Иналукааша алингвист, кавказҭҵааҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор Џьорџь Хьиуитт Аԥсныҟа дықәнагалеит иуадаҩу абызшәақәа дахьрызҿлымҳаз иабзоураны – ара данаагьы, инасыԥ иԥшааит, аҩызцәеи аколлегацәеи ирҳаит, аҩбатәи ҩнык еиԥш изыҟалеит.
Арифа Қапԥҳа
Џьорџь Хьиуитт – англыз профессор, иналукааша аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы иԥсҭазаара Аԥсны иадиҳәалеит. Аԥсуа дгьыл ахь даазгаз амҩа џьоушьаратә иҟоуп. Абызшәақәа дхәыҷаахыс интересс иман, еиҳаракгьы ижәытәу, иуадаҩу абызшәақәа.
Иара диит 1949 шықәса, абҵарамза 11 рзы Томас Дуглас Хьиуитти уи иԥшәмаԥҳәыс Джоани рҭаацәараҿы, Британиа ду, Донкастер ақалақь аҟны. Хьиуиттаа рыжәла аҭоурых акыр аинтерес аҵоуп. Иаҳҳәап, иан лышьҭрала иабдуцәа руаӡәк акрал Генрих V диабашьуан 1410 шықәсазы ангылзцәеи афранцызцәеи реибашьраан Азинкур азааигәара (иахьатәи Франциа аҵакырадгьыл аҟны – аред.). Иахьатәи Британиатәи агәыргьын ашьҭрамадаҩ Уельстәи апринц Чарлз иԥҳәыс, Корнуольсктәи агерцогиниа Камилла лхылҵшьҭреи иара иҭаацәареи ихароу аиуарагьы рыбжьоуп.
Џьорџь иаб – Томас Дуглас Хьиуитт, иани иаби хҩык иашьцәеи дрыцны, инхон Ливерпуль аӡиас Мерси аԥшаҳәаҿы, 1915 шықәсазы иаб ҭыӡшәак аҿы дыршьаанӡа. Уи ашьҭахь аҭаацәара ауадаҩра дуқәа рызцәырҵит. Томаси иашьаки шықәсқәак ҳәа Австралиаҟагьы ацара рықәшәеит. Аха 1933 шықәсазы Томас Дуглас Хьиуитт зегь акоуп иԥсадгьылахь, Англиаҟа дхынҳәит. Иашьа Австралиа дшыҟаз дагьаанхеит. Апрофессор Џьорџь Хьиуитт ихаҭа иахьа ихәыҷра даназааҭагло иазгәеиҭоит «акыр дыбжьахны» дшырааӡоз атәы. Иара ахала аҟазаара бзиа ибон, хәыҷык дуаҩымуан уҳәаргьы ауеит. Хьиуиттаа рҭаацәара рхатә машьына рымамызт, убри аҟнытә аԥсшьараамҭа анроуазгьы хара изцомызт – еиҳарак иахьцоз Ливерпуль инхоз иаб иуацәа рахь акәын. Убри ақалақь Џьорџь хәыҷы еснагь еиҳа бзиа ибон иара дахьииз-дахьааӡаз Донкастер аасҭагьы.
Абызшәа маӡак аҳасабала
Донкастер аҷкәынцәа рзы Аграмматикатә школ аҿы аҵара аниҵоз Џьорџь Хьиуитт қәыԥш абызшәақәа шицааиуаз гәеиҭеит. Абызшәа – ауаа реимадара алзыршо акы аҳасабала еиԥш иара дазҿлымҳамызт, дуаҩымуа дахьыҟаз азыҳәан. Еиҳаракгьы Хьиуитт абызшәақәа дышрызнеиуаз «имаӡаркырооу», идырым, еилкаатәу ахыԥҽыгақәа реиԥш акәын.
