Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ирхыԥхьаӡалоу Омар Беигәаа имшира инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит – зҭоурыхтә ԥсадгьыл азы зхы иамеигӡакәа аџьабаа збахьаз ари ауаҩ ду изку аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Аҭоурыхҭҵааҩ-кавказдырҩы, алингвист, апублицист, апоет, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ирхыԥхьаӡалоу Омар Беигәаа диит 1901 шықәса, ԥхынгәымза 1 азы ақыҭа Ефҭени Ҳаџьыс. Беигәаа ихаҭа иажәақәа рыла, уи ақыҭа аԥсышәала хьӡыс иаман «Ашәы Ҳаџьы иқыҭа», мамзар «Ашәаа рқыҭа» ҳәа. Уи анхарҭа ҭыԥ Дузџьа араион ахь иаҵанакуан (Анкарантәи мраҭашәарахь 240 км – аред.).

Беигәаа диит, иагьизҳаит Ҭырқәтәыла, аха ижәла аҭоурых даараӡа ибзианы идыруан. Убас, апублицист, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәаоит: «Саб Баирам ихьӡын. Баирам иаб – Ҳасан. Ҳасан иаб – Маџь. Маџь иаб – Мамагәыл (Омар Беигәаа иабду иаб, уи иаб – аред.) иман ҩыџьа аишьцәа – Шармаҭи, Саҭанеи. Урҭ аҭауадцәа Ачаа (Чачбақәа) раҳҭынрагьы иақәлахьан».

Аԥсадгьыл дацәыхараны, изгәакьоу дрылагыланы

1877-1878 шықәсқәа рзы мчыла зыԥсадгьыл иқәцаны иргоз ажәлар дрылагыланы, Самаҭаа рхәы (Аҟәатәи ашьха) ашьҭахь ишьҭаз иқыҭа, иахьазы – Абжьакәа, ныжьны дцеит Омар иабду – Ҳасан. Ҳаамҭазы Беигәаа рџьынџь дгьылс иԥхьаӡоуп ақыҭа Абжьакәа, уи Аҟәатәи араион ахь иаҵанакуеит. Омар Беигәаа ихазы «аҟәатәи аԥсуа» соуп ҳәа аҳәара бзиа ибон.

Зықьҩыла аԥсуаа, Аҟәеи, уи азааигәара иҟаз ақыҭарақәеи рҟнытә иахыгаз, мшынла инаӡеит ҭырқәтәылатәи аҟәара аҟынӡа, иагьыӡхыҵит Қьефқьен захьӡыз аҭыԥ аҟны. Амҩа иахьаныз зымчқәа зынӡа икәадахаз ԥшьышәҩык инареиҳаны атәым дгьыл аҟны ианнеиҵәҟьа рыԥсҭазаара иалҵит. Зыԥсы еиқәхаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Омар иаб – Баирам Беигәааи, аҭыԥха Шьамҳа Мқыди.

Хара имгакәа урҭ аҭаацәара аԥырҵоит, дагьырхылҵуеит аԥа – Омар. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рыла, Омар диит 1899 шықәсазы, аха Беигәаа ихаҭа 1901 шықәсазы сиит ҳәа акәын ииҳәоз.

Омар хәыҷы дшыхәыҷыз аахыс ахшыҩ ҵар шимаз убаратәы иҟан, насгьы атәым бызшәақәа бзиаӡаны игәникылон. Беигәаа иԥсҭазаареи иҟазареи ҭызҵаауа, даараӡа пату зқәу аҭҵааