Амениу
27 Хәажәкыра 2025
12:44
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    4 Жәабран 2025
04.02.2025 12:53
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК ахәыҷқәа рзы иазнархиеит арҵагатә карточкақәа

Автортә сахьақәа зну акарточка лахҿыхқәа ахәыҷы ицхраауеит хатәы бызшәала ажәа ҿыцқәа рҵараҿы, аҧсуа етикет (аҧсуара) аҭҵаараҿы, ауаа рыбжьара ахымҩаҧгашьа аилкаараҿы.

Акарточкақәа еиқәдыршәеит АААКи ААУ аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугелиаҧҳаи еицхырааны. Асахьақәа равтор - Камилла Аршҧҳа. Урҭ рхархәара рабжьыргоит ашкол иҭамлаци иҭалахьоуи ахәыҷқәа рзы.

Арҿиагатә карточкақәа рзыршоит Аҧсны ашколқәа ацхыраагӡа-лабҿабатә материал аҳасаб ала.

Иҭышәҵаала аҧсуа етикет аҧҟарақәа, шәхәыҷқәа идшәырҵала ҳажәлар рдоуҳатә хәдурақәа, ирылашәааӡа аиҳабацәа пату рықәҵара, аамсҭашәара, анамысра.

Арҿиагатә карточкақәа релектронтә версиа шәыҧшаар ҟалоит ҳофициалтә даҟьаҿы.

0