Ԥхынҷкәын 5 рзы 80 шықәса ихыҵуеит Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аҳақьым Заудин Дагаз-иԥа Хәына. Абри арыцхә инадҳәаланы АААК Аинфопортал иазнархиеит аиубилиар изанааҭтә мҩеи иԥсҭазаареи ирызку аочерк.

Лиудмила Аисанова

Заудин Хәына – амедицинатә ҭҵаарадырақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аҳақьым, Черқьесск иҟоу асанаториа-профилакториа «Солнечныи» аҳақьым хада – ихьӡ Ҟарачы-Черқьесиа адагьы, Ареспублика анҭыҵгьы ибзиаӡаны ирдыруеит. Заудин Дагаз-иԥа илоу гәцаракрала аус азнеишьа иабзоураны, иара дыԥхьаӡоуп аихьӡарақәа змоу напхгаҩыс, зус иазҟазоу специалистны, иара убасгьы аҿыцаԥшьгаҩыс: даараӡа ирацәоуп агәабзиарахьчараҿы имоу алшамҭақәа.

Иара далырххьан раԥхьатәи Урыстәылазегьтәи ахатә практика змоу аҳақьымцәа рассоциациа ахантәаҩыс. Насгьы, Заудин Дагаз-иԥа – Ҟарачы-Черқьесиатәи Азкәанԥҵаратә еизара аветеранцәа дырхыԥхьаӡалоуп.

Гәаартыла аицәажәара

Еицырдыруа аҳақьым изкны аочерк аҩра сҽаназыск, сара раԥхьаӡа иргыланы хықәкыс исыман уаҩԥсык иаҳасабала дзеиԥшроу аиҭаҳәара. Аха уи еиҭоуҳәарц азы, зны иара дудырроуп. Иара зынӡаск ахӡыргара злам, иарку ҳәа ззуҳәар ауа аӡә иоуп ҳәа зласаҳахьаз ала, сара заанаҵ ахьамҵра сҽазыҟасҵеит. Аха ус шакәызгьы, мап сцәимкыр ҟалап ҳәа агәыӷра сыман, избанзар сара сангьы Хәынаа рыжәла датәын. Аха баша сшәозаарын, аус акыр имариахеит. Ҳара ҳаицәажәара мҩаԥысит асанатори аҩнуҵҟа, икабинет ҭбааҭыцә аҟны, исԥылазгьы Хәына иԥҳа еиҳабы Татиана Пазова лоуп – лара иахьазы ахәышәтәратә усбарҭа «Солнечныи» анапхгараҭаратә усқәа зегьы лнапы иануп, лаб арӷьажәҩас дивагылоуп.

Нас, аҩыџьагьы санрацәажәоз, сгәы иахәаны избон русеицураҿы шаҟа еизыманшәалаз абарҭ еизгәакьоу ауаа, еицырзеиԥшу аус аҿы еиҟароу партниорцәас иҟоу.

Татиана Заудин-иԥҳа, ҳәарада, асанатори иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы лдыруеит. Аха уи еиҳангьы иџьаушьаша, лаб иусура ахҭысқәа зегьы нҭырҳәцааны иахьылдыруа ауп, лара илгәалашәоит иԥсҭазаара аҟынтә аинтерес зҵоу афактқәеи ахҭысқәеи рацәаны. Убас, дналахханы еиҭалҳәеит Хәына Москваҟа амаҵураныҟәара дышцоз аҳаирплан аҟны иҟалаз хҭыск атәы.

«Апассаџьырцәа руаӡәы иаалырҟьаны игәы ахьаа изцәырҵит, апаника ҟалеит, ауаа идеизалеит, аха саб зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа аҳақьым цхыраара ииҭан, уи ауаҩ иԥсы еиқәхеит», – ҳәа лаб ила лгәы дуны еиҭалҳәоит Татиана, сара усгьы сгәы иаанагеит: «ари шаҟаҩы дрыцхраахьоу Анцәа иоуп издыруа, егьаҩы рыԥсқәа еиқәирхахьеит» ҳәа.

Аҭоурых змоу аҭаацәа

Заудин Дагаз-иԥа диит Ҟәыбина лоқҭ, Дагаз Асҳаҭ-иԥа Хәынеи уи иԥҳәыс Тезада Мусса-иԥҳа Дагәжьеиԥҳаи рҭаацәараҿы.

