АААК Адискуссиатә клуб аҟны иаԥҵоу Анацәеи абацәеи рыклуб иацнаҵоит апсихологцәа-аекспертцәа рԥыларақәа. Жәабран 22 рзы имҩаԥысыз аиԥылара сасыс даҭааит апсихолог Елана Кортуа, излацәажәаз теман – анацәеи абацәеи ирызцәырҵуа аемоционалтә гәылблаара.

Саид Барганџьиа

Анацәеи абацәеи ремоционалтә гәылблаара апроблемеи уи аӡбашьа амҩақәеи ирылацәажәан асабша, жәабран 22 рзы имҩаԥысыз АААК Адискуссиатә клуб аиԥылараҿы. Аклуб еиднакыло анацәеи абацәеи рҿаԥхьа дықәгылеит апрактика мҩаԥызго апсихолог, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Елана Кортуа. Ҩ-сааҭк инареиҳаны ицоз аиԥылара аӷьырак, ишаԥу еиԥш, азҵаарақәа рҭак аҟаҵареи ҭаацәашәалатәи аицәажәареи рыла имҩаԥысит.

Аклуб аусура лалахәра ахҳәаа азыҟаҵо апсихолог иазгәалҭеит ас еиԥш иҟоу аинтерактивтә стиль лара ишылзааигәоу: уи аинформациа инагӡаны адкыларазы даара ибзиоуп, избан акәзар аиԥылара алахәцәа ишиашоу, иара уаҵәҟьа аспециалист идҵаалар рылшоит.

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

«Ҳалацәажәеит ишьҭаҳхыз атема аганахьала шәарҭарақәас иҟоу, аемоционалтә гәылблаара реиҳа изаурц зылшо анацәеи абацәеи ркатегориа зеиԥшроу. Ҳалацәажәеит иара убасгьы ари асиндром аиааишьақәас иҟоуи уи умыхьырц азы апрофилактика шымҩаԥгалатәуи уҳәа», – еиҭалҳәеит Кортуа.

Аемоционалтә гәылблаара асиндром – ҳаамҭазы акыр алаҵәара заухьоу психоемоциатә проблемоуп. Атермин ахаҭа раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1974 шықәсазы, ахархәарагьы аман аҳақьымцәеи, апсихологцәеи, арҵаҩцәеи, аволонтиорцәеи уҳәа реиԥш иҟоу, зусура еснагь ауаҩы ихӡыӡаара иадҳәалоу азанааҭуаа рганахьала. Уи аахыс ашықәсқәа акыр аныбжьыс, апсихологцәа ирҳәо иалагеит анацәеи абацәеи ремоционалтә гәылблаарагьы гәарҭо ишалагаз, еиҳаракгьы – анацәа рҟны ирбон. Избан акәзар анацәа ес-шар иаахәлаанӡа рхәыҷқәа рааигәа иҟазароуп, есыҽны, шықәсыла – убри аан ҵҩа змам аҩнтәи аусқәа ҟаҵо, аҭакԥхықәра дуӡӡагьы шрыду еснагь ирныруа.

Апсихологцәа иалыркаауеит аемоционалтә гәылблаара асиндром еиуеиԥшым астадиақәа, урҭ доусы рхатә ҟазшьақәеи, рхатә ҷыдарақәеи рымоуп. Абри асиндром сымазар ҟалап ҳәа агәҩара змоу ауаҩԥсы, «ачҳара ахыжжара» ҳәа изышьҭоу астадиа аҷыдарақәа ихы иадибалазар, хымԥада апсихолог, ма апсихотерапевт ицхыраара иҭахуп, уи даҳәароуп. Ус еиԥш иҟоу аҷыдаҟазшьақәа иреиуоуп: амчқәа рыкаԥсара, арымарыдара, аԥсшьара аамышьҭахьгьы уҭыԥ аҿы уанзымааиуа, ацәымӷшьареи агрессиеи анузцәырҵуа.

Оқсана Ԥачлиаԥҳа – Анацәеи абацәеи рыклуб далоуп, лара аԥа длааӡоит, аҩбатәи ахшара иира дазыԥшуп.

«Аинформациа еихшаны ианурҭо, иахьа ишҳарҭаз еиԥш, усҟан иаразнакала ухы иҭалоит, мозаикак еиԥш ишьақәтәоит. Елана иаҳзеиҭалҳәеит аемоционалтә гәылблаара шыҟало, уи ацәырҵра иаԥхьанеиуа аҭагылазаашьақәа, уи ааира шаԥырҟәҟәаатәу – нас еилкаахеит уи уацәцар шауа. Ҳара ҳзы ари хәарҭара зцу дырроуп, избан акәзар ус еиԥш иҟоу ашәарҭа ҳҭагылар ҟалоит», – лҳәеит аклуб алахәыла.

Ажурналист Алиса Шамԥҳагьы Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларақәа бжьалмыжьырц дашьҭоуп. Лара лгәаанагарала, аклуб аиқәшәарақәа рҟны иуоуа апрактикатә дыррақәа рыла ахәыҷааӡараҿы акырӡа ихәарҭоу «амҩатә хсаала» шьақәгылоит.

«Иахьатәи ҳаиԥылара иаҳнаҭаз рацәоуп, иара усгьы иаҳдыруеит ҳәа ҳзызхәыцуа шыҟоу ҳаилнаркааит. Аха даара акраҵанакуеит, акы згым ҳәа анацәеи абацәеи шыҟам адырра, иаҭахны иҟалозар – ацхыраара аҳәара шыԥхашьарам аҳара, аемоционалтә гәылблаара шыҟоу, аха уи закәу дырны аԥырҟәҟәаара шалшо адырра. Абарҭқәа зегьы иахьа ҳрылацәажәеит», - лҳәеит Шамԥҳа.

Уажәтәи Аклуб аиԥылара анацәа рыдагьы иаҭааит заԥхьаҟа анхара ззыԥшу аҭыԥҳацәа қәыԥшқәа. Убас, аиԥылара иалахәыз Шьазина Жьиԥҳа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит.

«Сара сзы аинтерес ду аҵан Анацәеи абацәеи рыклуб аусура алахәра. Апсихолог лықәгылареи, анацәа еиҭарҳәаз рҭоурыхқәеи сырзыӡырҩны, схазы иаасыртит ахәыҷы иааӡараан анацәа зегьы зхысуа аҭагылазаашьақәа жәпакы. Иахьа абра зхатә ҭоурыхқәа ҳацеиҩызшаз зегьы рԥышәа ԥхьаҟа исыхәоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ахәыҷааӡара – даара аҭакԥхықәра зцу усуп, ахәыҷы дуаҩны изҳарц азы иахәҭоу аҟазшьақәа зегь улазароуп, аха убри аан ухгьы ухашҭыр ҟалаӡом, ухатә интересқәа умазароуп, иалухыз ахырхарҭаҟны инагӡаны ушьақәгылароуп», – ҳәа лыԥхьаӡоит аҭыԥҳа.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аҩнуҵҟа иаԥҵаз проект ҷыдоуп, аусура иалагеит абҵара 30 рзы. Аклуб иалахәхарц рылшоит анацәеи абацәеи зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы ихадароу – «азҿлымҳареи амотивациеи рыҟазаароуп».