Аԥсны дшьақәыргылоуп акоронавирустә ҿкы COVID-19 зыхьыз раԥхьатәи ачымазаҩ, иара д-Гагратәуп.

Аԥсны ишьақәыргылоуп раԥхьатәи акоронавирус ахьра ахҭыс ҳәа адырра ҟалҵеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Аҳақьым иазгәалҭеит аҿкы здырбалаз ачымазаҩ Гагра дшынхо. Уажәазы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы дышьҭоуп, ари ахәышәтәырҭа заанаҵы акоронавирус зкуа ачымазцәа рышьҭаҵаразы еиқәыршәан.

«Ачымазаҩ ахәышәтәырҭаҿы дышьҭаҵоуп, дыԥхьакуп. Уажәтәи аамҭазы иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Ачымазаҩ маҵураныҟәара дахьыҟаз Москвантәи дааит», – ҳәа адырра ҟалҵеит Скорик.

Лара иазгәалҭеит убасгьы Аҳәынҭқарратә санитартә-эпидемиологиатә маҵзура аҭҵаарақәа ишырҿу, ачымазаҩ Аԥсныҟа дааижьҭеи дызмадазар алшоз ауаа реилкааразы.

«Ари ахҭыс ҳаззыԥшымыз акы акәмызт, ҳаԥхьаҟа хыԥхьаӡара рацәала аҿкы алаҵәара шаҳаҭс ҳаиур ҟалоит, избан акәзар ҳтәылауаа аӡәырҩы хырҩа арҭон Аминистрцәа реилазаара адокументқәеи, Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо иусдҵақәеи, Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра адҵақәеи рҿы иарбаз аԥҟарақәа. Аҩны шәыҟаз ҳәа зегьы рзы иҟаҵаз адҵа еиларгон, иқәныҟәомызт, еиҳаракгьы акоронавирус ахьаарԥшу аҳәаанырцәынтә иааз рзы ихадараз», – лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада лааԥхьараҿы.

Скорик лажәақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иахәҭоу зегь ҟанаҵоит аҿкы алаҵәара аанкыларазы: агәҩара ззыҟоу ачымазцәа зегьы ргәаҭарақәа мҩаԥнагоит ианаамҭоу ацхыраара роурц азы, авирус иҵегь ипланы ауаа ирыламларц азы иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иаҿуп, ауаажәларра адырра рыҭара еиԥҟьам.

Аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

«Абас алҵшәа шыҟалоз (ачымазаҩ COVID-19 шимоу шышьақәыӷәӷәахоз – аред.) ҳазыԥшын», – иҳәеит аминистр, иагьациҵеит иахьанӡа аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысны ауааԥсыра активла атәыла ишалалоз еиуеиԥшым Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи иаауаз, Москвагьы уахь иналаҵаны – уаҟа ачымазара ҿкы здырбало рыхԥхьаӡара ацлара иаҿуп.

«Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьан аԥҟарақәа иҵегь ирџьбаратәуп ҳәа: аҩны адәылымҵра, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рахь амнеира, удәылҵуазаргьы, аԥҭекаҿы хәшәык ааухәарц, ма адәқьан аҿы фатәык ааухәарц анеиразы мацара, иара убас ачымзара асимптомқәа ухы иадубалозар – ахәышәтәырҭахь анеиразы. Ахыԥхьакра арежим ақәныҟәара даара акраҵанакуеит, избанзар аекспертцәа иахьазы иҟарҵо азԥхьагәаҭарақәа зегь рыла, ачымазара ҿкы зыхьуа рхыԥхьаӡара иацлалоит мшаԥымза аанҵәаанӡа», – иҳәеит Ҵахнакьиа.

Мшаԥымза 7 амш актәи азбжазы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит Ԥсоу аӡиас иаԥну Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа аркразы Адҵа мшаԥымза 8, асааҭ 00:00 инаркны мшаԥымза 20 рҟынӡа атәылауаа ркатегориақәа зегь рзы.