Лента событий ВААК
Атеатр аҿы ахәылҧаз: АААК иацнаҵоит ақыҭа школхәыҷқәа рзы апроект
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театри иацырҵоит еицырзеиҧшу апроект «Атеатр аҿы ахәылҧаз». Уажәы уи рхы аладырхәит Бамбора ақыҭа ашкол аҵаҩцәа.
Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист актриса Елеонора Коӷониаҧҳа асасцәа аекскурсиа рзымҩаҧылгеит - атеатр аҭоурых аҟнытә аинтерес зҵоу ахҭысқәа лгәалалыршәеит, аҧсуа ҟазараҿы зышьҭа нзыжьыз аспектакль хадақәа дрылацәажәеит. Лара ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит артистцәеи, атеатр амаҵ азызуа егьырҭ аусзуҩцәеи рџьабаа пату шақәҵатәу, аспектакль анцо аҭынчра аилагара шыҟамло, асценаҿы иқәгылоу рахь аҳаҭырқәҵара шаарҧштәу.
Анаҩс ашколхәыҷқәа акулисақәа рнаҩсан иҟоу ддырбеит, уаҟа дара атруппа алахәцәа ирабадырит, аспектакль ақәыргылареи артист изанааҭи ирызкны адырра ҿыцқәа роуит.
Ахәылҧаз ахҭыс хаданы иҟалеит арежиссер Алхас Шамба иқәиргылаз аспектакль «Мирандолина».
Атеатр аҿы аныҟәара анаҩсан, атеатр аҟны аус зуа абуфет аҿы апроект алахәҩцәа ирыдыргалеит ачеиџьыка.