Аԥсны аҽаланархәит Италиа имҩаԥысуа зхыԥша дуу Жәларбжьаратәи апырпыл афестиваль, ҳтәыла астенд аҿы ицәырган итрадициатәу аԥсуа џьыка.
Саид Барганџьиа
Аԥсуа џьыка цәыргақәҵан есышықәстәи Жәларбжьаратәи апырпыл афестиваль аҟны, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа излаиҳәаз ала, аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан италиатәи ақалақь Диаманте. Ари зхыԥша дуу афестиваль аҟны Аԥсны алахәхара алшахет Италиеи Евроеидгылеи рыҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә хаҭарнакреи, «Европа-Аԥсны» захьӡу Ассоциациеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәеи раԥшьгарала.
«Ас еиԥш иҟоу афестивальқәа рылахәхара даараӡа акраҵанакуеит, - иҳәоит АААК ИА анантәаҩы аппарат анапхгаҩы. – Аԥсны ахьыԥшымра атәылақәа зегьы иашазхарымҵац азгәаҭаны, ари еиԥш иҟоу аформатқәа ҳҭахуп, Аԥсны ахьӡ, аӡбахә ауаа рацәа рҟынӡа анагаразы».
Ари алшара Ҭаниа дахәаԥшуеит ибзиоу перспективак аҳасабла: афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи 27 шықәса ҵуеит, есышықәса уи иаҭаауеит 150 000-ҩык иреиҵымкәа ауааԥсыра.
«Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакра ианакәзаалак иашьҭоуп, иагьырԥшаауеит Аԥсны аӡыргаразы еиуеиԥшым амҩақәа. Уажәшьҭа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессгьы аԥсуа уаажәларратә дипломатиа аҽаналанархә, ҳқультуреи, ҳҵасқәеи, ҳҭоурыхи рӡыргараҿы иҿыцу алшарақәа аатуеит», - ҳәа инацҵаны иазгәеиҭеит Кан Ҭаниа.
Иара иажәақәа рыла, АААК ахаҭарнакцәа ари аус аҿы изызкыз – афестиваль аҟны ицәыргақәҵахо аалыҵ аԥшаареи, иара убасгьы астенд аусура ахылаԥшра аҭареи ракәын. Кан Ҭаниа ихаҿрала иаарԥшыз Аконгресс ауп аԥсуа стенд еиҿызкаазгьы, ицәыргақәҵаз аалыҵ акәзар – уи ҟарҵеит анаплакыҩцәа Асҭамыр Кәартааи, Гәында Хьиуитт-Кәартааи.
«Астенд ауаа рацәа аҭааит, урҭ даараӡа аџьыка ргәаԥхоит. Уи адагьы, иацы ахәылбыҽха Диаманте ихадоу ашҭаҟны имҩаԥысит аԥсуа џьыка агьамабара. Аҭыԥантәи ашеф-поварцәа аԥсуа џьыка агьама ахә ҳаракны иршьеит», - ҳәа еиҭеиҳәоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Диаманте имҩаԥысуа ари афестиваль адагьы Италиа аиԥш зеиԥшу афестивальқәа шырацәоу, аха зыӡбхә ҳамоу афестиваль зегь реиҳа амҽхак ҭбаауп, насгьы жәларбжьаратәи аҩаӡара амоуп.
Есышықәса афестиваль зхы алазырхәуа атәылақәа рхыԥхьаӡара иацлоит: еиҳарак ицоу афатә ахьпопулиартәу Евроеидгыла атәылақәа роуп, насгьы Латинатәи Америка, Азиатәи атәылақәа, сынтәа раԥхьаӡа акәны иалахәын – Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Китаи, Ливиеи.
Апырпыл иазку Жәларбжьаратәи афестиваль анхыркәшахалак, уи алахәцәа зегьы ирыҭахоит агәаларшәагатә ҳамҭақәа. Афестиваль мҩаԥысуеит цәыббра 15 рҟынӡа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.