Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа лыԥсҭазаараҿы илбахьоу рацәоуп: ахәаԥшцәа рыла иҭәыз атеатрқәа, еихсыӷьра зқәым анапеинҟьабжьқәа, атеатр гәакьа ааныжьра, лҵаҩцәа реихьӡара дуқәа.

Арифа Қапԥҳа

Ахьӡи-аԥшеи жәлар рыбзиабареи раԥсахара зылахь ианыз Аԥсуа театр актриса Софа Агәмаа диит ԥхынҷкәын 20, 1939 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан (Гәдоуҭа араион) Хынтрыгә Агәмаа иҭаацәараҿы. Дшыхәыҷыз инаркны зегьы реиҳа лгәы рызцон жәлар рашәақәеи, рыкәашареи. Лаб даараӡа ибзианы аԥхьарца аирҳәон, ҭаацәала зегьы ашәаҳәаратә ҟазара рылан: Софа лхаҭа, лашьцәа Виктори Руслани, лаҳәшьцәа Лиубеи, Валентинеи, Шуреи, Нуцеи. Жәлар рашәақәа рахь Софа илымаз абзиабара ашықәсқәа ирылганы иахьанӡа иаалгеит. Актриса лмузыкатә баҩхатәра асценаҿы иаалырԥшуаз ахаҿсахьақәеи, лысценатә ԥсҭазаареи иахәҭакны иҟалеит.

Ашкол дҭанаҵы Софа илыӡбахьан хымԥада дшактрисахоз. Жәибжь шықәса анылхыҵ, дҭалоит Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатралтә институт, аҵара лҵон иналукааша актиор, Асовет Еидгыла Жәлар рартист Акаки Хәарааи, апрофессор Акаки Пагәааи ргәыԥқәа рҿы.

«Аксакалкәа рыбжьара»

Аԥсуа драматә театр атруппахь Софа Агәмаа дадкылан 1960 шыкәсазы.

«Аԥышәаракәа рыҽҳәара ааиаанӡа иаҭаны Аԥсныҟа санааи, иаразнак атеатр ахь исыԥхьеит, актрисак дыԥсахтәын атеатр Баҭымтәи агастрольқәа раан. Уи лроль сара исыдыргалеит. Аҩныҟагьы анеиха сахьымӡеит, иаразнак агастрольқәа рахь сцеит», – еиҭалҳәоит Софа Хынтрыгә-иԥҳа. Евприпид иҩымҭала иқәыргылаз аспектакль «Медеиа» аҟны ахор амҩаԥгаҩ ироль – раԥхьаӡатәи лроль акәхеит.

Убас актриса қәыԥш аӡәы ҳәа даарывагылеит раԥхьатәи аԥсуа актиорцәа, атеатр акорифеицәа: Минадора Зыхәԥҳа, Шәарах Ԥачалиа, Иван Кәакәасқьыр, Лео Касланӡиа, Анна Аргәын-Коношок. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы, иқәыԥшыз Софа дара рҿаԥхьа лыбжьы нҭыганы ацәажәарагьы лзымгәаӷьуа дыҟан.

«Арҭ реиԥш иҟаз аксакалцәа рыбжьара уҿы аартны ажәак аҳәарагьы, ижәдыруаз, имариаз акы акәны иҟамызт, – ҳәа лгәалалыршәоит Агәмаа. – Уаҟа иҟан актиор қәыԥшцәагьы – Колиа Чиковани, Хәыта Џьапуа уҳәа. Урҭгьы сырцәыԥхашьон».

Усҟантәи актиорцәа рабиԥара – раԥхьаӡатәи Аԥсуа драматә театр актиорцәа лгәаларшәауа, лассы-лассы лхы иалырхәоит ажәа «игениалтәыз»: «Исхашҭраны сыҟаӡам дара иԥханы ҳашрыдыркылаз, иаҳзеиҿыркааит абанкет ду. Аԥхәызба ԥшӡа Анна Бида-иԥҳа Аргәын-Коношок хаҭала аишәа иахатәаз ҳамаҵ луан. Аиаша уҳәозар, ҳазусҭцәадаз ҳара усҟан? Аха уи аӡәгьы иаҳирбомызт, атеатр актиорцәа даараӡа пату еиқәырҵон, асценаҿгьы зҟазара ҳараку партниорцәас иҟан. Исгәалашәоит, атеатр аҿы сымнеикәа ҽнакгьы исзычҳауамызт, игәхьаазгон. Ашәахьа ԥсшьарамшын, аха ус шакәызгьы, атеатр ааигәара ҳаизон, алаф еибаҳҳәон, ҳаччон, нас досу ҳаҩныҟақәа рышҟа ҳцон. Сгәы сыхьуеит, иахьа ари аҩыза ахьыҟам.