«Аҭаацәараҿы сара схәыҷы заҵәын, – ҳәа еиҭеиҳәоит аҳақьым. – Сан аколнхара далан, саб – Ҟәыбина иҟаз Чкала ихьӡ зхыз аколнхара дахантәаҩын. Аҩыџьагь аашар хәлаанӡа акрура иаҿын, усҟан зегь реиԥш инхон, мал дук ркны ҳәа иҟамызт».

Хара имгакәа аб аррахь иԥхьоит. Аефреитор Дагаз Хәына 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду зегь ихигеит, аштабтә батареиа аԥшыхәҩыс дыҟан. Лымкаала ишәарҭаз, акрызҵазкуаз аибашьратә дҵақәа рынагӡараан иааирԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи рзы ианашьан хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи. Иахьа сзацәажәо уи иԥеи имоҭеи гәыбылралеи гәадуралеи исзеиҭарҳәон уи иӡбахә, аибашьра ашьҭахь Ҟәыбина лоқҭ ақыҭсовет администрациа ахадас иусура атәы. Дара еидкыланы ирымоуп, иахӡыӡаангьы пату ақәырҵоит аҭаацәаратә архив: рыуацәа зну ажәытә фотосахьақәа, агазеҭтә статиақәа рыгәлаԥҟақәа, ашәҟәқәа – рабду Дагази уи иабацәеи русқәа ртәы ахьаҳәо…

Абар аҳаҭырқәҵара узцәырызго даҽа факткгьы: ари аҭаацәараҿы аибабара рыбжьоуп Заудин Дагаз-иԥа ианԥса лыхшареи дареи – Галина, Света, Зоиа, Ромик Хәынаа. Ари акыр иаԥсоуп!

Ахәыҷра иунарҵо

Ахԥатәи акласс аҟнынӡа Заудин аҵара иҵон Ҟәыбинатәи ашкол аҟны. Аҵараҵара даараӡа дазҿлымҳан, аихьӡарақәа иман, аха убас иҟалеит аҭагылазаашьа – иан лганахьала иуацәа реиҳараҩык арепрессиақәа ирықәыршәаны Абжьаратә Азиаҟа ихган.

«Зымацара иқәхаз сани сареи иаҳзынхаз акы акәхеит – ҳауацәа ҳрышьҭаланы ацара, - игәалашәоит Заудин Дагаз-иԥа. – Атәымдгьыл ахь ҳхы рханы амҩа ҳшангылаз, машәыршәа иаҳԥылоит қыҭак аҟны иҳацынхоз Ҳасароҟәа Исмаили уи иԥшәмаԥҳәыс Ҳаџьаҭи. Иуадаҩу ҳҭагылазаашьа баны, дара ирыӡбоит ԥарала иҳацхраарц, ҳазну амҩа наҳагӡарц азы. Усҟантәи аамҭақәа рзы уи цхыраара дуун уҳәар ҟалоит. Убасҟан ауп сара раԥхьаӡа акәны ианеилыскаа – аҳаҭырқәҵареи, агәыразреи, арыцҳашьареи рхы шаадырԥшуа. Убри ахҭыс наунагӡа сгәалашәараҿы инхеит, иахьа уажәраанӡагьы исхашҭуам».

Заудин хәыҷи иани нхара иалагоит рыԥсадгьыл иахганы рыуацәа ахьааргаз аҭыԥ иацәыхарамыз ақалақь Курган-Тиубе (Атаџьық Совет Республика) аҟны. Иан аколнхараҟны аусура далагоит, излалылшоз ала лыуацәа дрызнеиуан, дрыцхраауан. Заудин иакәзар – ашкол ҿыц ахь аныҟәара далагоит, уаҟа иара илиршар акәын аамҭа кьаҿк иалагӡаны ицәыбжьахаз ашколтә программа аҽахьыгӡара.

Ашкол адагьы Заудин дзыхьӡараны иҟаз рацәан: иан длыцхраауан, насгьы аҭаацәараҿы ахаҵа иус назыгӡоз иара иакәын. Аԥсҭазаара аԥышәарақәеи, иџьбараз адисциплинеи закәыз Заудин Дагаз-иԥа дышқәыԥшӡаз ибзиаӡаны инырит.

1957 шықәсазы арепрессиатә кыдцаларақәа нкылан, убри абзоуралагьы аҭаацәара рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит, амала иабду Муссеи ианду Қьанфои рыда – урҭ атәым дгьыл аҟны рыԥсҭазаара иалҵит Атаџьық Республикаҟны анышә иамадоуп.

