Лента событий ВААК
Мусса Егзакь ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит Пискаревтәи амемориалтә ҧсыжырҭаҿы
Ленинград иаланхоз ауаажәлари ахьчаҩцәеи рыхьӡ агәалашәаразы, иахьа Пискаревтәи амемориалтә ҧсыжырҭаҿы еизеит зқьҩыла петербургааи ақалақь асасцәеи.
Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь дзаҧхьагылаз, Санкт-Петербург иҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
600-ҩык инареиҳаны Аҧсны аҵеицәеи 800 инарзынаҧшуа Ҟарачы-Черқьессиа аҵеицәеи Ленинград ахьчара иалахәын. Урҭ ирызкны Пискаревтәи аҧсыжырҭаҿы иқәдыргылеит амемориалтә ҭӡы.
Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика ахада Рашьыд Темрезови ҞЧА Жәлар Реизареи (Апарламент) рыхьӡала ацеремониа алахәцәа иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Иара убасгьы Ленинград зыхьчоз Аҧсны аҵеицәа ргәалашәаразы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахьӡала ашәҭқәа шьҭарҵеит.