«Ицәажәо» арежиссиорцәа рыбзиамбра

«Схы агәрагара уажәгьы иансымам ыҟоуп. Угәрахаҵара аус зцыууа акырӡа ихьыԥшуп», – лҳәоит Агәмаа, зырҿиаратә ԥсҭазаараҟны даараӡа ирацәаҩны арежиссиорцәа ыҟаз: Азиз Агрба, Шәарах Ԥачалиа, Нелли Ешба, Дмитри Кәартаа, Зурик Ақаҩба, иара убас аҳәаанырцәтәи арежиссиорцәагьы.

«Уааҟәымҵӡакәа режиссиорк аус ицууозар, даҽа напык анырра уцәыуадаҩхоит. Уи аҿы сара исықәҿиеит, зынӡа еиԥшымыз арежиссиорцәа аус рыцызуан», – ҳәа азгәалҭоит Агәмаа. Насгьы, актриса инаҵшьны иазгәалҭоит,

ианакәызаалак «ицәажәо» арежиссиорцәа бзиа ишылымбоз атәы. «Иҟоуп арежиссиорцәа даараӡа ацәажәара бзиа избо, шаҟа рдыруа узырбарц зҭаху, ароль шынагӡатәу уеилзыркаарц иашьҭалацәо. Сара урҭқәа бзиа избаӡом. Иахҳәап, амедицина ҳгозар. Унеит аҳақьым иҿы, знык-ҩынтә дузҵааит узыргәамҵуа ҳәа, анаҩс еиҭах азҵаара уҭара дналагоит. Сара бзиа избоит аҳақьымцәа, иаразнак иухьуа еилкааны, арецепт узҭо. Арежиссиорцәагьы убас иҟоу бзиа избоит – иаразнак арецепт узҭо. Убас иҟан Нелли Ешԥҳаи Митиа Кәартааи (арежиссиор Дмитри Кәартаа – аред.).

Актриса лхатә классификациа инақәыршәаны, «ицәажәо» арежиссиорцәа дырхылыԥхьаӡалоит Михаил Мархолиа: «Даара иуадаҩын аус ицура, есымша иус далагон аҵыхәтәанӡа агәрагара имамкәа, зны асшәа, нас абасшәа… Аха сара издыруан иқәыргыламҭақәа ақәҿиара шроуаз, иҟаиҵоз шидыруаз, убри азы аус ицызуан. Абаҩхатәра злаз уаҩын, иқәыргыламҭақәа зегьы қәҿиарала имҩаԥысуан, убри азы дсычҳауан, иаргьы сичҳауан».

Арольқәа – «асценатә хәыҷқәа»

Софа Агәмаа линтервиуқәа руак аҟны, асценаҿ иналыгӡо арольқәа – лхәыҷқәа реиԥш дшырзыҟоу атәы азгәалҭеит. Лара лажәақәа рыла, лрольқәа зегьы бзиа илбоит, илықәҿиазгьы, уамак илықәымҿиазгьы, ан лҳәыҷқәа зегьы еиԥшны бзиа ишылбо еиԥш. Урҭ реиԥш иҟоу «асценатә ҳәыҷқәа» актриса илымоуп 70 инареиҳаны.

Ақьачақьратә рольқәа рҟынтә зегь реиҳа Софа бзиа илбоит Шоҭа Ҷкадуа иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль «Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа!» аҟны иналыгӡо ароль. Раԥхьаӡа акәны аспектакль ықәыргылан 40 шықәса раԥхьа, усҟан иахьӡын «Акьанџьа». Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аспектакль Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿартә театр арепертуар иалоуп.