«Сҵара ахԥатәи ашықәс азы ажәытә бырзен бызшәа аҵара салагеит, ус сышнеиуаз алатин бызшәеи, абырзен бызшәеи, афранцыз бызшәеи, анемец бызшәеи еилыскаауа аҟнынӡа снеит. Англыз бызшәалоума иарбанзаалак даҽа бызшәак алоума ауаа рацәажәара ахаангьы интересс иахьсымамыз аҟнытә, 18 шықәса анысхыҵуаз инҭырҳәцааны исҵарц азы иалысхит [иԥсхьоу] алатин бызшәеи ажәытә бырзен бызшәеи, иара убасгьы ажәытәтәи аҭоурых», — ҳәа игәалаиршәоит апрофессор Хьиуитт.
1972 шықәсазы Џьорџь Хьиуитт далгеит Кембриџь иҟоу Иоанн Ацқьа ихьӡ зху аколлеџь. 1973 шықәсазы алингвист идиплом иоуит, 1976 шықәсазы – дмагистрхеит.
Кавказтәи абызшәақәа рыҭҵаараҿы илихыз амҩа мариамызт, аха даараӡа аинтерес аҵан. Кембриџь ауниверситет дҭанаҵы индоевропатәи абызшәақәа ихы рзышьҭны рыҭҵаара дшаҿыз, Џьорџь Хьиуитт абри ахырхарҭала британиатәи аспециалист ду, уаанӡа Кембриџьтәи ауниверситет апрофессор, асер Гаролдь Беили иӡбахә иаҳаит, уи усҟан асанскрит ҭиҵаауан. «Излеилкаахаз ала, Кембриџь ала ҳара ҳаигәылацәан, – иҳәоит Хьиуитт, – анаҩс сара акыр иааигәаны дыздырыртә сҟалеит, 1973 шықәса инаркны 1996 шықәсазы иара иԥсҭазаара далҵаанӡа даара ҳаиҿцаауан. Иара иоуп исазҳәаз, Британиа ҽеишәа иҭҵаамкәа инханы ишыҟоу индоевропатәи абызшәақәа ҩба – алитовтәи бызшәеи, аерман бызшәеи».
Убас, Џьорџь Хьиуитт ажәытә ерман бызшәа аҭҵаара далагеит, ҽнак зны иара уи апрофессор Беили убас иаиҳәаанӡа: аерман бызшәа ҭуҵаауазар уи иазааигәоу абызшәақәагьы ургәылаԥшроуп ҳәа. Нас қырҭшәала иҩыз ашәҟәы наииркит. «Абри ашәҟәы санынахәаԥш иаразнакала анбанқәа сыԥсы рылахеит. Даҽа ҩышықәса раҟара аерман бызшәа иазку аматериалқәа шеизызгозгьы, саамҭа еиҳа-еиҳа ақырҭшәеи егьырҭ кавказтәи абызшәақәеи ирықәсырӡуа салагеит. Урҭ индоевропатәи абызшәақәа рахь иаҵанакуамызт, аха еиҳагьы иуадаҩын, убри аҟнытә алингвист изы еиҳа аинтерес цәырырго иҟан», - ҳәа игәалаиршәоит Хьиуитт.
Англыз бызшәала аԥсшәа иазкны
Арҭ абызшәа ҿыцқәа дыргәылахаланы Џьорџь Хьиуитт иӡбоит ҭырқәтәылатәи Анатолиаҟа ицатәуп ҳәа. «Ҭырқәтәыла ииз сҩыза ачерқьес ила 1974 шықәсазы сара снанагеит ачерқьес қыҭа Демирқы. Уаантәи сеихеит аубых бызшәала ицәажәоз дуԥшаар ахьауаз аҵыхәтәантәи ақыҭахь. Сара сцара маҷк шагыз Сҭамԥыл исырҭеит аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи ауаҩԥсы иҷкәын иҭел», - абас игәалаиршәоит апрофессор Хьиуитт Тевфик Есенч иӡбахә раԥхьаӡа ишиаҳаз.