Абаза рԥыс ираӡны

Ирызгәакьоу Ҟәбинаҟа ихынҳәыз Хәынаа рҭаацәара, хәыҷы-хәыҷла ршьапы иқәгыло иалагеит. Ахықәкы рацәа змаз арԥыс абжьаратә ҵара аиура дашьҭан, аха иқыҭаҿы иҟаз ашкол аа-класск ракәын иамаз. Убри иахҟьангьы, Заудин иҵара иациҵоит Џьагәҭантәи астаница аҟны иҟаз абжьаратә школ №1 аҟны, аха уахь амҩа мариамызт: шьапыла хә-километрак данысуан. Уаҟа аҵара иҵон ҩышықәса.

Уи хьӡи-ԥшеи змаз школын, атәылаҿацә аҟны зегьы иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡан. Насгьы уаҟа аус руан еицырдыруаз арҵаҩцәа, урҭ рыхьӡқәа Заудин Дагаз-иԥа иахьагьы ибзианы игәалашәоит, иҭабуп ҳәагьы реиҳәоит – Клавдиа Фиодор-иԥҳа Долбина, Алла Михаил-иԥҳа Памазанова, Алексндр Иаков-иԥа Каспарианц, Дмитри Андреи-иԥа Киселиов. Арҭ арҵаҩцәа, аҳақьым иажәақәа рыла, аҵара мацара акәӡам идырҵаз, иара убасгьы иреиӷьӡоу ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа иларааӡеит.

«Акласс аҿы аҵара бзиаӡаны изҵоз, насгьы аиҩызара зыбжьаз, ҳәа иԥхьаӡан хҩык арԥысцәа – сара, Миша Аксионов, нас Саша Салеико, - еиҭеиҳәоит Заудин Дагаз-иԥа. – Иара убарҭ аамҭақәа инадыркны аиҩызара ӷәӷәа иахьа уажәраанӡагьы иаҳабжьоуп. Ҳқәыԥшын, активра ҳалан… адунеи ааҳартуан, сгәанала, гхақәакгьы ҳахьуан, аха уи зегьы реиҳа анасыԥ зцыз аамҭан, зегьы ахы аныҵнахуаз аамҭа…».

1959 шықәсазы Заудин араӡны медалла абжьаратә школ далгоит. Ари, ҳәарада, арԥыс раԥхьатәи ииааира акәын, иара убасгьы, ари иуацәеи иқыҭауаагьы зегьы рзы иааиран.

«Апрофессор Доуель ихы»

Заудин Дагаз-иԥеи сареи ишколтә ԥсҭазаара ҳаналацәажәоз, сара исызцәырҵит агәаанагара, амаҭәар химиа арҵаҩы Алла Михаил-иԥҳа Памазанова изанааҭ алхраҿы анырра ӷәӷәа илҭеит ҳәа. Аха Хәына излеиҳәаз ала, ԥхьаҟа изанааҭхараны иҟаз алихиижьҭеи акрааҵуан. Уи аҭоурыхгьы абас иҟоуп. 12 шықәса раҟара зхыҵуаз арԥыс инапаҿы иоуит даараӡа аинтерес змаз ашәҟәы – Александр Белиаев ифантастикатә роман «Апрофессор Доуель ихы».

«Сҽысзаҟәымҭхуа убри ашәҟәы саԥхьон: иара иснаҭаз анырра ӷәӷәа аҩыза уи аԥхьаҟа акгьы иснамҭацызт, ҳәарада, саршанхеит», - игәалашәоит Заудин Дагаз-иԥа.

Иара иажәақәа рыла, ароман данаԥхьа ашьҭахь уамашәа иубаша ахәыцрақәа ихахьы иааиуа иалагеит.

«Уахи-ҽни ароман аҿы иҟаз асценақәа исахьаркны схаҿы иаазго салагеит. Гәаныла ихадоу афырхаҵа ихшыбаҩ амҩангақәа аҿаԥысшьуан. Апрофессор Керн иҟаиҵоз аманипулиациақәа зны-зынла исыдыскылон, зны-зынла мап рцәыскуан. Аоперациа амҩаԥгаразы схатә мҩақәа ылысхуан. Ахшыбаҩ аусура аиӷьтәразы схәыцрақәа убас хара сыргон, убас ала ахирургиа аҟнынӡа сагьнеит», - дыччо еиҭеиҳәоит Заудин Дагаз-иԥа.