«Ари аспектакль уажәшьҭа акыршықәса шахыҵуагьы, ахәаԥшцәа бзиа ирбоит. Лассы-лассы иҳазҵаауеит ианбақәҳаргылои ҳәа. Ухаҿы аагара уадаҩуп, аха ҳара иҳалшоит ари аспектакль есымша иҿыцу ак алагалара. Атеатр аҿы ус оуп ишыҟоу: ахәаԥшцәа аспектакль ҭырҵаауеит, иргәалашәоит аишьҭанеишьақәа. Иҿыцу, уаанӡа ирымбац асецнаҿы ианыҟало, азал уи иақәҿырҭуеит, еилыркаауеит», – ҳәа азгәалҭоит Агәмаа.

Актриса илықәҿиеит ҳәа илыԥхьаӡо рольуп иара убас ақыҭантәи аӡаахҩы, хҭысс иааҟало зегьы ирылахәу Ҭара Ҭаразиа лроль, Баграт Шьынқәба иҩымҭала иқәыргылоу аспектакль «Нас ишышәҭаху акәзааит» аҟны.

Лара зроль налыгӡо афырԥхәызба лцәырҵра ҳәашьа змам алахҿыхра рызцәырнагоит асценаҿы илыцхәмаруа актиорцәагьы, еизаз ахәаԥшцәагьы ҳәа азгәеиҭеит аҟазараҭҵааҩы Алықьса Аргәын, Софа Агәмаа лырҿиаратә ԥсҭазаара иазку ишәҟәаҟны. «Даара уарлахҿыхуеит ақыҭа иалҵыз аԥхашьа-ԥҳаҵа иҟалҵо анапырхахарақәа, лнаҵәкьарақәа лқьышәқәа ишрықәылшьуа, лҽырҩысҭааны дшазыӡырыҩуа акырӡа дыззыԥшыз абзиабара ажәақәа, убасгьы, лхы лгәаԥханы, лҽырԥагьаны аҳаргь лнапы иахарҵәиуа дшықәгыло».

Ақьачақьратә рольқәа инарываргыланы, Софа Агәмаа иналыгӡахьеит игениалтәу атрагедиатә рольқәагьы. Урҭ инарылукаартә иҟоуп Софокл испектакль «Електра» аҟны иналыгӡаз Електра лроль.

Аԥсуа театр иқәнаргылаз «Електра» иазкны москватәи агазеҭқәагьы акртикатә хҳәаақәа рнылеит. Убас, еицырдыруа москватәи атеатр аҭҵааҩы Гульченко 1979 шықзсазы иҩуан: «Амариареи адуреи – Електра лҟазшьа иаҵоу аҩ-ганк ҟазарала иаалырԥшит Софа Агәмаа ари аспектакль аҟны. Лжестқәеи лыԥшышьеи ирнубаалоит агәырҩа ахгареи, ихәшьаадоу ацәаныррақәеи. Иааизакны аспектакль асахьа аҟны Агәмаа – иԥагьоу, зхала иҟоу аԥсаатә даҩызоуп. Лара лахьынҵас илыман лаб ишьоура, аха ақәнага дақәшәароуп лан Клитемнестрагьы».

Софа Агәмааԥха линтервиуқәа руак аҟны гәаартыла илҳәеит, актриса лзы инасыԥу, иахьынӡалшо ирацәаны арольқәа рынагӡара шакәу, «арольқәа – угәы иҭоу, акрызҵазкуа аҳәаразы алшара шурҭо».

1989 шықәсазы Софа Агәмаа Аԥсуа театр асцена нлыжьыр акәхеит. Уи аамҭаз уаҟа аус лухьан 29 шықәса. Илызгәакьоу атеатр аҟны акыршықәса раахыс лыҟамзаара актриса лхатә трагедианы илыԥхьаӡоит, уи агәаларшәарагьы лара лзы даараӡа иуадаҩуп.

«Сара сымацара сакәӡам ари арыцҳара зыхьыз, – лҳәоит Агәмаа, – ихадоу актиорцәа аӡәырҩы сара исыцны ицеит, иаҳҳәап, Амиран Ҭаниа, Алиоша Ермолов».

Актриса атеатр аҟынтә данца, уи арепертуар иацәыӡит лара ароль хадақәа ахьыналыгӡоз аспектакльқәа ԥыҭк.

