Амениу
19 Мшаԥы 2024
10:13
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
25.05.2023 14:26
Гәдоуҭа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Џьырхәеи Бгардәаныи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи адиспансеризациа иахнажьит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭа ицаны аҭыԥантәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи адиспансеризациа иахнажьит. Агәаҭара рхы аладырхәит Бгардәанытәи абжьаратә школ аҵаҩцәагьы, зынӡа 70-ҩык инареиҳаны. Ари абыжьбатәи ныҟәароуп Аконгресс абри аганахьала еиҿнакаауа.

Ишаԥу еиԥш, адиспансеризациа ҩ-етапкны имҩаԥысит. Зназы ахәыҷқәа ршьа ргеит азеиԥш анализ аҟаҵареи, ашьақар иалоу ашәареи рзы. Анаҩс ироуз алҵшәақәа рыла аҳақьымцәа хаҭа-хаҭала ирыхәаԥшит. 

Агәаҭара мҩаԥыргон акардиолог Ирма Каҷараа, ахәдаҳақьым Риҵа Ҳалбад, аневролог Саида Кәанџьариа, аблаҳақьым Фатима Сангәылиа, ахәыҷы ҳақьымцәа Ангелина Оҭырԥҳаи Наталиа Роговеи, аендокринолог Ҳамида Џьыкырԥҳа, Аԥсны ареабилитологцәа рассоциациа ахаҭарнак Арзадин Агрба. Ахәыҷқәа ргәеисра асахьа ҭырхит. Агәаҭара ианахыс, иҵегь ргәабзиара иацклаԥшырц аҳақьым дызбаша ҳәа иалыркааз ақәкынҵа рырҭеит. 

Адиспансеризациа амҩаԥгара рхы аладырхәит Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәа : Сариа Ҳашԥҳа, Алиса Џьанелиӡе, Диана Атулиан, Рузанна Тулумџьан, Анасатасиа Иаилиан, Дариа Пархоменко. Дара аҳақьымцәа ирыцхраауан ашәҟәқәа рхарҭәаара аганахьала.

0
Ахҳәаа ыҟам