Аҭоурыхҭҵааҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, аԥсуа револиуционерцәа хықәкы хадас ирымаз асоциалтә револиуциа аиааира акәӡамызт, урҭ зышьҭаз Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәыргылара акәын. Ари аҩыза ахшыҩҵак, ҳәарада, Ефрем Ешба иӡбахә аҳәараангьы иҵабыргуп. Ҳтәыла ахьыԥшымра азықәԥаҩ имшира аҽны АААК аинформациатә портал иазнархиеит иара изку аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Ефрем Ешба диит 1893 шықәса, хәажәкыра 7 рзы, Бедиа ақыҭа, Ешқыҭ аҳаблан, аамсҭа Алықьса Зураб-иԥа Ешба иҭаацәараҿы. Ефрем Ешба дшыхәыҷыз иаб иԥсҭазаара далҵуеит, уи нахыс иан Марҭа Зураб-иԥха Апакиӡе лымацара заҵәык ахәыҷқәа лааӡоит, ршьапы иқәлыргылоит. Ахәыҷқәа еиҳабацәа аҵара рҵон класск змаз, 1887 шықәсазы «аԥсуа школ абду ҳәа изышьҭаз» Фома Христофор-иԥа Ешба иааиртыз ауахәаматә школ аҟны.

Аҵара азҿлымҳара

Ефрем хәыҷы ашкол аҭаларазы иқәра шмаҷызгьы, иашьцәа дрыцны аурокқәа дырҭаауаан. Раԥхьатәи ирҵаҩы Нестор Ҭолораиа, Ефрем аурокқәа рҿы ихы бзианы иахьымҩаԥигоз азы ахәыҷы ашкол иаҭаара даҿаголымзыт. Насгьы, Ефрем аҵарахьы азҿлымҳара ду ааирԥшуан.

Ефрем Ешба 9-шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз, иашьцеи иареи ауардын иақәыртәаны ран Аҟәаҟа ианылга, Ашьхарыуаа рышкол рҭаҵаразы (иахьазы — Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол №10 — аред). Усҟантәи аамҭазы зегьы иреиӷьӡоу аҵараиурҭақәа ирхыԥхьаӡалаз ашкол аишьцәа зегь рахьтә аҭалара зылшаз адырра бзиаӡақәа аазырԥшыз Ефрем заҵәык иоуп.

Ашкол аҿы ибзиаӡаны иҵара хыркәшаны 1906 шықәсазы Ефрем Ешба дҭалоит Қәҭешьтәи аклассикатә гимназиа.

«Ефрем иқәлацәа даарылукаартә дыҟан, агәырҵҟәыл бзиеи абаҩхатәреи илан. Иҩызцәа рыцхраара ианакәызаалак мап ацәикуамызт, еснагь дазхиан. Иара илшон еилукааратә иаармарианы иарбанзаалак адҵа аиҭаҳәара. Иара убасгьы, Ефрем Қәҭешьтәи агимназиаҿы амузыка иҽазыҟаиҵон, агимназиатә аԥсыԥтә оркестр аҟны акларнет аирҳәон», — абас иҩуеит Ешба иԥсҭазааратә мҩа иазку аочерк аҟны апрофессор Гьаргь Ӡиӡариа.

1909 шықәсазы Қәҭешь акыраамҭа ашыӡ чымазара иаргәаҟхьаз Ефрем диасуеит Тифлисҟа, уаҟа дагьҭалоит раԥхьатәи Ахацәа ргимназиа. Аҩнынтә ацхыраара ҳәа акгьы змауаз Ефрем излаилшоз ала ихы ныҟәигон, аҵареи аусуреи еилеигӡон — ашколхәыҷқәа аԥышәарақәа ирзыҟаиҵон.

Тифлис оуп иахьышьақәгыло Ефрем Ешба иреволиуциатә хәаԥшышьақәа, иҩызцәеи иареи еиҿыркаауаеит алитературатә кружок ҳәа иахьӡҵны ареволиуциатә кружок. Ефрем ари акружок иалахәра анеилкааха аҭыӡшәа ҟалеит, анаҩс иоуаз астипендиагьы имырхит. Аха ус шакәызгьы, идырра ҵаулақәа рыбзоурала агимназиа дҭырцаӡом, иҵара иациҵоит. 1913 шықәсазы Ефрем ахьтәы медалла агимназиа далгоит, анаҩс дагьҭалоит Москватәи ауниверситет, азиндырратә факультет.

Москватәи ауниверситети ареволиуциатә кружокқәеи

Ефрем Ешба иавтобиографиаҿы иҩуеит 1914 шықәсазы абольшевикцәа рпартиа далалеит ҳәа. Москватәи ауниверситет (иахьазы — М.Иу. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет — аред.) аҟны иҵарашықәсқәа раан, Ефрем активла далахәын ауниверситет аҟны иаԥҵаз, астудентцәа злахәыз имаӡоу ареволиуциатә, иалкааны иуҳәозар «амарксисттә» гәыԥқәа, ахьӡ ҷыдасгьы иман — Ахьычԥаԥыр ҳәа.

