Лента событий ВААК
АААК иацнаҵоит алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект
Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша еиҿнакааит алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡоу, изаамҭанытәиу аҭыҵра. Уажәазы уи рхы аладырхәит Хәаҧ ақыҭа ашкол аҵаҩцәа.
Амш апрограмма хҭысла ибеиан, ҩ-етапк рыла ишьақәгылан. Зны аҵаҩцәа Аҟәа архәҭақәа руак иаҭааит. Уа дара ирзеиҭарҳәеит абџьархкқәа реибыҭашьеи рхархәашьеи, иддырбеит арратә техника.
Анаҩс ахәыҷқәа ахысратә клуб иаҭааит. Аинструкторцәа аҵаҩцәа иддырбеит абџьар ахархәашьа, ирзеиҭарҳәеит ашәарҭадаратә ҧҟарақәа. Адыррақәа рхы иадырхәеит ахысырҭаҿы, аинструкторцәа рнапаҵаҟа ахәыҷқәа зегьы бџьарла ихысит.
АААК иацнаҵоит апроект «Аимадара»
Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟәша иацнаҵоит апроект «Аимадара».
Уажәазы Аҧсны мрагыларатәи ахәҭа аҧшӡарақәа ддырбарц азы иргеит Д.В. Чирикбаиа ихьӡ зху Алаҳаӡытәи абжьаратә школ аҵаҩцәа. Тҟәарчалтәи араион Аҟармара ақыҭаҟны дара аҭааит ҩ-ӡхыҽҽак, иара убасгьы имҩахыҵит Анцәа Иан илызку Драндатәи аныхабаахь.
Уаанӡа ишаҧу еиҧш ахәыҷқәа ачеиџьыка рыдыргалеит.
Апроект «Аимадара» хықәкыс иамоуп аҿар рыбжьара акультура-ҭоурыхтә хәдурақәа раларҵәара. Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп анаҩсгьы ақыҭа школқәа рҵаҩцәа рзы аекскурсиақәа реиҿкаара.