Апрофессор иажәақәа рыла, иараӡәк иакәын – аубых жәлар рцынҵәарах – зхатәы бызшәала ацәажәара зылшоз. Хьиуитт усҟан Есенч Сҭамԥыл диԥшааит, хәымш иара иҿы дыҟан, иажәаҳәа аниҵон. Ари анҵамҭа иахьа изҭаху иоуртә иҟоуп апрофессор Хьиуитт исаит аҟны.
1975 шықәсазы Џьорџь Хьиуитт илиршеит ақырҭшәеи егьырҭ дзызҿлымҳахаз кавказтәи абызшәақәеи (еиҳаракгьы ачерқьес бызшәа) рҵаразы Қарҭҟа дрышьҭыртә аҟаҵара. Аха уа дахьнеиз англыз бызшәала ачерқьес бызшәа иалацәажәашаз ҳәа уаҩ дизымԥшааит. Аха аҵарауаҩ қәыԥш дырԥылеит англыз бызшәала аԥсуа бызшәа алацәажәара иақәшаҳаҭхаз Аԥснынтәи аспиранткацәа ҩыџьа – Заира Хьиԥҳаи, Аза Иналԥҳаи.
Ҩышықәса ааҵуаны Заира ԥҳәысс дааигоит. Абас џьашьахәыла Џьорџь Хьиуитт илингвистикатә интересқәа иаарыхәҭакхеит аԥсуа бызшәагьы.
Аҟәа даныҟоу: «аԥсуаа рбызшәала драцәажәартә дыҟоуп»
Џьорџь Хьиуитт раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит 1976 шықәса, мшаԥымзазы: дааит Қарҭынтәи Аҟәаҟа автобусла, дагьаангылеит иахьазы ибылны игылоу асасааирҭа «Абхазиа» аҟны. Иара ибзиаӡаны игәалашәоит раԥхьаӡа акәны иибаз ақалақь изцәырнагаз ацәаныррақәа.
«Асасааирҭаҟны санннеи хәлахьан. Убас хәлахьан, иаразнакгьы исзеилымкааит абас амшын сазааигәаӡаны сшыҟоу. Ашьыжь, аԥенџьыр снадгыланы аԥарда саннаха, иҭынчӡа иҟаз Аҟәатәи абаӷәаза сынхыԥшылеит, уи аԥшӡара сыбла хнакит, уаантәи избарҭан убасгьы ахәқәа ирҿагылаз аҩнқәа – ԥшшәыла еиуеиԥшымыз рхыбрақәа Баграт ишьхарахь еиврыԥххаа ицон», - ҳәа исахьаркны еиҭеиҳәоит Хьиуитт.
Хьиуитт раԥхьаӡатәи Аԥсны иаҭаара иалагӡаны драбадырит иналукааша аԥсуа ҵарауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан – Шьалуа Инал-Иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Сергеи Зыхәба уҳәа убас егьырҭгьы. Иара лингвистк иаҳасабала раԥхьаӡа иргыланы дзызҿлымҳаз аԥсуа бызшәа иазкыз азҵаарақәа ракәын.
Араҟа иҳәатәуп, иахьазы апрофессор ибзиаӡаны аԥсшәеи ақырҭшәеи рыла дышцәажәо, аха иара ихаҭа ихы ӡырымгакәа иазгәеиҭоит «ауаа дара рбызшәала срацәажәартә сыҟоуп ауп», ҳәа, насгьы иациҵоит инагӡаны иидыруа бызшәа заҵәык шакәу – уи ангылз бызшәоуп.
Апрофессор Хьиуитти уи иԥҳәыс Заира Хьиԥҳаи аус адырулон акыр зҵазкуаз аԥсуа бызшәа арҵагатә цхыраагӡақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Аԥсуа бызшәа» (ҩ-томк), «Аԥсуа газеҭқәа рыԥхьаразы ацхыраагӡа», «Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа» (Зураб Џьапуеи иареи еицеиқәдыршәеит), «Аԥсуа жәлартә традицақәа рдаҟьақәа», «Аԥсуа бызшәа ахаларҵага».
