Амениу
26 Ԥхынҷкәын 2024
12:59
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
07.11.2024 12:18
Сҭампыл, Ҭырқәтәыла

М. Х. Егзакьи Ердоган иабжьгаҩ С. Сертчелики реиҧылара.

Абҵарамза 5, Анкара, Ҭырқәтәыла ахада Р. Ердоган иусбарҭа ахыбраҿы имҩаҧысит Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара аиҳабы М. Х. Егзакьи Ҭырқәтәыла ахада иабжьгаҩ Сеит Сертчелики реиҧылара. 

М. Е. Егзакь иҳәеит акультуратә, абаҩрҵәыратә, ауаажәларратә еимдаразы  ашьаҭа аҧҵара шазҧхьагәаҭоу. Уи иалнаршоит аҩ-тәылак рҿар реидкылара. Иазгәаҭан арҭ агәҭакқәа рырҽеиреи аҭырқәа интересқәа рарбареи рзы иахьрырҭо адиалог ишацхраауа. 
«Ҳара ҳазыхиоуп иагьаҳҭахуп аусеицура, избанзар аимадарақәа рыҩаӡара ҳтәылақәа реиҩызара арӷәӷәара иацхраауеит»

— ҳәа азгәеиҭеит М. Х. Егзакь. 

Ҭырқәтәыла ахада иабжьгаҩ Сеит Сертчелик ирҭааз асасцәа иҭабуп ҳәа раҳәаны, иазгәеиҭеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи русеицура кыршықәса шахыҵуагьы,  аиҩызара иазкны уаанӡа иаҧҵаз аилазаарақәа еиҧмырҟьаӡакәа, иаку асистемаҿы аус шырымуаз. Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҩ-ганк анаҩстәи русеицура алацәажәаразы Урыстәыла аҭаара дшазыхиоу. Сертчелик еизаз иргәалаиршәеит Ҭырқәтәыла ахада Р. Ердоган иҧылараҿы Анкара ма Сҭампыл аҭырқәа-аурыс университет аҧҵаразы ажәалагала шыҟаиҵаз, аха уи агәҭакы макьана ишынагӡам. 

Аицәажәараҿы ишьҭырхит акультура-бҩарҵәыратә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара иадҳәалаз атемақәеи, ҧхьаҟа еиқәыршәазар иҟало акьыҧхьратә проектқәеи. Аиҧылараҿы ажәалагала ҟарҵеит аҭырқәа-аурыс еизыҟазаашьақәа ртәы зҳәо ашәҟәы атыжьразы. Уи иабзоурахоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. 
«Ашәҟәқәа ркьыҧхьра иалнаршоит аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара»

— ҳәа азгәеиҭеит С. Сертчелик. 

Аганқәа иазгәарҭеит Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара аусура ацҵара ишалнаршо атәылақәа реимадара аҳәаақәа рырҭбаара. Уи инаҵшьны иазгәанаҭоит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реимадарақәа рырӷәӷәараҿы ауаажәларратә дипломатиа аҵакы шдуу. 

Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Иара убасгьы уи иалахәын Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара аиҳабы иабжьгаҩцәа Кан Ҭаниеи Аҳмеҭ Ҳаҧаҭи.

0
Ахҳәаа ыҟам