Иҿыцу арольқәа

Аԥсны атеатртә сцена хада иаҟәгаз Софа Агәмаа баша лнапқәа еиқәыԥсаны дызтәомызт. Лара лҟазареи лымчхареи налырхеит иҿыцыз аус ахь: актриса лҽазылкуеит Фазиль Искандер иҩымҭақәа аԥсшәахь реиҭагара, урҭ рықәыргылара, амоноспектакль аҳасабала адаптациа рзура. Убас, 1989 шықәсазы Агәмаа иаԥылҵеит Искандер иҩымҭала амоноспектакль «Харлампии Деспинеи». Қәҿиарала имҩаԥылгеит агастрольқәагьы, аспектакль лыманы даҭааит Москва, Ҟабарда-Балкариа.

Софа Агәмаа лҟазаратә гәҭакқәа ателехәаԥшраҿгьы аарԥшра лылшеит. Икьаҿу акиносахьақәа – «Иареи, лареи, урҭ рҩызеи», «Уажәшьҭа дабаҳго?», «Татчкеи Қьышьуарди», «Сыхаара Б» рҭыхраан, арольқәа рынагӡара адагьы, Агәмаа арҭ асахьақәа рҿы дықәгылеит арежиссиори асценари аԥҵаҩи раҳасабала. Арҭ акиносахьақәа ателехәаԥшцәа даараӡа бзиа ирбеит, лассы-лассы Аԥсуа телехәаԥшралагьы иддырбоит.

Иара убас актриса лыҽҭылххьеит зметр наӡоу асахьаркыратә фильмқәа рҿгьы. Урҭ рҟынтә иалукаар алшоит абас еиԥш иҟоу акиносахьақәа: «Время счастливых находок», «Хҭырԥа шкәакәа», «Иԥшьоу ажьира асаркьал», «Напыхьараџь».

Лара лхатә театр «Аамҭа» аҟны (уи аартраҿы длыцхрааит лыԥшәма, еицырдыруа амеценат Виктор Џьениа (Абаза)), имҩаԥысуан атеатр ахәылԥазқәа, иқәдыргылон аспектакльқәа. Еиҳаракгьы ахәаԥшцәа иргәаԥхон «Аччареи алаӷырӡи рыхәылԥаз» зыхьӡыз аспектакль, уи иалахәын Софа Агәмааи, атеатр аҟнытә илыцны ицаз лколлегацәеи, иара убасгьы иқәыԥшу актиорцәа – Агәмаа лааӡамҭацәеи.

Софа Агәмаа иналыгӡаз даҽа ус дук акәны иԥхьаӡатәуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны актиортә ҟәша аԥҵара. Уи аартра аидеиа Софа Хынтрыгә-иԥха илыдигалеит лҩыза ду, аҟазаҭҵааратә наукақәа рдоктор, апрофессор Алықьса Аргәын. Уи аидеиа адгылара азиуит ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа, аҳәынҭқарра аиҳабырагьы ари аус ахацыркра азин арҭеит. Раԥхьаӡа акәны, «Софа Агәмаа лфакультет» ҳәа ауаа рыбжьара хьӡыс изауз, астудентцәа аднакылеит 1998 шықәсазы. 2014 шықәсазы Агәмааи, уи лоушьҭымҭацәеи, лколлегацәеи иаԥырҵеит Аԥсны ахәынҭқарратә аҿартә театр.

«Аҿар ртеатр дамоуп ахатә хәаԥшҩы, ҳара бзиа ҳарбоит, ҳаргьы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аусуразы, уи азы иҟоу аҭагылазаашьа уамак иманшәаламзаргьы. Ҳара иқәҳаргылахьеит жәаба инареиҳаны аспектакльқәа», – ҳәа азгәалҭоит Софа Агәмаа.

Иахьазы аҿар ртеатр икәнаргылоит аспектакльқәа Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр асценаҿы. Софа Агәмаа дхынҳәит гәыкала бзиа илбо атеатр ашҟа, лымацарагьы дмааӡеит – илааӡаз актиорцәа лыҵагылоуп.

Аҿар ртеатр актиорцәа рзы Софа Хынтрыгә-иԥҳа дагьырҵаҩуп, дагьҩызоуп, дагьгәеизырҳаҩуп, дагьмузоуп, убри аҟнытә актриса илааӡаз актиорцәа лара лганаҿы аҟазаара насыԥ дуны ирыԥхьаӡоит. Ҳәарада, Софа Агәмаа илхуҳәаар ҟалоит Аԥсуа театр «зыԥсы ҭоу алегенда» ҳәа.