Ақырҭуа жәлар рахь иаарту асалмшәҟәы
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шықәсқәа – аред.) алагаанӡа апрофессор Хьиуитти, иԥшәмаԥҳәыси, ҩыџьа иԥҳацәеи иманы есышықәса Аԥсны даҭаауан, Очамчыра инхо иԥшәмаԥҳәыс лҭаацәараҿы хымз инарзынаԥшуа рыԥсы ршьон.
«1989 шықәсанӡа Аԥсны сгәалашәараҿы инхеит – аԥсҭазаара ахьеилашуаз ҭыԥны, сара иахьынӡазбоз, милаҭс изтәызаалакгьы ауааԥсыра реизыҟазаашьақәа бзиан. Ҳәарада, аԥсуааи ақырҭқәеи аибарххарақәа рыбжьалар ҳәа сацәшәон, уи аҩыза ацәаныррагьы сызцәырызгаз Егры-нхыҵ инхоз ақырҭқәа рҟынтә исаҳауаз цәажәарақәак ракәын. Аԥсны аҩнуҵҟа иҟаз аизыҟазаашьақәа ртәы ҳҳәозар, даҽазныкгьы сара ишызбоз ала, араҟа ауаа пату еиқәырҵон, рыгәра еибагон. Иаҳҳәап, Очамчыра ҿырԥштәыс иааҳгозар, ауаа џьара ицозаргьы рыҩнашәқәа адыркӡомызт. Убри зегь дырны, схаҿы исзаамго акы акәны иҟалеит, 1989 шықәсазы, абас иаарласны аҭыԥантәи ақырҭқәеи агырқәеи Гамсахәырдиа (Звиад Гамсахәырдиа – қырҭтәылатәи ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, Қырҭтәылатәи Асоветтә Республика Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы, 1990-тәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла раԥхьатәи ахада – аред.). иҩызаз ауаа ирҳәоз ашовинисттә хшыҩҵакқәеи ацәажәарақәеи иахьрыдгылаз».
1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи рыбжьара иҟалаз аидысларақәа (1989 шықәса, ԥхынгәымзазы Аҟәа иҟалаз, аԥсҭбарақәа зцыз бџьаршьҭыхлатәи аидыслара – аред.) хаҭала избаз, насгьы аҩ-жәларык реизыҟазаашьақәа иаарласны аицәахара ишаҿу еилызкаауаз Џьорџь Хьиуитт, ԥхынгәымзазы ақырҭуа жәлар рахь иҩуеит иаарту асаламшәҟәы. Уи аҟны иара иаартны дрылацәажәоит игәы ԥызжәоз ақырҭқәа егьырҭ ажәларқәа ирҿагыланы иаԥшьыргоз ашовинисттә, анационалисттә қәгыларақәа.
Араҟа иазгәаҭатәуп, ари асаламшәҟәы анцәырҵуаз аамҭазы, апрофессор Хьиуитт Қырҭтәыла зегь реиҳа пату зқәыз аҳәаанырцәтәи кавказҭҵааҩцәа дшырхыԥхьаӡалаз. Иара изы Қарҭ ашәқәа зегь аартын, иара дықәгылон қырҭшәала ақырҭуа телехәаԥшрала, уи, ҳәарада, атәылауаа зегьы хнахит. Аха исаламшәҟәы аамышьҭахь иара изы Қырҭтәылаҟа амҩа акит. Хьиуитт официалла «ақырҭуа жәлар раӷа» ҳәа ахьӡ ихҵан.
