АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы хадара ззиуа Аконгресс аделегациа нанҳәамза 25 рзы Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралраҿы еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥнагеит, Иорданиа ауаажәларратә-политикатә усзуҩцәа рԥыларақәагьы уахь иналаҵаны.

Изольда Ҳагԥҳа

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак (ИА) ахантәаҩы Мусса Егзакьи Аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Иорданиа ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәеи рыбжьара аусеицура азҵарақәа рыла еилацәажәеит амҽыыша, нанҳәамза 25 рзы. Ачерқьес гәыҳалалратә ассоциациаҿы имҩаԥысыз аиԥыларақәа АААК аганахьала ирылахәын иара убас АААК ИА апрезидиум алахәыла Ануар Абазеи (Чкәуа), АААК ИА алахәыла Инвер Алшәындбеи.

Иорданиатәи Асенат ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мунир Соубар иацәажәараан АААК ахантәаҩы иазгәеиҭеит, адиаспора ахьынхо атәылақәа рҿы аусураан Аконгресс еснагь аҭыԥантәи азакәанԥҵара аҷыдарақәа ҳасаб шрызнауа.

"Азакәанаԥҵара азҵаарақәа рҟны аԥышәа ду шшәымоу дырны, шәыцхыраара ҳақәгәыӷуеит Аконгресс агәҭакқәа Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралраҿы рынагӡараан", - ҳәа асенатор иеиҳәеит Егзакь́.

Мунир Соубар ихәҭаахьала иазгәеиҭеит, Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра традициала азҿлымҳара ду шаанарԥшуа уи аҵакыраҿы инхо ажәларқәа рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара азҵаарақәа рыла.

"Ҳара ҳазыхиоуп аҳьаҟагьы "Диуан Абаза" (Иорданиа инхо аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа еидызкыло аиҿкаара - аред.) иаԥшьанаго акультуратә, агуманитартә усмҩаԥгатәқәа рынагӡараҿы ганрацәалатәи ацхыраара аҟаҵара, агәрагьы ганы ҳаҟоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аус ацура ҳажәлар ирыхәаша аусқәа рҿы алҵшәа бзиақәа шаанашьҭуа", - иҳәеит Соубар.

Аиԥылара алахәцәа здызкылаз ачерқьес хеилак ракәзар, асенатор иажәақәа рыла, урҭ "еснагь иҷыдоу аҭыԥ ааныркылон". 

Иара уа, ачерқьес хеилак аҟны имҩаԥысит Иордантәи аҿар рассоциациа аицаԥҵаҩ, Иорданиа Жәлар реизара (Апарламент) ахаҭарнакцәа рпалата адепутат Мансур Сеифеддин Мурад Сжьажь иԥыларагьы. Уи диҿцәажәауа Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, ачерқьес ҿарацәа рассоциациа еиԥш Аконгрессгьы аҿар рыбжьара абаҩрҵәыреи аҵарадырреи раларҵәара азҿлымҳара ду шанаҭо.

"Агәра ганы сыҟоуп абри азҵаара аганахьала еимаҳдаша аԥышәа ҳамоуп ҳәа, ҳамчқәа еибаҳҭар ҟалоит", - иҳәеит Егзакь. 

Мансур Сеифеддин Мурад Сжьажь иаҭак ажәаҿы иҳәеит Иорданиатәи адиаспора Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа еснагь ишрызҿлымҳау. Адунеи ахьынӡанаӡа-ааӡо иқәынхо ҳаицтәылауаа зегьы реидкылара аус аганахьала АААК имҩаԥнаго аусура рымаирҽхәеит, дагьадгылеит.

"Ачерқьес ҿарацәа рассоциациа гәахәарала Аконгресс аус ацнаулоит аҿар рҭоурыхтә ԥсадгьыли уи акультуреи разааигәахара алзыршо апроектқәа рганахьала", - иҳәеит Мансур Мурад.

Ранее в рамках визита в Иорданию, также 25 августа, председатель Высшего совета ВААК посетил офис общественной организации «Диуан Абаза» (организация, объединяющая абхазов и абазин Иордании – прим. ред.), где встретился с представителями абхазо-абазинской диаспоры.

По данным главы Общественной организации «Диуан Абаза» Хасана Абаза (Чича) в Иордании сегодня проживает около 4000 представителей абхазо-абазинского этноса. Более 700 из них уже получили гражданство Республики Абхазия.

Визит ВААК в Иорданское Хашимитское Королевство продлится до 27 августа. Он входит в план-график зарубежных поездок руководства Конгресса на 2019 год, который был утвержден членами Высшего совета в 2018 году. До конца текущего года ВААК намерен посетить также Сирию, Германию, Голландию и Турцию.