Раҧхьаӡа акәны, Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазкыз ареспубликатә жәларбжьаратәи аицлабра.

«Аимҵакьачара» ҳәа иашьҭоуп ҳаамҭазтәи регби еиҧшу ампыл асратә хәмарра. Аицлабра аҧҟарақәа инарықәыршәаны, агәыҧқәа ркапитанцәа амҿтәы лабала иасны, мыцхәы идуум ауапцәампыл ахәмарра иаларҵоит, убри аан, дара ргәыҧ иалоу аспортсменцәа рнапаҿы анагара рҽазыршәоит. Ампыл зырхәмаруа излауала ирласны афиниш ахь дыҩроуп, избанзар егьи агәыҧ ахәмарҩцәа ампыл аимхра иашьҭоуп.

Амилаҭтә спортхкқәа реиҭарҿиареи раларҵәареи – агәарҿыхареи агәабзиара иазеиӷьу аҧсҭазаашьа алыршареи рзы мацара акәым изхәарҭоу, избанзар амилаҭтә доуҳа иахәҭакуп. Амилаҭтә спорхкқәа ацәаҩашәатә дҵақәа нарыгӡоит, аҿар ирыларааӡоит аҧсадгьыл ахь абзиабареи, аҟазшьеи, амч-алшеи.

Цәыббрамза 4-6 рзы, аҳҭнықалақьтә стадион «Динамо» имҩаҧысит амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазкыз жәларбжьаратәи аицлабра. Ари аусмҩаҧгатә иаҧхьанеиуан АААК агәыҧ имҩаҧнагаз, иахьа уажәраанӡагьы изҿу аусура: аматериал аҭҵаара, аҧҟарақәа реизга азырхиара, «Аимҵакьачара» иазкыз адокументалтә фильм аҭыхра. Ахәмарҩцәа разыҟаҵареи амастер-классқәа реиҿкаареи мҩаҧысуан хышықәса ирылагӡаны.Ари апроект иазҿлымҳахеит ҳтәыла анапхгарагьы. Уи анагӡара иадгылеит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки.

«Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа» ирызку апроект анагӡара аетапқәа ируакын рашәарамза 28 инаркны, ҧхынгәымза 11-нӡа Ҭырқәтәыла еиҿкааз амастер-классқәа. Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки АААКи еиҿыркааз аусмҩаҧгатә иалахәын – аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа, аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рметодист, Аҧсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба, иара убасгьы арежиссер Дауҭ Логәуа. Аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо апровинциа Сақариа иаҵанакуа қыҭақәак рҿы, агәыҧ имҩаҧнагеит амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазкыз амастер-классқәа. Урҭ рхыркәшара ашьҭахь, иаҧҵан Аҧсныҟа ицаразы аицлабра аҽазыҟаҵара иалагаз, 15-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыҧ.

Хымш имҩаҧысуаз аспорттә хҭысқәеи, аибадыррақәеи, аизбзиахареи, аицлабратә доуҳаи рыбзоурала ахәмарратә дәы аҩнуҵаҟеи уи анҭыҵи иаҧҵан иҷыдаз атмосфера. Ҳтәыла аҟнытә 8-гәыҧки Ҭырқәылатәи аҧсуа гәыҧи еицлабуан афинал аҿы аҧыжәара агаразы.

Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа имҩаҧгаз аицлабра иазку ицәаныррақәа дрыхцәажәеит:

«Сгәы иаахәоит ахәмарра аҩаӡара ахьызҳаз. Уажәшьҭа ари баша гәырҿыхагам, хазы игоу спортхкуп. Иаҳагьы сгәы иаахәоит арҭ ахҭысқәа сахьрыдҳәалоу. Ахәмарра иалахәыз аҿар зегьы пату еиқәҵаны ихәмаруан. Иубарҭоуп алахәцәа аицлабра иааннакыло аҭыҧ еилкааны ишазнеиз, рцәаҩатә ҭагылазаашьа шеиӷьхаз. Гәыҧқәак разыҟаҵашьа уамашәа иубаратәы иҟоуп. Ацәаныррақәа ажәала рыхцәажәара уадаҩуп», - иҳәеит Берзениа.

Ачемпионат иалахәын ақыҭақәа Кәтол, Аҷандара, Ҧақәашь, Ҷлоу, Дәрыҧшь, ақалақь Афон Ҿыц, Аҟәатәи ашкол №1, Аҟәатәи ашкол №5 рыҟнытә агәыҧқәа, иара убасгьы Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа еиҿыркааз агәыҧ.

Аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша анапхгаҩы Дмитри Жьиба еиҭеиҳәеит аицлабра аҽазыҟаҵара шымҩаҧысуаз:

«Хышықәса ҵуеит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа реиҭашьақәыргыла ҳаҿижьҭеи. Урҭ ахәмаррақәа ираҧхьагылоуп «Аимҵакьачара». Ҳара иҭаҳҵаауан аматериалқәа, еиқәҳаршәеит аҧҟарақәа, иҭҳажьит аметодикатә цхыраагӡа, ҳтәыла ақыҭақәеи ақалақьқәеи ҳрылсны, амастер-классқәа мҩаҧаҳгеит. Иара убасгьы, аҽазыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа рахь иаҵанакуеит Аҟәа еиҿкааз аиҩызаратә еиҧыларақәеи Мгәыӡырхәа иҟоу амилаҭтә парк аҿы имҩасыз ареспубликатә еицлабреи. Абарҭқәа зегьы рышьҭахь, иахьа имҩаҧысуеит Ҭырқәтәылатәи аҧсуаа ргәыҧ злахәу, «Аимҵакьачара» иазку, жәларбжьаратәи ачемпионат», - иҳәеит Жьиба.

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иазгәеиҭеит аицлабра амҩаҧгара иамоу аҵакы.

«Иахьа ныҳәа дууп, уи аиҿкаара хышықәса ҳазааиуан. Имҩаҧган зымҽхак ҭбаау аусура. Еиқәҳаршәеит уаанӡа џьаргьы иарбамыз аҧҟарақәа, ҳаҿуп аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы Афедерациа ашәҟәҭагалара. Ари ҭоурыхтә мшуп. Иазгәаҭатәуп, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы абзоурала ишеиҿкааз Ҭырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоу агәыҧ. Ҳгәыӷуеит, ари атрадициа бзиа иацҵахап ҳәа, иуникалтәу ари амилаҭтә хәмарра анаҩсгьы аҿиара аиуп ҳәа. Адунеи ахы-аҵыхәа еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы инхо ҳажәлар хырхарҭа рацәала реидкыларазы, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс имҩаҧнагоит еиуеиҧшым аусура. Ари аицлабра қәҿиара дууп, избанзар аспорт ауаа еиднакылоит», ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иџьашьахәу адинамизм, аицлабратә згәышьра, абарҭқәа зегьы ирхысыз иоуп аиааирагьы иаҧсахо. «Аимҵакьачара» иазкыз раҧхьатәи жәларбжьаратәи аицлабраҿы аиааира ргеит Ҷлоутәи агәыҧ ахәмарҩцәа. Аҩбатәи аҭыҧ иаҧсахеит Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора еиҿыркааз агәыҧ. Ахҧатәи аҭыҧ ааныркылеит Афон Ҿыц ақалақь агәыҧи Аҟәатәи ашкол №5 агәыҧи.

Аицлабра алахәцәа иранаршьеит ахраҿақәеи, амедальқәеи, адырҧсақәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.

Аицлабра хыркәшан, аха аныҳәа иацҵоуп. Ҧхьаҟа иаҳзыҧшуп ашәаҳәарақәеи, акәашарақәеи, аныҟәарақәеи. Ҭырқәтәылатәи аҧсуаа ргәыҧ ахәмарҩцәа ирзеиҿыркааит ҳтәыла аҭыҧ ҧшӡақәа рахь аекскурсиа.