Аха ус шакәызгьы, азанааҭ алхраҿы ихылҵшьҭратә генқәа анырра ҟарҵазаргьы ҟалап. Иабду Асҳад Хәына – Ҟәбина еицырдыруаз, ауаа зхәышәтәуаз уаҩын, уи имаз жәлар хәышәтәратә дыррақәа иаб Ҳысдауҭ иҟнынтә изынхеит.

1966 шықәсазы дзылгаз Ставропольтәи амедицинатә институт аԥшьбатәи акурс аҿы дантәаз, Заудин Дагаз-иԥа иӡбоит амедицинаҿы хырхарҭас иалихуа. Дшыстудентызгьы иара акырынтә ажәахәқәа иманы дықәгылахьан Москвеи, Ленингради, Краснодари, Оренбурги имҩаԥсыуаз аконференциақәа рҟны. Апрактикатә усура еиҳа дахьазҿлымҳаз иахҟьаны, алатәаратә форма змоу аспирантура шидыргалозгьы, Заудин дҭалоит алатәарадатә аспирантура.

Аҳақьым, анапхгаҩы

Ҟарачы-Черқьесиатәи автономтә тәылаҿацә аҟны агәабзиарахьчаратә асистема ашьақәгылараан Заудин Дагаз-иԥа еиԥш иҟаз аспециалистцәа даараӡа пату рықәын, иаҭахны иҟан. Заԥхьаҟа ақәҿиарақәа ззыԥшыз аинститут аушьҭымҭа хирургс дрышьҭуеит Адыга-Ҳаблатәи араионтә хәышәтәырҭахь.

«Атәылаҿацә агәабзиарахьчара аҟәша аиҳабы Савва Дмитри-иԥа Казанчеви сареи инарҭбааз ҳаицәажәара ашьҭахь, зыӡбахә ҳәоу ахәышәтәырҭа аҳақьым хадас сҟаҵан», - игәалашәоит Заудин Дагаз-иԥа.

Уи нахыс иалагеит акрызҵазкуаз, аҭакԥхықәра зцыз аусура. Аамҭа кьаҿк иналагӡаны, анапхгаҩ қәыԥш ихы ааирԥшит ԥхьаҿиарала аус иазнеиуа уаҩны, насгьы уи аамҭазы аԥҟарақәа мҩаԥызго ахирургцәа рыштат аҟны еиԥмырҟьаӡакәа дыҟан.

Араҟоуп ихатә ԥсҭазаарагьы ахьышьақәгылаз: аоперациақәа анымҩаԥигоз ицхраауаз амедиаҳәшьа Мариа Мураҭ-иԥҳа Уазԥҳаи иареи аҭаацәара аԥырҵоит, хҩык ахшарагьы роуеит.

Ахәышәтәырҭа анапхгаҩыс Заудин Дагаз-иԥа жәаҩа шықәса дыҟан. Уи аамҭа иалагӡаны иаартын аинфекциатә, ахәыҷтәы, агинекологиатә ҟәшақәа, адырра ҿыцқәеи аԥышәеи раиура иашьҭоу апрофессионалтә кадрқәа ԥшаан. Хәына иалахәралоуп ахәышәтәырҭа иадҳәалоу аполиклиника апроект шазырхиаз, анаҩс уи аргыларагьы ишалагаз. Аҳақьым иаԥшьгарақәа аҵыхәтәанынӡа инарыгӡеит иҵаҩцәа – Хызыр Бадахови Владимир Лацәыши, избан акәзар, 1979 шықәсазы, Заудин Дагаз-иԥа диаган Усть-Џьгәаҭытәи ихадоу араионтә хәышәтәырҭахь аҳақьым хадас.

«Аамҭа даԥасуа»

Аашықәса аус ахьиуз ахәышәтәырҭа ҿыц аҟны, Заудин Дагаз-иԥа, раԥхьатәи иусурҭа ҭыԥ аҟнеиԥш қәҿиарала еицынаигӡон анапхгаҩи, ахирурги русқәа.

Уи аамҭа иалагӡаны, иара иалахәрала аусура иаларган ақалақь Усть-Џьгәаҭытәи, аҳабла Московски рҟны аполиклиникақәа, иара убасгьы иаԥшьган аҭыԥтәи ахәышәтәырҭа аргылареи, араионтә хәышәтәырҭа иаҵанакуа ахирургтә корпус апроект азырхиареи.

