Аҵарауаҩ Виачеслав Чрыгба ишәҟәы «Аԥсны аҭыԥхьыӡқәеи егьырҭ атәылахьыӡқәеи ржәар» аӡыргара мҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны.
Апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Астратегиатә ҭҵаарадыррақәа рцентр адиректор, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба иҭҵааратә усумҭа – ашәҟәы «Аԥсны аҭыԥхьыӡқәеи егьырҭ атәылахьыӡқәеи ржәар» аӡыргара мҩаԥысит апресс-конференциа аҳасабала Аконгресс аофис аҟны нанҳәа 24 рзы.
Апресс-конференциа амҩаԥгаҩс дықәгылеит АААК аинформациа аҟәша анапхгаҩы, аредактор хада Амина Лазԥҳа, лара иааиз асасцәеи ажурналистцәеи ҿыц иҭыҵыз аҭҵааратә усумҭа дырзахцәажәеит, иара убас еизаз идлырдырит апрезидиум алахәцәа: ашәҟәы автор Виачеслав Чрыгба, нас уи арецензиа азызуз, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик Валентин Кәаӷәаниа.
Виачеслав Чрыгба еиҭеиҳәеит ашәҟәы аус адулара шықәсыки бжаки дшагаз, насгьы иара Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа еидызкыло раԥхьаӡатәи аԥсуа-аурыс-англыз, аурыс-аԥсуа-англыз жәарны ишыҟоу. Иазгәеиҭеит ашәҟәаҿы ишаагоу атәым тәылақәа рыхьӡқәа еидызкыло аурыс-аԥсуа жәар, агеографиатә терминқәа еидызкыло иаазыркьаҿу аурыс-аԥсуа жәар, насгьы аурыс-аԥсуа етнонимқәа ржәар.
Ашәҟәы автор иажәақәа рыла, ажәар хықәкыс иамоуп аԥсуа литературатә бызшәаҟны аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа рхархәара вариантк ашьақәырӷәӷәара, нас дара еицамкӡакәа аурыс, англыз бызшәақәа рахь риагара, аҭҵааратә шьаҭа змоу атранскрипциа аԥҟарақәа инарықәыршәаны.
«Акырӡа ихадароуп ҳәа исыԥхьаӡоит Аԥсны ахсаалақәеи амҩатә дыргақәеи рҟны аономастика иаша ахархәара аҭара. Избан акәзар, амҩақәа ҳахьырну иаҳбоит ииашам атранскрипциақәа рыла аҭыԥхьыӡқәа ахьарбоу адыргақәа маҷымкәа. Иарбатәуп аҭҵаарадыррала ишьақәырӷәӷәоу аҭыԥхьыӡқәа, урысшәала ианеиҭоуго иахьынӡауа аоригинал аҳәашьа иазааигәаны. Иаҳҳәап, Ешыра ақыҭа ахьӡ ишыҟоу иаанужьыр ҟалоит, Кәыдры аӡиас ахьӡгьы аурыс транскрипциала «Кудры» ҳәа иҩлатәуп, иҳәалатәуп, «Кодор» ҳәа еицакны акәымкәа, уҳәа убас ирацәоуп аҿырԥштәқәа. Ас еиԥш иҟоу ахьӡқәа урысшәалагьы, англыз бызшәалагьы еицамкӡакәа иуҳәаратәы иҟоуп аԥсшәа иазааигәаӡаны», – ҳәа азгәеиҭеит Чрыгба.
Иара ишиҳәаз ала, ажәар аиқәыршәараан хыҵхырҭақәас ихы иаирхәеит ишәҟәы арецензентцәа ируаӡәку академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Кәарҷиа иҭҵаарадырратә усумҭақәа, иара убас аҵарауаа Хәыхәыт Бӷажәбеи Тарас Гыцбеи рҩымҭақәа, нас еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иҭыҵуаз Аԥсны агеографиатә хсаалақәа.
Ажәар аиқәыршәаразы аматериал аизгараан автор драҩымсит Аԥсны агеографиатә хсаалаҿы аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыла иҟалаз аиҭакрақәа зегьы. Ашәҟәаҿы иаагоуп Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа шырыԥсахуаз атәы зҳәо асовет аамҭазтәи, нас уи ашьҭахьтәи аамҭеи ирыҵаркуа адокументқәа, дара идыршаҳаҭуеит иахьатәи агеографиатә хьыӡқәа рышьақәгылара закә ҭоурых хьанҭоу иамаз.