Уи асаламшәҟәы игәаларшәо, апрофессор Хьиуитт иазгәеиҭоит, иара аҭыӡшәа аҟаҵара дшашьҭамыз, хықәкысгьы имаз даҽак шакәыз: «Сара исҭахын, ақырҭқәа рҿы исымаз ахьӡи апатуи рыбзоурала уи атәылаҿы «ахы зхагылаз» ауааԥсыра ргәы архаҵара, Мераб Костава, Звиад Гамсахәырдиа, Гиа Чанҭуриа, Иракли Ҵереҭелиа реиԥш иҟоу аппозиционерцәа ирхылҵуаз ашовинизм зегьы арбгар шалшо атәы иазхәыцырц, еилыркаарц. Аха, рыцҳарас иҟалаз, уи аамҭазы «ахы зхагылаз» ауаа ыҟамызт, ҳара ҳазегьы иаҳдыруеит, аԥсуааи, ауаԥсааи, дара ақырҭқәеи рзы уи ашовинизм иахылҿиааз арыцҳарақәа ртәы».
Убас акәын ишыҟаз усҟантәи иуадаҩыз аамҭақәа рзы апрофессор Џьорџь Хьиуитт иникылаз ахаҵареи агәымшәареи зцыз аппозициа.
Аԥсныи Британиа Дуи рыбжьара
Аибашьра анеилга ашьҭахь Џьорџь Хьиуитт иҭаацәара Аԥсны иаҭаауеит 1996 шықәсазы. Џьорџьи Заиреи рыԥҳацәа аԥсуа хьыӡқәа рымоуп – Амра, Гәында. Аӡӷабцәа ибзиаӡаны, егьырҭ еиуеиԥшым абызшәақәа реиԥшҵәҟьа, аԥсшәа рдыруеит. Иахьазы апрофессор Хьиуитт дабдухахьеит, ԥшьҩык амоҭацәа имоуп – Александра, Анна Џьоан, Софиа, Николь.
Урҭ зегьы х-тәылак иртәылауаҩны иҟоуп – Аԥсны, Британиа Ду, Урыстәыла. Џьорџь Хьиуитт ихаҭа Аԥсны датәылауаҩны дҟалеит Сергеи Багаԥшь атәыла ахадас даныҟаз аамҭазы. Иара убасгьы ианашьоуп Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ахьӡ-Аԥша» аорден.
Иахьазы апрофессор Лондонтәи ауниверситет Мрагыларатәии африкатәии аҭҵаарақәа ркафедраҿы дзыԥхьоз кавказтәи абызшәақәа ирызку амаҭәар хиркәшахьеит. Иԥхәыси иареи еицынхоит Хьиуитт иқалақь гәакьа Донкастер аҟны. Абызшәаҭҵаара адагьы, апрофессор уажәааигәанӡа акыраамҭа дазҿлымҳан ашәҭааӡарагьы. Уажәшьҭазы, апрофессор гәмырҿыӷьгас имоуп аклассикатә музыка азыӡырҩра, уи аҿы иара лымкаала иаликаауеит апианино, ахори, аоркестри рзы Бетховен ифантазиақәа (ихыҭҳәаақәа).
Иара убасгьы, ҳәарада, апрофессор Џьорџь Хьиуитт ашәҟәқәа ирацәаны рыԥхьара дшаҿыц даҿуп. Насгьы иазгәаҭатәуп, иара имоу кавказҭҵааратә библиотека Европа иреиҳаӡоу ахатә библиотекақәа ишырхыԥхьаӡалоу.
Хьиуитта есышықәса Аԥсны иаҭаауеит. Донкастер иҟазаргьы Аԥсны иҟоу-иану зегь рдыруеит. Апрофессор Хьиуитти, Аԥсны иҟоу иҩызцәеи, ибзианы идыруа ауааи ирыбжьоуп аусуратәи, аиҩызаратәи асаламшәҟәытә еимадара, иара убри алагьы, аҩбатәи ҩныс изыҟалаз атәыла хәыҷы аԥсҭазаашьа иадҳәалоу зегь идыруеит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.