Зеиԥш ыҟам аҳақьым-ахирург – иколлегацәеи, баша дыздыруа ауааԥсыреи ианакәызаалакгьы џьашьахәыс дҟаҵаны дрыман, ауаа рыбжьара имоуп апатуқәҵара ду.

«Заудин Дагаз-иԥа ишьақәиргылаз, иҳаракӡоу ахаҭабзиара змоу аусура апроцесс аиҿкаашьеи, иҟоу адисциплинеи реиԥш – сара даҽаџьара исԥымлацт», - лҳәоит ҞЧА зҽаԥсазтәыз аҳақьым, данқәыԥшӡаз Усть- Џьгәаҭытәи араионтә хәышәтәырҭа аҟны Хәына инапхгарала терапевтс аус зуаз, Узден Нина Сулҭан-иԥҳа. Анаҩс, Хәына ихаҭыԥуаҩс Нина Сулҭан-иԥҳа аус луан асанатори-профилактори «Солнечныи» аҟны. Лара излазгәалҭаз ала,

есымша џьашьахәыс илыман, Заудин Дагаз-иԥа есқьынагьы аамҭа дшақәшәо, «зны-зынлагьы аамҭа даԥасуа» иус азнеишьа.

«Иара ихаҭа иакәзар, иааиԥмырҟьаӡакәа идыррақәа реизырҳара даҿын, амедицинаҿы иҿыцу ахырхарҭақәа ҭиҵаауан, иколлегацәагьы убри рабжьигон. Аус ахьиуаз аколлективқәа зегьы рҟны, Заудин Дагаз-иԥа имоуп валашьа змам апату, уи зыбзоуроугьы – ипрофессионалра аҳаракреи, иуаҩреи, илоу аинтеллигентреи еишьашәаланы иахьеицааиуа ауп», - лҳәоит Нина Сулҭан-иԥҳа.

Уамашәагьы иубартә иҟам Ҟарачы-Черқьесиа иакзаҵәыку, раԥхьатәи ахәышәтәратә-профилактикатә усбарҭа аҳақьым хада иҭыԥ Хәына иахьидыргалаз.

«Солнечныи»

1987 шықәсазы Черқьесск аинфраструктура активла аҿиара иалагоит: иаԥҵахоит амикрораион ҿыцқәа, аспорттә комплексқәа, асоциалтә-ҵарадырратә убсарҭақәа.

Европа иреиҳаӡоу ацемент зауад анапхгаҩы Виктор Платонов ибзоуралоуп ишыргылазгьы азауад аусуцәа рзы раԥхьатәи ахәышәтәратә-профилактикатә усбарҭа. Асанатори аҟны иҟан усҟан азы иҿыцӡаз аклиникатә-диагностикатә хархәагақәа, иаман аминералтә аиодтә-бромтә ӡырԥхақәа ркылҳара. Уи зегьы абзоурала,

ари асанатори ҞЧА адагьы, Нхыҵ-Кавкази Алада Урыстәылеи еицырдыруа иҟалеит.

Убасоуп ишалагаз, 30 шықәса инареиҳау асанатори-профилактори «Солнечныи» аҭоурых. Асанатори анаԥҵаз амш инаркны иахьа уажәраанӡа уи напхгара азиуеит Заудин Дагаз-иԥа. Ҳәара аҭахума, арысҟамҭа актәи аҭыԥ аҟны аҟазаара, аусура иҳаракӡоу ахаҭабзиара аиқәырхара – зынӡа имариаӡам. Абри зегьы зларышлои, насгьы ԥхьаҟатәи гәҭакқәас ирымоуи еилыскаарц сызҵаара лзысҭиит аусбарҭа адиректор хада.

«Иахьазы ҳара ҳҭагылоуп маҷк иуадаҩу аамҭа, аха ҳгәы каҳажьуам, чымазаҩцыԥхьаӡа лымкаала ҳрызнеиуеит, ргәабзиара апрофилактикеи, аиҭашьақәыргылареи рзы еиҳа иеффективтәу аметодқәа рыдаҳгалоит», - лҳәоит Татиана Заудин-иԥҳа.

