Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш иазку аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи афотосахьаҭыхыҩцәеи рцәыргақәҵа аатит Аҟәа.

Саид Барганџьиа

Еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәеи афотосахьаҭыхыҩцәеи Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха иазку рсахьақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны. Аекспозициа аартра адҳәалоуп мшаԥымза 18 рзы адунеи аҿы иазгәарҭо Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш.

Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра, Аԥсны аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа алархәны.

Ацәыргақәҵатә зал хада рҩычеит еиуеиԥшым асахьа блахкыгақәа: Бедиатәи, Пицундатәи, Мықәтәи аныхабаақәеи, аҳ Баграт ибааи, Аԥснытәи адольменқәеи, Баслатәи ацҳаи, Драндатәи ауахәамеи уҳәа убас ирацәаны аҭоурыхтә-культуратә обиектқәа рсахьақәа. Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа азҿлымҳара ду аадырԥшуан иара убас ажәытәан аԥсуаа рыбзазараҿы рхы иадырхәоз амаҭәарқәа рсахьақәа рахьгьы.

Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит, ацәыргақәҵа хықәкыс ишамоу Аԥсны абаҟақәа реиуеиԥшымзаареи, рбеиареи арбароуп ҳәа. Лара лажәақәа рыла, ари аекспозициа аҵак ҷыда амоуп, избанзар ихадоу аекспонатқәа – аԥсуа дгьыл иабахьоу реиҳа акрызҵазкуа аргыларақәа рсахьақәа роуп.

«Акультуратә баҟақәа еснагь ирыдрыԥхьалоит аҳәаанырцәтәи аныҟәаҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа рацәаҩны. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп архивтә документқәа рҟынтә афотосахьақәа. Арахь имҩахыҵуа ауаҩы иҿыцу ак имбаргьы ҟалоит, арҭ абаҟақәеи артефактқәеи зегьы ибзиаӡаны ирдыруа роуп, аха ацәыргақәҵа ҵакыс иамоу – уааҭгыланы, ҽазныкгьы рызхәыцроуп. Урҭ рыхьчаразы доусы иҳалшо зегь ҟаҳҵарц азы», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Ацәыргақәҵа аартра зыдҳәалоу арыцхә – Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш дахцәажәауа, Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа иазгәеиҭеит сынтәа ари амш шареицакыз Парижтәи ауахәамаҿы иҟалаз абылра.

«Ари атрагедиа даара сгәы ианырит. Абас аныҟала ашьҭахь, аныҳәатә гәалаҟара уманы ак аҳәара уадаҩуп. ООН иалоу атәылақәа зегьы ҳхьыԥшымра шазхарымҵацгьы (Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит ООН иалоу абарҭ атәылақәа: Урыстәыла, Венесуела, Никарагуа, Науру, Шьамтәыла, Тувалу, Вануату. – аред.), ҳара ҳцәыргақәҵагьы ари амш аҵакы хада иадгылоит – «ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл ҳахьчап». Акультуратә ҭынха аобиектқәа ԥхасҭазтәуа абас еиԥш раҳҳәоит. Урҭ ыҟагәышьоуп. Аха ҳара иаҳуалуп ҳкультуратә ҭынха аиқәырхара, ҳашьҭахь иааиуа абиԥарақәа рзы», – ҳәа азгәеиҭеит Сақаниа.

Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи жәларбжьаратәи рымш, мамзаргьы Адунеитә ҭынха амш шьақәырӷәӷәан 1982 шықәсазы, ИУНЕСКО аҟны иаԥҵоу Абаҟақәеи аҭыԥ ԥшӡарақәеи рыхьчара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи ахеилак Ассамблеиа (ICOMOS) ала.

Аныҳәа азгәарҭоит 1984 шықәса инаркны, хықәкысгьы иамоуп адунеитә культуратә ҭынха ахьчарахь, аиқәырхарахь ауаажәларра рхьарԥшра. Иара убасгьы алшара ҟанаҵоит адунеитә ҭынха абеиареи, уи ахьчаразы иҟаҵоуи иазкны аинформациа аиуразы.

Аофициалтә дыррақәа инарықәыршәаны, Аԥсны иҟоуп 1500 инареиҳаны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адунеи зегь азы аҵакы змоу акультуратә баҟақәагьы. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, хаҭалагьы ҳтәыла акәша-мыкәша иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа амшала, арҭ аобиектқәа макьана адунеизегьтәи акультуратә ҭынха зегь еидызкыло ИУНЕСКО жәларбжьаратәи асиа иҭагалаӡам.