33573

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси аилазаара «Алашареи» аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә мазара иазкны ихацдыркыз апроект ҿыц иацнаҵоит аԥсуа жәлар рашәа «Нарҭаа рышьҭыбжь», О. Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә орекстр ари ашәа шынаргыӡо авидео ианҵоуп.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху амилаҭтә арҳәагақәа роркестр инанагӡаз аԥсуа жәлар рашәа "Нарҭаа рышьҭыбжь" ала иацҵахоит АААК-и "Алашареи" рыпроект "Амазара". Аҩбатәи авидео арежиссиорс дамоуп ахьӡ заухьоу акинематографист қәыԥш Дауҭ Логәуа.

АПРОЕКТ "АМАЗАРА" АВИДЕО ШӘАХӘАԤШЫР ҞАЛОИТ АБРА>>

Ишәгәалаҳаршәоит, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Жәларбжьаратәи аилазаара "Алашареи" ишхацдыркыз аԥсуа-абаза жәлар рдоуҳатә культуратә ҭынха иазку апроект "Амазара". Аидеиа авторс дамоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.