Исаҳауеит, ауадабжьараҟнытә Заудин Дагаз-иԥа араҟа зҽызхәышәтәуа руаӡәк аԥсшәа шиеиҳәо, игәабзиара дшазҵаауа. Апациент иакәзар, лафны аҭак иҳәоит: «Аҳақьым хада иҭыԥ аҿы дыҟоуп!» ҳәа. Саргьы сеигәырӷьоит, абас еиԥш иҟоу ахирург – иқәра шнеихьоугьы – аҷкәынԥшра змоу, есқьынагьы агәалаҟаара бзиа ахьимоу. Ибзиаӡанагьы избарҭоуп – саԥхьа игылоу ауаҩы анасыԥ ду шимоу. Иахьазгьы, Заудин Дагаз-иԥа активла инаигӡоит апрофессионалтәи ауаажәларратәи аусурақәа, имоу иԥышәа ду иколлегацәа ирымидоит, Урыстәылатәи Афедерациа аурологцәеи-андрологцәеи жәларбжьаратәи рассоциациа алахәҩыс дыҟоуп. Ԥхынҷкәын 14 рзы Заудин Дагаз-иԥа дцараны дыҟоуп Иарославльҟа, уаҟа имҩаԥысуеит Урыстәыла ахирургцәа реизара.

Ихатә ԥсҭазаара – «бзиаӡоуп»

Заудин Дагаз-иԥа иҭаацәара исызцәырыргаз агәышьҭыҵра атәы еиҭасҳәахьеит, аха иацысҵар сҭахуп, абри аҭаацәараҿы абиԥара реимадара ҿырԥштәыс ишыҟоу. Заудин Дагаз-иԥа агәыбжьанытәи иԥҳа Лилиеи иҷкәын Аслани раб изанааҭ алырхит. Урыстәылатәи Ажәларқәа реиҩызара Ауниверситет иалганы, аҩыџьагьы жәашықәса инареиҳаны Москватәи аклиникақәа рҟны аус рухьеит, иара убасгьы ирыхьчахьеит акандидадтә диссертациақәа.

Аха ажәаԥҟа «Уахьииз ауп уахьахәо» - дара ирызкыҵәҟьоуп. Лилиеи Аслани рыҩныҟа ихынҳәны, ҞЧА ауааԥсыра рыхәшәтәуеит. Абазақәа рҿы ишыҟоу еиԥш, иани иаби дрыцынхоит – макьаназы аҭаацәара аԥызымҵац – рыҷкәын заҵә Аслан. Ҳәарада, иколлегацәеи ачымазаҩцәеи рзы иара Аслан Заудин-иԥа иоуп. Иахьазы, ареспубликатә онкологиатә диспансер аҟны аурологиатә ҟәша еиҳабыс дыҟоуп. Иԥҳа Лилиа Заулин-иԥҳа Шебзыхәа – Ҟарачы-Черқьессктәи аперинаталтә Центр агинекологиатә ҟәша аиҳабыс дыҟоуп.

Сара убасгьы слабадырит 14 шықәса зхыҵуа, Заудин Дагаз-иԥа имоҭа еиҳабы Анжелина (иԥҳа Татиана дылтәуп), уигьы лабду еиԥш дҳақьымхар лҭахуп. Анжелина даараӡа дсыцхрааит аочерк азы афотосахьақәа рыԥшаараан, насгьы исзеиҭалҳәеит лабду – абаҳчааӡара уамашәа ишицааиуа.

Аиҿцәажәара хыркәшаны, уажәшьҭа сцап ҳәа сҽаназыск аламҭалазы, ран Лилиа илыцны рабду иахь имҩахыҵит хышықәсеи, шықәсыки зхыҵуа имоҭа еиҵбацәа – Ибрагими, Асҳади. Ахәыҷқәа сынрыдтәаланы азҵаара рысҭеит: «Шәаргьы шәанызҳалак шәабду еиԥш шәҳақьымхома?» ҳәа. Ахәыҷқәа еицҿакны «ааи» ҳәа рхы арҵысра иалагеит. Иҳәатәума уи шаҟа гәырӷьареи ччареи ҳазцәырнагаз.

Гәыкала среигәырӷьоит апатуеиқәҵареи аҳәоуеиқәшәареи аҳра ахьыруа абри аҭаацәара. Зегь рыла иманшәалахааит!

Заудин Дагаз-иԥеи иҭаацәара ԥшӡеи ирзеиӷьысшьоит анасыԥи, агәабзиареи, шықәсырацәала, қәҿиарала аусуреи!