Аԥсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Шамба диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Амилаҭтә-зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеиеиҿкаареи» мҩаԥган Аҟәа, жьҭаара 2 азы.
Аконференциа «Амилаҭтә-зинтә системақәеи ҳаамҭазтәи адунеиеиҿкаареи» мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресси, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресси, Москватәи аԥсуа диаспореи алахәны.
АААК анапхгаҩы Мусса Егзакьи Аконгресс аколлективи Аԥсуа-абаза конгресс ахыҵхырҭаҿы игылаз Тарас Мирон-иԥа ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, Аҟәа ихьӡ зху абаҳчаҿы.
Аконференциа аадыртит аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәии усзуҩ, асоциалогиатә ҭҵаарадыррақәа кандидат Беслан Кобахьиеи РАНХИГС аҳәынҭқарратә маҵзуреи анапхгараҭареи ринститут аҳәынҭқаррамҩаԥгара акафедра апрофессор, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Наталиа Мамитовеи.
Еизаз идырбан Тарас Шамба иԥсҭазаареи иуаажәларратә усуреи ртәы еиҭазҳәо авидеосиужет.
Тарас Шамба дыргәаладыршәеит иҩызцәаз, аус ицызуаз ма ҵаҩцәас имаз. АААК ахантәаҩы Мусса Егзакь далацәажәеит русеицура атәы, дазааҭыглеит иара убасгьы иҩыза, ицнагаҩ ихаҭара, иҟазшьа аҷыдақәа.
«Тарас Мирон-иԥа иӡбахә егьа иаҳҳәаргьы иныҭкааны, инагӡаны ҳзалацәажәаӡом, иҳәаадаз имчхара, иҳалаирҵәоз илашара ртәы ҳазҳәаӡом. Тарас Мирон-иԥа ауаҩытәыҩса иахь, иԥсадгьыл ахь имаз абзиабара нҵәара ақәмызт. Ааԥсарак ҟамҵо, акыр шықәсқәа хра злаз, акрызҵазкуаз иус даҿын. Иҿырԥшы, иԥышәа, иидеиақәа арҭ зегьы ԥхьаҟатәи хырхарҭарацәа шьаҿақәаны иҟоуп, ақәҿиара иамҩоуп. Ҳара ԥхьаҟагьы иацаҳҵалоит Тарас Мирон-иԥа иус» ҳәа иҳәеит Егзакь.
ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа Тарас Шамбеи иареи Аконституциа апроект аус адулараан русеицура атәы далацәажәеит иара убасгьы еиҭеиҳәеит Тарас Шамба данқәыԥшӡаз аԥсуа студентцәа реидкылара аидеиа дхыхны дшамаз.
«Тараси сареи 1963 шықәсазы Москва аҵара ҳаицалгеит. Усҟан иара далагахьан Москва аҵара зҵоз Аԥснытәи аҿар реидкылара аус. Убасҟан ауп ианышьаҭаркхаз иахьагьы аԥсуа диаспора имырӡкәа иаарго атрадициа шьахә» ҳәа иҳәеит иара.
Гәарамиа иара убасгьы игәалаиршәеит Тарас Шамба Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа иҟалара.
«Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҳаҭыр зқәу апрофессор иаттестат аниаҳҭоз сааигәыдкылан иҳәеит: «Исанашьоу ахьӡқәа зегь раасҭа абри еиҳауп» ҳәа. Уи аҭакс иасҳәеит: «Иҭабуп, ари акраҵанакуеит» ҳәа» - игәалаиршәеит Гәарамиа.
Аконференциа аиҿкааҩцәа ирҳәеит «Шамба иаԥхьарақәа» итрадициатәу, есышықәсатәи уснагӡатәны аҟаҵара шрыгәҭаку.
Урыстәылатәи аполитикатә, аҳәынҭқарратә усзуҩ Сергеи Бабурин агәаҳәара ааирԥшит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа рҟны ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыпроблемақәа ирылацәажәаларц.
«Агәра згоит «Шамба иаԥхьарақәа» — аихьӡара змоу уаҵәтәи ауаажәларра разыԥхьагәаҭараз Жәларбжьаратә центрны ишыҟало» ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аконференциаҿ иқәгылеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Константин Затулин, Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахантәаҩы аб Виссарион (Аплиаа), Германиа иҟоу Аԥсны АдәАР азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа, Урыстәыла иҟоу Приднестровиа-Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра ахада Леонид Монаков, ашәҟәыҩҩы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Еҭлыхә, ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Екатерина Бебиаԥҳа. Иара убасгьы ажәахәқәа ҟарҵеит: ИГСУ аҳәынҭқарратә маҵзуреи аперсонал рнапхгареи рфакультет адекан, азинтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Елена Киреева, РАНХИГС ИГСУ аексперименталтә ҵарадырратә программақәа Рцентр аусзуҩ Лиудмила Ворожеикина.
Иқәгылоз зегьы еицҿакны ирҳәон Тарас Мирон-иԥа Аԥсни, аҭҵаарадырреи, инапы злакыз ауси лашарбаган ишизыҟаз.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.