1916 шықәса хәажәкырамзазы Ефрем Ешбеи иҩызцәеи ҭаркуеит «активлатәи ареволиуциатә усуразы», аха цәыббрамзазы москватәи арратә-округтә ӡбарҭа иҟанаҵаз аӡбарала урҭ рхы иақәиҭтәын. Ешба иҩызцәа рабжьгарала дцоит Трапезундҟа (иахьазы Трабзон — аред.), уаҟа анџьныртә-аргыларатә дружина аҟны аџьаусуҩцәа ргәыԥ аиҳабыс аусура далагоит.

Ешба дахьыҟазаалакгьы абольшевиктә партиа аидеақәа раларҵәара даҿын, убри иахырҟьангьы иԥсҭазаараҿы лассы-лассы аԥынгылақәа изаԥырҵон, дкыдырцалон. Ешба иӡбоит Трапезунд ныжньы Баҭымҟа ацара, уаҟа даҽа жәлак шьҭыхны анхара далагоит.

Аамҭак ашьҭахь Москватәи ауниверситет аҟнытә аацҳамҭа иоуеит ауниверситет дышҭырцаз атәы зҳәоз ашәҟәы.

Ареволиуциеи ахьыԥшымреи

1917 шықәсатәи ареволиуциа аламҭалаз Ешба дхынҳәуеит Аԥсныҟа, ареволиуциатә усурагьы иҽазикуеит. 1917 шықәса лаҵарамзазы Ефрем Ешба Урыстәылатәи абольшевикцәа рсоциал-демократиатә џьатә партиа Аҟәатәи аокругтә комитет ахантәаҩыс далырхуеит, аамҭак ашьҭахь — аусуҩцәеи адепутатцәеи Рхеилак ахантәаҩыс.

1917-1921 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз абольшевикцәеи аменшевикцәеи реиҿагылара аамҭазы Ефрем Ешба Нестор Лакоба дивагылан, абольшевикцәа напхгара рызуа. Апрофесор Гьаргь Ӡиӡариа игәаанагарала, убри аамҭазоуп Ешба аусеиҿкаараҿы имоу абаҩхатәра анеилкааха.

1921 шықәса, хәажәкырамзазы Аԥсны ареволиуционер хадацәа — Ефрем Ешбеи, Нестор Лакобеи, Николаи Ақырҭааи Москваҟа Ленин адырра изынарыцҳауеит Аҟәа ишышьҭыху аџьажәлар рбираҟ Ҟаԥшь. Аҭоурыхҭҵааҩцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, аԥсуа револиуционерцәа хықәкы хадас ирымаз асоциалтә револиуциа аиааира акәӡамызт, урҭ зышьҭаз Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ашьақәыргылароуп. 1921 шықәса, хәыжәкыра 28 рзы Урыстәылатәи абольшевикцәа ркоммунисттә партиа Ихадоу акомитет Аԥсныи Қырҭтәылеи Кавказтәи рбиуро аҭакԥхықәарақәа змоу аусуҩцәа реиԥылара мҩаԥысит — уи аиԥылара далахәын Ефрем Ешба, хадара азиуан Серго Орџьеникиӡе.

Аиԥылараҿы ирыдыркылеит Аԥсны ихьыԥшым асоветтә-социалтә республикас ашьақәырӷәӷәаразы аӡбара. Ешбеи, Лакобеи, Ақырҭааи рыӡбара Кремль иазырыцҳаит, «Октиабртәи ареволиуциа даҽазныкгьы аӷьымӡӷ дныргеит ажәлар маҷқәа реизҳара иаҿагылоз аимпериалистцәа» ҳәа.

Аҭаацәара

1922 шықәсазы Ефрем Ешба Қырҭтәыла Асоциалтә Республика аиустициа аминистрс даҭан. Уи аамҭазы Кавказҟа иахганы иҟаз аурыс аинрал иԥҳа Мариа Владимир-иԥҳа Шьигровскаиа ԥҳәысс дигахьан.

Лара лхаҭа абас илгәалалыршәон урт реиқәшәара: «Ефреми сареи Апионерцәа рханаҿ иҟаз Совнарком аҟны ҳаибадырит. Уи аамҭаз Ефрем излак ихьуан, аиқәаҵәа ҿаҳәага ныҟәигон. Цәгьала дыԥхашьон, даамысҭашәан. Сара уамашәа избон, иара еиԥш иҟаз ареволиуционер нага дахьысцәыԥхашьоз. Анаҩс ҳаибадырра еиҳа аҽарҭбааит, аиҩызара ҳабжьалеит, даара исгәаԥхон иааӡашьа. Аԥсныҟа аԥсшьаразы ааԥхьара сиҭеит: 1921 шықәса, нанҳәамзазы Ефреми, сареи, Пиотр Агнешвилии Аҟәаҟа ҳцеит. Ари аныҟәара еиҳагьы ҳаизааигәанатәит, бзиа ҳшеибабоз анеилаҳкаа, ҳаибагеит. Ефрем аҭаацәара аныҟәгараҿы даара дыбзиан».

