Амениу
2 Ԥхынгәы 2024
18:12
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
04.06.2024 15:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Сыжәла аҭоурых» зыхьӡыз арҿиаратә еицлабра аихшьаалақәа ҟарҵеит АААК апресс-центр аҿы

Аусмҩаҧгатә еиҿкаауп Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҿы иаҧҵоу, Аҧсны иқәынхо аҳәса Рхеилаки, Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашареи», абаза аулқәа рҿы иаҧҵоу аҳәса рыҟәшақәеи еицырзеиҧшу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аицлабратә комиссиа шьақәгылан аҧсуа ҵарауаҩ, ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиаҧҳаи, аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳаи, абаза аулқәа рҿы иаҧҵоу аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Ирина Хутовеи, Абазатәи Амуниципалтә раион аҳәса рхеилак ахантәаҩы Зурида Ашибокеи, «Культура» аҟәша анапхгаҩы Наҭелла Джемакуловеи, аул Албырӷан аҳәса рхеилак ахантәаҩы Аминаҭ Абазовеи рыла.

Ахатәы жәла аҭоурых аҭҵаара, иреиӷьу уи ахаҭарнакцәа ирызкны, авидео-ӡыргара еиқәыршәаны арыхцәажәара – абас иҟан ААУ астудентцәеи абитуриентцәеи рзы адҵа. Зеиҧшла аицлабра иалахәын быжьҩык ажурналистцәа ҿарацәа: Лана Коф-оглы, Мадина Амҷҧҳа, Раиана Бебиаҧҳа, Алена Гәымҧҳа, Сабина Ҷыҭанааҧҳа, Саида Ҳаразиаҧҳа, Дауҭ Ашәба. Алахәцәа зегьы рабиҧара аҭоурых инарҵауланы иҭҵааны, рхатә усумҭақәа цәырыргеит.

Ацәыргара анхдыркәша ашьҭахь, акомиссиа алахәцәа гәацҧыҳәарала авидеоқәа зегьы ирыхцәажәаны, алахәцәа иҟарҵаз алагалазы иҭабуп ҳәа рарҳәеит. Алахәцәа ирырҭеит хьыӡҳәалатәи аҳаҭыртә бӷьыцкәеи, Аконгресс агәыҧ аҟнытә аҳамҭақәеи.

0
Ахҳәаа ыҟам