Очамчыра араион ашколхәыҷқәа рыбжьара ашьапылампыл азы ачемпионат хыркәшахеит цәыббра 29 азы.

Ашықәсбжа аҩныҵҟа Очамчыра араион акомандақәа жәиԥшь ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Тамшь, Кәтол, Маркәыла, Гәыԥ, ақалақь Очамчыра рҿы ахәмаррақәа мҩаԥыргон. Зынӡа атурнир иалахәын 9-10 шықәса зхыҵуаз ашколхәыҷқәа 130-ҩык.

Ачемпионат амҩаԥгара аԥшьгамҭоуп Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша. Атурнир ацхырааҩцәа иреиуоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

Ачемпионат аркра ацеремониа мҩаԥысит Очамчыра ашьапылампылтә дәаҿы. Ауснагӡатә Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра иадҳәалан. Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы  Ҭемыр Ԥачлиа алахәылацәа дрыдныҳәалеит, ҭабуп ҳәа реиҳәеит атурнир аиҿкаара иацхрааз.

«Ачемпионат, ауаа рацәа адгылара зырҭаз, араион аҿы акрызҵазкуа уснагӡатәны иҟан. Атурнир мҩаԥысуанаҵы иаабон ахәыҷқәа реизҳара, хәмарра-цыԥхьаӡа  еиҳа-еиҳа рыҽшеиҭаркуаз, агәырӷьара шырҿықәыз.  Ҳгәыӷуеит ҽааны  акомандақәа еиҳагьы еиҳахап ҳәа» - иҳәеит Ԥачлиа.

АААК Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рзы аҟәша аусзуҩ Есма Кәыҵниаԥҳа илҳәеит Аконгресс асеиԥш иҟоу апроектқәа рыдгылара ишазыхиоу.

 «АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи аконгресс аколлективи ҭабуп ҳәа расҳәоит  ҳтәылазы акрызҵазкуа ахҭыс аиҿкаара иахьадгылаз. Ҳаргьы ҳганахь ала  аҿар рыҿиара иазырхоу аԥшьгамҭақәа ҳрыдгылалоит, ҳгәыӷуеит аицлабрақәа есышықәса имҩаԥыслап ҳәа», - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа. 

Атурнир аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ннакылеит Очамчыратәи ашкол №2, аҩбатәи – Ҭхьына ақыҭа акоманда, ахԥатәи – Баслахә ақыҭа. Атурнир алахәылацәа рзы иԥхьахә хаданы иҟан Шәача имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла ашьапылампылтә премиер-лига, «Зенити» «Шәачеи» рыхәмарра абаразы Шәачаҟа ацара, астадион «Фишт» аҿы еиԥылон.