Мухарбек Аков ихьӡ зху Ачерқьес драматә театр аспектакль аиааира агеит Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра имҩаԥнаго аҿартә режиссура адгылара иазынархоу афедералтә еицлабраҿы.
Саид Барганџьиа
Бемурза Ҭҳаиҵыкә ироман ала иқәыргылоу ачерқьес театр аспектакль «Нышә напык» аиааира згаз ируакхеит Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра имҩаԥнаго аҿартә режиссура адгылара иазынархоу афедералтә еицлабраҿы. Абри атәы аалыцҳаит атеатр адиректор Дина Акова.
Лара лажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс азы иазырхиан аспектакль аԥхьарбара, апремиера азыԥхьагәаҭоуп иааиуа ашықәс актәи азбжазы, Урыстәыла 2019-тәи ашықәс – Атеатр иашықәсны ирылаҳәоуп. Лара иацылҵеит убасгьы, атруппа ари аспектакль ала ҞЧА анҭыҵгьы агастрольқәа рыманы ацара ргәы ишҭоу.
Ароман «Нышә напык» иаанарԥшуа ахҭысқәа ҟалеит Кавказтәи аибашьреи уи иахылҿиааны ашәуаа Османтәи аимпериахь рахцареи аамҭа еиқәаҵәақәа раан, XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы. Арҿиамҭа автор ҟазарала ҩ-цәаҳәак ааигоит: жәларык рытрагедиа ааирԥшуеит аҭыԥҳа ллахьынҵала.
Аспектакль арежиссиорс дамоуп Гиви Валиев – Ҟабарда-Балкариеи Нхыҵ Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артист, ГИТИС арежиссура афакультет аушьҭымҭа. Бемурза Ҭҳаиҵыкә ироман ақәыргыларазы адаптациа азиуит адраматург қәыԥш, алитератураҭҵааҩы Зураб Бемурза. АААК аинфопортал ахҳәаа аҭауа, иара иазгәеиҭеит арҿиара аганахьала ари аус имариаз акы шакәымхаз.
«Мухарбек Аков (ҟарачы-черқьессктәи асовет актиор – аред.) ихьӡ зху Ачерқьес театр абри аҩымҭа асценаҿы ақәыргыларазы адаптациа ҟасҵарц ансыдыргала, сара сақәшаҳаҭхеит, аха ҩныҵҟала схазы иазгәасҭеит ари аҭакԥхықәра ду зцу хыдҵахоит ҳәа – ашәҟәыҩҩцәа дуқәа раԥҵамҭақәа реиҭагареи адаптациа рзуреи. Аклассикцәа рбызшәала иҩу апроза атеатр абызшәахьы аиагара зҽазызкуа рацәаҩӡам», – ҳәа ҳаилиркааит адраматург, иагьациҵеит абас еиԥш иҟоу аусураан алитератор ҩбаны аҭакԥхықәра шидло: иара ихатә сахьаркыратә знеишьа азгьы, аҩымҭа аоригиналтә цәаҩа аиқәырхаразгьы.
Аха егьа ус акәзаргьы, ашәҟәыҩҩы Ҭҳаиҵыкә иавторитети иара ароман атематика ахаҭеи Бемурза имаз агәҩарақәа зегьы рҿаԥхьа аԥыжәара ргеит.
«Сара аҭоурых аӡыблара иалаӡыз аубых жәлар рхылҵшьҭрак, аԥсуа-адыга жәлар рхаҭарнакык иаҳасабала ианакәызаалак Кавказтәи аибашьра атемахь исыхоит. Уи ҳара зегь ихьаау уалԥшьас иҳақәзар ҟалап ҳабдуцәа рҿаԥхьа, досу иара имҩала зыжәлар ирзишәараны иҟоу. Сара исшәоит аԥсабара исыланаҵаз абаҩхатәреи, дара рыбзоурала иахьа исымоу аԥсҭазаареи рыла», – иҳәеит Бемурза.
Иара иеиҭеиҳәеит ақәыргыламҭа знапы алакыз агәыԥ зегьы аџьабаа рацәаны ишырбаз, избан акәзар «иаҳсыхьоу аҭоурых иалацәажәатәын ҳаамҭазтәи атеатр абызшәала».
«Атеатр анапхгара абас еиԥш иҟоу ашьаҿақәа ахьыҟанаҵо иҳанаҳәо уи ауп – ԥхьаҟатәи аҿиаразы иамбициатәу агәҭакқәа шрымоу, актиори ахәаԥшҩи рыбжьара иҟоу аимадарахьы иҿыцу азнеишьақәа ишрызхьаԥшуа», – ҳәа иажәа хиркәшеит адраматург.
Ачерқьес драматә театр уажәадагьы ирылахәхахьан Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра аҿартә режиссура ацхыраара аҭара аганахьала еиҿнакаауа апроектқәа. Атеатр асценаҿы иахьагьы иқәдыргылоит арежиссиор қәыԥш Ҭемыр Исупов испектакль «Адауи уи имԥааз амцеи», уигьы Зураб Бемурза ипиеса иалхны.
Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра аҿартә режиссура ацхыраара аҭаразы еиҿнакаауа аицлабра хықәкыс иамоуп арежиссиор қәыԥшцәа алархәны амилаҭтә театрқәа рырҿиара, урҭ рҟны аспектакль ҿықәа рықәыргылараҿы ацхыраара аҟаҵареи, атеатр ахь зыквалификациа ҳараку акадр ҿықәа рнеира ацхраареи.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.