Амениу
21 Рашәара 2024
08:53
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    16 Лаҵара 2024
16.05.2024 17:13
Тҟәарчал, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз атренинг мҩаҧысит Тҟәарчал 

Атренингқәа рхықәкы — апроектқәа реиқәыршәашьеи, қәҿиарала рынагӡашьеи адырҵара.

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз, ҩымштәи атренинг мҩаҧысит И. Н. Воронов ихьӡ зху Тҟәарчалтәи абжьаратә школ № 2. Уи мҩаҧигеит Очамчыра иҟоу аҿартә еиҿкаара «IQan» ахантәаҩы Мате Ҵквитариа. 

Атренинг алкаақәа ҟаҵо, алахәҩцәа иӡырыргеит апроектқәа ҩба: ақалақь аҿы аҿар рклуб аартреи, атренингқәа рымҩаҧгареи агәам-сам аизгарҭақәа рышьақәыргылареи рыла ишьақәгылоу аекологиатә проекти. Акомиссиа аӡбамҭала, аҿар рклуб аартра афинанстә дгылара аиуеит. Хара имгакәа, уи анагӡара иалагоит. 

Асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызку апроект — Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки еицымҩаҧырго проектуп.

0