1924 шықәсазы Ешба далгоит Москва иҟоу Аҟаԥшьтә профессура аинститут. Уи ашьҭахь, иҭаацәа ицҵаны дышьҭын Лондонҟа, уаҟа ахәаахәҭратә хаҭарнакра аинструктортә ҟәша аиҳабыс аус иурц азы. Ешба иԥҳәыс лажәақәа рыла, Лондон рыԥсҭазаара насыԥла ирхыргон: «Лондон ҳанынхоз, аусура аҟынтә ихы данақәиҭыз аамҭазы амузеиқәеи ацәыргақәҵақәеи ҳарҭаауан. Ҳҩыџьагьы англыз бызшәала ҳцәажәон, уи абзоурала британиатәи аҳҭнықалақь адырра еиҳа иаҳзымариан. Ҳаԥҳацәа Маринеи Лизеи ианрызҳа, Ефрем игәарԥханы ашәҟәқәа дырзаԥхьон, ихы иҭҳәааны ажәабжьқәа рзеиҭеиҳәон. Аҳәыҷқәа даараӡа бзиа ирбон раб ицны џьара анҭыҵра, аныҟәарақәа».

Ҳәарада, Ефрем Ешба илшеит қәҿиарала иҭәыз ачынуаҩ икариера аҟаҵара. Лондон аамышьҭахь иара дынхон, аусгьы иуан Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы — Асовет Еидгылеи Америкеи рыбжьаратәи ахәаахәҭра аизырҳаразы аинспекциа еиҳабыс, анаҩс 1935 шықәсанӡа — Асовет Еидгыла адәныҟатәи ахәаахәҭрақәа рзы Жәлар ркомиссарс, уи ашьҭахь — Асовет Еидгыла ааглыхра хьанҭазы Жәлар ркомиссарс.

Ашьра

Арепрессиа ашықәсқәа раан Ефрем Ешбагьы егьырҭ иналукаашаз аҳәынҭқарратә усзуҩцәа реиԥш Сталини Бериеи илаԥшықәырҵаз дыруаӡәкхеит. Иганахьала аус хәымга еиҵарҟәаҟәеит: асовет мчра иаҿагылоз атроцкисттә еиҿкаара далахәызшәа, англыз ԥшыхәцәа рыдҵала ашпионра мҩаԥигозшәа. 1936 шықәсазы Ешба дҭаркит Москва Бутыртәи абахҭаҿы, нас Владивостокҟа дрышьҭит, уи анаҩс — Магаданҟа.

Ааигәанӡа иҟаз аинформациала, 1939 шықәсазы Ешба Грозныиҟа дышьҭын, нас иара уа ашьра иқәырҵеит ҳәа иԥхьаӡан. Аха анышә дахьамадаҵәҟьаз инҭкааны аӡәгьы издыруамызт. Ефрем Ешба иԥҳацәа руаӡәк — еицырдыруа аԥсуа скульптор Марина Ешԥҳа абри амдырра иҟаз — лыԥсҭазаараҿы рыцҳара дус илыԥхьаӡон, лаб иԥсыбаҩ иԥсадгьыл Аԥсны иахьамадамыз еиԥшҵәҟьагьы. Марина Ефрем-иԥҳа лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иабду изқәаҭыԥ аԥшаара нап аиркит уи имоҭа — амузыкант, апедагог Виктор Абрамиан-Ешба. Убас, ааигәа иԥшаан аԥсуа револиуционер анышә дахьамадоу аҭыԥ, уи Москва акәхеит.

«КГБ архивқәа рҿы 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы сани саби зыԥхьара рылшаз адокументқәа рыла, Ефрем Ешба иеихсны дшьын Москва ақалақь, ма област аҟны, нас анышә даҭан арепрессиа зызуыз рзеиԥш нышәынҭраҿы, Бутово аполигон аҟны, мамзаргьы аиланхарҭа Коммунарка азааигәара иҟоу аполигон аҟны. Абри аҵыхәтәантәи аҭыԥ саҭааит сабду ижәла сԥыхьашәозар ҳәа агәыӷра сыманы. Ус иагьыҟалеит. Ф-нызқьҩык инареиҳаны ауаа рыжәлақәа ахьаныз аҭӡаҿы исыԥшааит Ефрем Ешба ихьӡи ижәлеи, иара убас данҭахаз арыцхә: мшаԥы 16, 1939 шықәса», — ҳәа еиҭеиҳәеит Ефрем Ешба имоҭа Виктор Абрамиан-Ешба.

2018 шықәса жьҭаарамзазы Коммунарка аиланхарҭаҿы иҟоу уаанӡатәи НКВД аобиект ҷыда аҟны иаартын Ефрем Ешба игәаларшәагатә ҭӡы.

Ахархәара змоу алитература:

  • Аԥсуа биографиатә жәар.
  • Гьаргь Ӡиӡариа иочерк «Ефрем Ешба».