Барцыц.

Арҭ ақьабзқәа рцикл хыркәшахон амаҳә иабхәараа рыҩны иаагарала. Абас ала инҵәон аҭацаагаратә цикл иацу аиасратә қьабзқәа, ҳәа лажәа хлыркәшеит аетнолог.

АААК аетнографиатә лекциақәа мҩаԥысцыԥхьаӡа иазыӡырҩырц иааиуагьы рхыԥхьаӡара еиҳахоит. Уажәтәи алекциагьы еизнагаз ауаа акырӡа ирацәан. 

Кама Смыр дааит АААК Аҳәса рхеилак анапхагҩы Гета Арӡынԥҳа иҟалҵаз ааԥхьарала.

«Сара алекциақәа ишиашоу ицо аефирқәа рыла срыхәаԥшуан (алекциақәа зегьы  АААК Facebook аҿтәи адаҟьаҿы ишиашоу ицо аефир ала ирышьҭуеит – аред.), даарагьы аинтерес сызцәырыргон еснагь, избан акәзар ашәҟәаҿы шамахамзар иуԥымло аинформациа саҳауан. Алшара ансымоу хымԥада сырҭаалоит арҭ алекциақәа», – лҳәеит Кама Смыр.  

Азыӡырҩцәа иреиуаз Инесса Тарԥҳагьы илыԥхьаӡоит ас еиԥш иҟоу алекциақәа аҵак ду рымоуп ҳәа, аҿарацәа адыԥхьалалатәуп, ироулароуп абри аҩыза адырра ҵаулақәа ҳәа азгәалҭеит.

«Издыруазгьы маҷӡамызт, ҳкультура сазҿлымҳауп аҟынтә, аха ус шакәугьы, схазы иалыскааз, иҿыцны исаҳаз рацәоуп», – лҳәеит лара.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҟны анемец бызшәеи акогнитивтә лингвистикеи рырҵаҩыс аус зуа Циала Чычԥҳа лгәаанагарала, ас еиԥш иҟоу алекциақәа иҵегь рымҽхак ырҭбааны имҩаԥгазар ахәҭоуп. 

«Аҭаца уаанӡатәи лыԥсҭазааразы «дыԥсны» аҿыц ԥсҭазааразы деиҭагылоит ҳәа Марина иаҳзеиҭалҳәаз алекциа аҵәыуара санаркуан. Ухы ухашҭны уҟазшәа, нас абри анаауаҳа ашәымҭаказ зегь ааугәалашәазшәа уааҟалоит. Уҩнуҵҟала, уабдуцәа урҭ рабдуцәа рҟынтә иаауа агенетикатә гәалашәара дуӡӡа аҿыхара ишаҿу уныруеит», – лҳәеит Чычԥҳа.

Асахьаҭыхҩы Анна Сангәлиаԥҳа лгәы иаланы илҳәеит аиҳабыратә абиԥара иахьатәи ҳаамҭазы ҳкультуреи ҳқьабзқәеи ирызкны аҿар ирырҭо адыррақәа нагӡаӡам ҳәа.

«Ҳара (аиҳабацәа – аред.) иаҳхароуп аҿар ирдыруа маҷзар. Дара адырра иазыхиоуп, иаартуп, ируҭо ргоит. Убри аҟнытә АААК алекциақәа аҵак дуӡӡа рымоуп. Иҳаилдыркаауеит атрадициақәа шҳамоу, ҳажәлар аҭоурых ду шрымоу, ҳкультура шбеиоу», – лҳәеит лара. 
Аетнографиатә лекциақәа рцикл иалагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп иҵегь аиԥыларақәа рацәаны, урҭ ирҭаар рылшоит изҭаху зегьы. Иааиуа алекциа иазку аинформациа шәазҿлымҳаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс асоциалтә ҳақәа рҿтәи адаҟьақәа рҟны.