Аԥсуа, абаза поетцәа ражәеинраалақәа исахьаркны рыԥхьара аконкурс алхратә турқәа реихшьаала аҟаҵара иаҿуп Аԥсны.  

Аԥснытәи астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рхы аладырхәит Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз исахьаркны ажәеинраала аԥхьара аконкурс алхратә турқәа. Аицлабраҿы рхы аадырԥшит ААУ Афилологиатә фкультет актәи, аҩбатәи акурсқәа рҟны аҵара зҵо астудентцәеи, Гәдоуҭатәи 2-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи, Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи.

Алахәцәа исахьаркны ажәеинраала иаԥхьар акәын аԥсышәала ма абаза бызшәала. Ақәыԥшцәа ахьынӡазыҟаҵоуи, исахьаркны аԥхьара разҟазареи ахә ршьон ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь дызхагылаз ажиури. Ахәшьаратә комиссиа иалахәын иара убас ААУ Аԥсуа литература акафедра адоцент, арҵаҩы еиҳабы Ахра Анқәаб, афольклорҭҵааҩ Адгәыр Какоба, Аԥсуа бызшәа акафедра адоцент Наталиа Лыҳ, апроект «Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль» анапхгаҩы Сергеи Паз, иара убас Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» ахада Мураҭ Мыкәа. Гагреи Гәдоуҭеи ашколқәа рҟны имҩаԥысыз алхратә турқәа ирҭааит аҭыԥантәи арҵаҩцәеи аҵара усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.

Ахра Анқәаб иазгәеиҭеит аԥсуааи ашәуааи (абазақәеи) рыбжьара абызшәатә-культуратә еимадара аиқәырхаразы абри аҩыза усмҩаԥгатәқәа аҵак ду рыманы ишыҟоу.

«Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль – аԥсуааи абазақәеи рыбжьара акультуратә, абызшәатә еимадара арӷәӷәара иазку ихадароу аусмҩаԥгатәқәа ируакуп. Иара уажәшьҭа есышықәса имҩаԥысуеит, Аԥснытәи аҿар рхы аладырхәуеит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа школхәыҷқәа, астудентцәа, арҵаҩцәа рхы аадырԥшуеит Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥысуа аҭҵаарадырра-практикатә конференциақәа рҿы», – иҳәеит Анқәаб.

Алхратә турқәа рыҩаӡара ҳаракны еиҿкаауп ҳәа азгәарҭеит афестиваль аиҿкааҩцәа ирхыԥхьаӡалоу Абазашҭантә Аԥсныҟа иааз асасцәа.

«Ашкол анапхгара ари ахәылԥаз ныҳәак аҳасабала еиҿыркааит. Ақәгыларақәа ирылагаанӡа Аҭынчра амш иазкыз аскетч ҳдырбеит. Анаҩс ахәыҷқәа қәра-қәрала рҽеихшаны ажәеинраалақәа ирыԥхьон, урҭ рыбжьара арҿиара знапы алаку ашколхәыҷқәа ашәа ҳзырҳәон», – ҳәа Гәдоуҭатәи 2-тәи ашкол аҟны аконкурс шымҩаԥысуаз еиҭеиҳәеит Сергеи Паз.

Иара иазгәеиҭеит аконкурс алахәцәа гәыбылрала, аинтересгьы рыманы аԥсышәалеи абаза бызшәалеи иаԥҵоу апоезиа ишазнеиуаз.

 «Астудентцәа рыбжьара иҟан аконкурс анҭыҵ даҽа ҩба-хԥа жәеинраала аԥхьара згәаԥхазгьы. Ашколхәыҷқәа ракәзаргьы исахьаркны иаԥхьон, артистизмра аарԥшны. Сара избаз-исаҳаз сгәаԥханы сыҟоуп», – ҳәа ациҵеит Сергеи Паз.

Алхратә турқәа анхыркәшахалак ашьҭахь иалкаахоит 14-ҩык аконкурс алахәцәа, урҭ Ҟарачы-Черқьестәыла имҩаԥысуа афинал аҟны иқәгылоит.

Сынтәагьы 2019 шықәсазеиԥш Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль мҩаԥысуеит Ҟарачы-Черқьестәыла Ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала.

Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит ИАЕ «Алашара». Афестиваль иаҭаауеит аԥснытәи аделегациа: ашколхәыҷқәеи астудентцәеи исахьаркны аԥхьаҩцәа рконкурс иалахәуп, аҵарауааи аспециалистцәеи – аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Ҭаҭлусҭан Ҭобыль иаԥхьарақәа».