Ажәар арецензент, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валентин Кәаӷәаниа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит афилологиа аганахьала ашәҟәы ҵакыс иамоу атәы.
«Ари ашәҟәы х-бызшәак рыла еиқәыршәоуп. Ари афакт амацарагьы ҭоурыхтә шәҟәны иҟанаҵоит. Автор инапы иҵыҵыз аусумҭа зегь рыла ихазыноуп, узнавамло иҟаҵоуп, убри агәаҳәара снаҭеит арецензиа азысыҩырц. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит ашәҟәы автор иџьабаазы, хәы змаӡам аматериал еидикылеит. Ари хәы змам жәаруп аспециалистцәа рзы, раԥхьаӡа иргыланы, афилологцәа-аиҭагаҩцәа, иара убас аҭоурыхҭҵааҩцәа, агеографцәа, ахсаалаҟаҵаҩцәа рзы. Лымкаала иҭабуп ҳәа иасҳәоит Мусса Егзакь абри аҩыза аусумҭа алашара абартә еиԥш ацхыраара ахьыҟаиҵаз», – иҳәеит аҵарауаҩ.
Кәаӷәаниа излаиԥхьаӡо ала, ашәҟәы даара ихәарҭоуп аилыркаагатә материалк аҳасабалагьы, уи ишьақәнарӷәӷәоит атәым тәылақәеи урҭ раҳҭнықалақьқәеи иаку рҩышьа аформақәа. Атәылақәа рыхьӡқәа анҵоуп ақәыӷәӷәарақәа арбаны, иаагоуп инагӡоу ахьӡқәа реиԥш икьаҿу ахьӡ авариантқәагьы. Ажәар аиқәыршәараан абри аҩыза азнеишьа акырӡа иарманшәалоит иара знапаҿы иҟало агеографцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи, аономастикеи атопонимикеи ирыдҳәаланы ихандеиуеи зегьы, ҳәа ациҵеит Кәаӷәаниа.
Ашәҟәы аӡыргара иалахәыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа иҳәеит ари аҩыза аҭыжьымҭа акьыԥхь арбара гәацԥыҳәарала ишрыдыркылаз Санкт-Петербург иҟоу Аконгресс аофис аҟны.
«Абри аҩыза аусумҭа аҭыжьра зегь рыла иақәҿнаҭуеит аԥсуа-абаза жәлар рбызшәеи, рҭоурыхи, рлитературеи реиқәырхаразы Аконгресс имҩаԥнаго апрограмма, убри аҟнытә ҳара ҳганахьала иҳалшоз зегь ҟаҳамҵар ауамызт ашәҟәы иаарласӡаны акьыԥхь абарц азы. Агәра ганы сыҟоуп абри аҩыза ишьаҭанкылатәу аҭҵаарадырратә усумҭа шьаҭас ишазыҟало аԥсуа топонимика аиҭашьақәыргылареи аиқәырхареи ирзынархоу азакәанԥҵаратә ԥҟарақәа реиқәыршәара», – иҳәеит иара.
Апресс-конференциа амҩаԥгаҩ Амина Лазԥҳаи, аиԥылара иалахәыз Жәлар Реизара адепутат, Аконогресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит изныкымкәа шаҳаҭцәас ишыҟаз Виачеслав Чрыгба аҳәаанырцә дыҟанаҵ адәынтәи аматериал шеизигоз, Европа ма Мрагылара Ааигәа иахьаҵанакуа еицны амаҵураныҟәарақәа анрымақәаз раан. Дара иазгәарҭеит ашәҟәы автор акыршықәса раахыс аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рацәажәаразы лшарак иоуцыԥхьаӡа ишиаҩимыршәо, ԥхьаҟа аҭҵаарадырра иахәаша дыррак аниҵарц.
«Аԥсны аҭыԥхьыӡқәеи егьырҭ атәылахьыӡқәеи ржәар» ҭыжьуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Жәларбжьаратәи ассоциациа «Алашара» ахада Мусса Егзакь ифинанстә цхыраарала.
Ашәҟәы атираж 500 цыра ыҟоуп. Атираж ахәҭак Аԥсны аҵараиурҭақәа ирызшахоит ҳамҭаны. Егьыс изҭаху зегьы Аҟәа ашәҟәыҭирҭақәа рҟны иаархәар рылшоит. Хара имгакәа иазырхиахоит аелектронтә версиа, уи ҭаргалоит Аԥсуа интернет-библиотека асаит аҟны, иара убас Аԥсны ахада иҟны иаԥҵоу Астратегиатә ҭҵаарадыррақәа рцентр асаит аҟынгьы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.