Донецктәи Жәлар Рреспублика аҟнытә 17-ҩык ашколхәыҷқәа агуманитартә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла Аҩадатәи аҳҭнықалақь иаҭааит. Ари аусмҩаҧгатә еиҿикааит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, амеценат, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь. Зынӡа Санкт-Петербург иаҭаараны иҟоуп 300-ҩык инареиҳаны Донбасстәи ахәыҷқәа.
Актәи аделегациа аҭаара зыбзоуроу, иҳаҩсыз ашықәс, ҧхынҷкәынмзазы ибжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ауп. Усҟан Донецк ақалақь аҿы Егзакь Ифонди, «Движение первых» аҭыҧантәи аҟәшеи (Денис Чернобаи хаҭарнакс дызмаз), апартиа «Единая Россия» адгылаҩцәа аҭыҧантәи рхеилаки (ДЖәР афырхаҵа, «Дикая дивизия» акомандаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба хаҭарнакс дызмаз) ирыбжьарҵеит х-ганктәи аиқәшаҳаҭра.
Аидгыла хықәкы хадас иаиуит Донбасс ахәыҷқәеи аҿари ганрацәала адгылара рыҭара, иара убасгьы Урыстәыла еиуеиҧшым адгьылҿацәқәа рыбжьара аҭҵаарадырратәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәара.
Асасцәа ҿарацәа рзы еиқәдыршәеит акультура-ҵаратә программа. Мышқәак рыла дара Санкт-Петербург иреиӷьӡоу аҭыҧ ҧшӡақәа ддырбеит, иаҭааит Аҳәынҭқарратә Ермитаж, Апланетари №1, амузеи «Гранд Макет Россия», Кронштадт. Уаҟа дара ирбеит Амшынтә Никольтәи аныхабааи афорт Константини.
Ҷыдала еиҿкаан аекскурсиа аҵаратә хәҭа. Ахәыҷқәа аҭааит Санкт-Петербургтәи аполитехникатә университет аҭоурых-техникатә музеи, уаҟа иҭырҵааит анџьныртә ҭҵаарадырреи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи рҭоурых.
Ахәыҷқәа ндырхеит аҿиара аҵакыра «Гранд Каньон» аҟны, уаҟа дара аҭааит ацәыргақәҵақәа, амузеи «Бестиарий», ашахатә парк «Высотный город», акинотеатр.
Ашколхәыҷқәа рҧылараан Мусса Егзакь иазгәеиҭеит апроект хықәкы хадас ишамоу – «Донбасс иқәынхо аҿар ҳтәыла ду иамоу алшарақәа дырбара».
«Петербург — акультуреи, аҵарадырреи, аҿиареи рыҩаӡара хьыҳараку қалақьуп, — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мусса Егзакь. — Ҳара ҳазыхиоуп шәара шәзы иҿыцу алшарақәа раҧҵареи, аинтерес зҵоу апроектқәа рынагӡареи. Шәара шәоуп Донбасси Урыстәылеи рҧеиҧш. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳҿар рбаҩхатәра инагӡаны иаадырҧшразы, уаҵәтәи амш иацәымшәаразы».
Мусса Егзакь ишазгәеиҭаз ала, ари аныҟәара апрограмма ду иахәҭаку раҧхьатәи шьаҿоуп. Хара имгакәа Санкт-Петербург иаҭаараны иҟоуп ашколхәыҷқәа ргәыҧ ҿыцқәа, ргәы иҭоуп егьырҭ аҵаратә, акультуратә проектқәагьы.
«2022 шықәса инаркны Санкт-Петербург анапхгара мҽхакы ҭбаала аус ауеит ақалақь-аиашьа ҳәа еибаҟаҵоу Мариуполь ахәыҷқәа рыцхырааразы. Ари аамҭа иалагӡаны зықьҩыла ахәыҷқәа Аҩадатәи Аҳҭнықалақь аҿы аҧсшьарамшқәа рхыргеит. Ҳара ари амиссиа иацаҳҵоит Донбасс егьырҭ ақалақьқәеи аҿацәқәеи рҟынтәи ахәыҷқәа рыҧсшьара алыршаразы», — иҳәеит иара.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.