Ачымазара ҿкы COVID-19 зкыз ҩыџьа шьақәыргылоуп Аԥсны. Дара аҩыџьагьы Гагратәиқәоуп.

Мшаԥымза 8 рзтәи адыррақәа рыла, Аԥсны акоронавирустә ҿкы рыдбалоуп ҩыџьа ҳәа ауаа ирылаиҳәеит Амедицинатә зҵаарақәа рзы Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Кәанџьариа есыҽнытәи аштаб ааԥхьараҿы.

Иара иазгәеиҭеит COVID-19 зыдбалаз раԥхьатәи ачымазаҩ дшышьақәыргылаз иацы, мшаԥымза 7 рзы, иара д-Гагратәуп. Уажәазы иҭагылазаашьа ауадаҩра бжьаратәуп. Аҩбатәи ачымазаҩгьы иара имадаз ауаа дыруаӡәкуп.

«Аҿкы аарԥшын раԥхьа изыдбалаз имадаз руаӡәк иҿы (иҭаацәа датәуп – аред.). уи уажәы ахыԥхьакра арежим дықәныҟәоит. Иҭагылазаашьа хар амам, ахылаԥшреи иахәҭоу ахәышәтәреи иоуеит», – иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

COVID-19 азы агәаҭара алҵшәақәа

Алхас Кәанџьариа адырра ҟаиҵеит аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы агәаҭара ишахысыз даҽа хәҩык ауаа. Урҭ зегьы аҿкы рымам ҳәа шьақәырӷәӷәоуп.

Аоперативтә штаб ахаҭарнак иазгәеиҭеит иҳаҩсыз аухазы иԥсҭазаара дшалҵыз 15 шықәса зхыҵуаз аҷкәын, иара ахәышәтәырҭахь дааган даара дыцәгьаны. Иаразнакала ареанимациа аҟәшаҿы дышьҭарҵеит, аха сааҭк иназынаԥшуа хырԥашьа змам атерапиа шизыҟарҵозгьы, иԥсы аиқәырхара залымшеит.

«Атәылаҿы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны, аҷкәын иҟын COVID-19 аарԥшразы анализ ҟаҵан, аха акоронавирус идбаламхеит. Иуацәеи иҭынхацәеи гәалсрала ҳрыдышшылоит», – иҳәеит Кәанџьариа.

Иацҵоу аԥкрақәеи ахада и.н. иааԥхьареи

Аԥсны акоронавирустә ҿкы COVID-19 аламырҵәара хықәкыс иҟаҵаны ахада и.н. Валери Бганба инапы аҵаиҩит Гагра араион иахьаҵанакуа акоменданттә сааҭ алагаларазы адҵа. Акоменданттә саҭ алагалахоит 20:00 сааҭ инаркны асааҭ 07:00 рҟынӡа.

«Акоменданттә сааҭ аамҭазы ауааԥсыра рынхарҭақәа ныжьны адәахьы идәылҵыр ҟалом, азинмчратә усбарҭақәеи, агәабзиарахьчара аусҳәарҭақәеи, аиқәырхаҩцәеи, амцарцәаратәи акоммуналтәи маҵзурақәеи русзуҩцәеи, абанктә инфраструктура аусура аиҿкаара еиқәзыршәои, амедицинатә цхыраара ласы иаҳәаз ахаҿқәеи рыда», – ҳәа аҳәоит адҵа.

Валери Бганба Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Иара иазгәеиҭеит атәыла анапхгареи, аиҳабыреи, амедицинатә усзуцәеи, аҳәаахьчаҩцәеи, амилициауааи, аволонтиорцәеи уҳәа русура ишалнаршаз иахьанӡа Аԥсны акоронавирус аламырҵәара, иааҳакәыршоу атәылақәа рҟны уи аҳра шауазгьы.

«Аепидемиа аҿагылараҿы аетап ҿыц ҳазааины ҳаҟоуп иахьа. Ари аетап акырӡа еиҳа ихьанҭоуп – ҳара зегьы иҳалшо ҟаҳҵароуп ачымзара ҿкы атәыла зегьы амҽханамкырц, ачымазцәа рыхәышәтәра еиԥымҟьарц азы. Аиҳабыра ирыдыркылаз ауснагӡатәқәеи абизнесуаа иҟарҵо ацхыраареи рыла ҳтәылауаа рыхәышәтәразы иахәҭоу зегь ҟаҳҵоит. Иҟаҳҵо маҷым, аха еиҳа зымчу шәара шәоуп", – иҳәоит иара иааԥхьараҿы.

Ахада инапынҵақәа назыгӡо даҽазныкгьы Аԥсны жәлар рахь аҳәара ҟаиҵеит ахыԥхьакра иацәхьамҵырц. «Зегьы иреиҳау аҭакԥхықәра зду шәара шәоуп, акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! Шәхы, шәҭаацәарақәа, шәҩызцәа шәыхьчар, шәыҩнаҭақәа рҿы ичҳаны шәтәар, хымԥада ацхыраара ду ҳашәҭоит. Адисциплина ақәымныҟәара арыцҳара ду ахь ҳкылнагар алшоит. Ҳхы ҳахьчар, Анцәагьы ҳихьчоит», – ҳәа иажәа хиркәшеит Бганба.

2020 шықәса хәажәкыра 24 инаркны Аԥсны аиҳабыра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аԥкрақәа аланагалеит – иаанкылоуп ауаа рацәа еизызго аусмҩаԥгатәқәа, иаркуп аҵаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура ҳәааркуп, иаркуп аџьармыкьақәеи ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи, афатә-ажәтәи ихымԥадатәу атауарқәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәеи аԥҭекақәеи рыда, ауааԥсыра реиҭанеиааира ԥкуп, иара убас егьырҭ аԥҟарақәа алагалоуп.

Хәажәкыра 28 раахыс атәылаҿы иалагалоуп Аҭагылазаашьа ҷыда: аамҭала иаркуп аԥсуа-аурыс ҳәаа адипломатцәеи аруааи рыда атәымуаа зегьы рзы, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа Аԥсны атәылауаагьы аҳәааҿы ргәаҭара акыр ирӷәӷәоуп.

Аԥсуа наплакцәа иаԥырҵаз агәыҳалалратә хеилак «Ҳара ҳаидгылоуп» алахәцәеи Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи алаҳәара ҟарҵеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус раҿагылараҿы ацхыраара рыҭаразы аԥара шеизырго. Иахьазы еидкылоуп 50 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.

Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи  «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.