Амениу
27 Хәажәкыра 2025
14:28
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    7 Жәабран 2025
07.02.2025 15:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК иацнаҵоит адиспансеризациа.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ашықәсҿыцтәи аҧсшьара ашьҭахь ихацнаркит апроектқәа русура. Ус, АААК агәыҧи Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрреи иацырҵеит ақыҭа школхәыҷқәа адиспансеризациа рахыжьразы апроект.

2025 шықәсазы раҧхьатәи аусуратә ҭыҵра еиҿыркааит Аӡҩыбжьа. Амедицинатә гәаҭара амҩаҧгаразы Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ иаҭааит амедиаҳәшьа Мадина Кьылҧҳа дызцыз акардиологцәа Ирина Бондаревеи Оксана Лакрҧҳаи, аотоларинголог Лана Мқанҧҳа, аневролог Саида Канџьариаҧҳа, аневролог, аузи-гәаҭаҩ Альбина Хәаџьааҧҳа, аблаҳақьым Фатима Сангәлиаҧҳа, ахәыҷтәы ҳақьым Азамаҭ Хьыбба, ареабилитолог Арзадин Агрба, ауролог Иури Зарандиа, аендокринологцәа Рената Анқәабҧҳаи Ҳамида Џьыкрҧҳаи. Ашьа азеиҧш ҭҵаареи ашьақар аҩаӡара агәаҭареи рышьҭахь, ахәыҷқәа урҭ алҵшәақәа рыманы аҳақьым иахь инеиуан.

Агәаҭара иахысит 100-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи. Уаанӡа ишаҧыз еиҧш, аҳақьымцәа ирыцхраауан аволонтерцәа - ААУ астудентцәа.

0