Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика иқәынхо ажәларқәа рлитературеи рҟазареи ирызку адекада аҳәаақәа ирҭагӡаны Черқьесск имҩаԥысит абаза литературеи аҟазареи амшқәа "Иҳазгәакьоу ахәышҭаарамцақәа рахь" аартра. Адекада ахаҭа азкуп автономтә област аԥҵоуижьҭеи шәышықәса аҵра.

Лиудмила Аисанова

Жәабран 6 рзы Черқьесск ақалақь, Баирамыҟәа лыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә милаҭтә библиотекаҿы иаатит абаза литературеи аҟазареи амшқәа "Иҳазгәакьоу ахәышҭаарамцақәа рахь", Ҟарачы-Черқьессктәи автономтә област аԥҵара шәышықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысуа ареспублика ажәларқәа рлитературеи рҟазареи адекада аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә аартуа Урыстәыла ажурналистцәеи ашәҟәыҩҩцәеи реидгыла алахәыла, абиблиотека адиректор Салых Хапчаев еизаз ирзеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы иқәынхо ажәларқәа зегьы рбызшәақәеи, ркультуреи, рҟазареи реиқәырхара иазынарханы ашықәсан иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы.

«Ари ашықәсан ирацәоуп иазгәаҳто аҭоурыхтә хҭысқәа, уахь иаҵанакуеит: Ҟарачы-Черқьессктәи автономтә област аԥҵоуижьҭеи шәышықәса аҵра, Ҟабарда-Балкариеи Ҟарачы-Черқьессиеи ареспубликақәа реиҩызара ашықәс, Атеатр ашықәс», - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит ҞЧА акультура аминистр Рамазан Бороҟәа, Амилаҭқәа русқәеи, амассатә коммуникациақәеи, акьыԥхьи рзы ҞЧА аминистр Мураҭ Ҳаԥышҭа, акультуреи аҵарадырреи русзуҩцәа, ареспублика амилаҭтә уаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Асасцәа ируаӡәкыз Ҟарачы-Черқьесск иқәынхо ауаԥсаа руаажәларратә рхеилак «Фарн» анапхгаҩы Олег Хетагуров иазгәеиҭеит ари аҩыза аусмҩаԥгатәқәа аҵак ду шрымоу, «абызшәеи акультуреи реиқәырхара азы мацара адагьы, ажәларқәеи амилаҭқәеи реизыҟазаашьақәа реиӷьтәра аус аҿгьы».

«Ҳара ҳазегьы ҳаизааигәаны ҳанхоит, пату еиқәаҳҵароуп, абри аҩыза аиԥыларақәа ирыбзоураны иҳалшоит ҳажәларқәа ԥхьаҟа рыҿиара иацхраауа хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа рыӡбара», - иара иазгәеиҭеит инаҵшьны.  

Абаза литературеи аҟазареи адекада аҳәаақәа иртагӡаны иара убасгьы иаартын ашәҟәтәы ацәыргақәҵа «Лахьынҵак ала наунагӡа ҳаидҳәалоуп» ҳәа зыхьӡыз. Уаҟа ицәырган иналукааша абаза шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рырҿиара, иара убасгьы апериодикатә кьыԥхьымҭақәеи абиблиотека афонд ҳазҭоу ашықәс азы иалалаз ашәҟә ҿыцқәеи.  

Аусмҩаԥгатә акрызҵазкуаз хәҭаны иҟалеит еицырдыруа абаза поет Қьрым Мыхц диижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкыз алитературатә хәылԥазы «Апоет, заамҭа иаԥыҩлаз». Уи арыцхә иазкны иаартын аекспозициа, уи аҟны Мыхц иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ртәы еиҭазҳәоз ашәҟәқәа цәыргақәҵан, иара убас иара иҩымҭақәа реизгақәагьы.

ҞЧА иҟоу аилазаара «Алашара» автономтә ҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мыкәа аиԥылараҿы иӡыригеит ҩ-ҭыжьымҭа ҿыцк – Ԥасарби Цеҟәа итрилогиа «Ашьха қыҭа ашьоура», нас Қьрым Мыхц иажәеинраалақәа реизга «Схынҳәуеит», урҭ рҭыҵра алыршахеит Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» ацхыраарала.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә дырԥшӡеит жәлар рашәақәеи акәашарақәеи рынагӡара, амилаҭтә қьабзқәеи, ашәуа напҟазацәеи асахьаҭыхҵәеи русумҭақәеи дырбара.

Абаза литературеи аҟазареи амшқәа ирызкны еиҿкаау ацәыргақәҵақәа Баирамыҟәа лыхьӡ зху ҞЧА Амилаҭтә библиотекаҿы иаартызаауеит жәабран 15-нӡа.