Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Аԥсуафеди, Кавфеди Аконгресс аделегациа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раҭаара аихшьаала азыруит.
АААК аделегациа Ҭырқәтәыла имҩаԥыргаз аусуратә еиԥыларақәа рылахәцәа Аконгресси дареи русеицура қәҿиаратәын ҳәа ахырҳәааит, ирыдыркылаз аӡбарақәеи, иззааиз агәҭакқәеи ракәзар – еффективтәуп ҳәа рзырҳәеит.
Ишәгәалаҳаршәоит, Аконгресс анапхгаҩцәа русуратә аҭаара шымҩаԥысуаз жьҭаара 21 инаркны 25 рҟынӡа. Аделегациа русура мшқәа шьақәгылан адиаспоратә хеилакқәа рнапхгаҩцәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи рԥыларақәеи, Анкара, Сҭамԥыл, Сакариа ақалақьқәа рҿы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа раҭаареи рыла.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба еиҭеиҳәеит АААК раҭаара иалагӡаны «аиԥыларақәеи аибадыррақәеи рацәан ҳәа».
«Анкара ҳаҟан, аиҳабыра рхаҭарнакцәа ҳрацәажәеит, ҳгәы иҭақәоу рзеиҭаҳҳәеит ара Ҭырқәтәыла имҩаԥаҳго аусқәа рганахьала, дара ргәаанагарақәагьы ҳарзыӡырҩит», – ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.
Иазгәеиҭеит иара убас Сакариа ауааԥсыреи Сҭамԥыл иҟоу аԥсуа диаспореи гәахәара дула аделегациа ишырԥылаз.
«Ҳара ҳҽеидаҳкылароуп, адиаспора ҳаҩныҵҟагьы ҳаӡәыкзароуп, ҳбызшәеи, ҳажәлар рҵас-қьабзқәеи реиқәырхаразы – убри оуп зегь реиҳа ихадароу. Аконгресс аиҳабыс Мусса Егзакь ҳазидгылазгьы убри азоуп, ҳара игәра ҳгоит, дызҿу аус ԥшьа шынаигӡо, анарха шаиуа агәра ҳгоит. Аусура ҳазхиоуп», – ҳәа иажәа хиркәшеит Аԥсуафед аиҳабы.
Ҭырқәтәыла инхо Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмаҭ Ҳапат иазгәеиҭеит адунеи иқәынхо абаза жәлар рхаҭарнакцәа зегьы реидкылареи реимадареи рзы ицхыраагӡа бзиаӡоуп ҳәа хә-бызшәак рыла аус зуа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иаку аинформациатә портал, цәыббрамзазы иаартыз.
«Абри апортал аҿы активра ааҳарԥшыроуп, ҳаҽҭахҩыроуп, ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәалароуп. Ари апортал ҳаиднакылоит адунеи ҭыԥс ҳахьыҟазаалак. Ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуа, ҳра злоу ауаажәларратә-культуратә хҭысқәа рыӡбахә еснагь иҳаҳалоит, ҳхаҭақагьы иаҳбоит», – иҳәеит Ҳапат.
Кавказтәи акультуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Иашар Асланкаиа Аконгресс аделегациа рԥылара алҵшәақәа дрылацәажәо иазгәеиҭеит, «Кавфед аҭаацәа аидгылара иазынархоу апринципқәеи ахшыҩҵакқәеи ахаан ишрыцәхьамҵуа, иҳәынҭқарратәым аилазаара аҳасабала аусурагьы ишацнаҵало».
«Ҳаҭыр ду зқәу Мусса Егзакь иеиԥш саргьы агәра ганы сыҟоуп: ҳаидгыланы ҳажәлар рымаҵ ҳаулоит, аполитика иацәыхароу ауаажәларратә ԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегь рыла», – иҳәеит Асланкаиа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа жьҭаара 21-25 рзы Ҭырқәтәыла раҭаара – аҩбатәи усуратә аҭаароуп АААК анапхгара Ҭырқәтәылаҟа имҩаԥнаго. Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иажәақәа рыла, аҭаара хықәкы
хадас иаман, уаанӡа иазгәарҭахьаз «амҩатә хсаала» инҭкааны алацәажәара. Аҩбатәи аусуратә аҭаара алҵшәақәас иҟалеит адиаспоратә хеидкылақәеи Аконгресси рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рыдкылара, АААК асистематә еилазаашьа ашьақәыргылареи, Ҭырқәтәыла аҵакырадгьыл аҿы Аконгресс аусура аплан ашьақәыргылареи.
Приятная новость.
надеемся на плодотворное сотрудничество с нашими соотечественниками, во многих сферах!!
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.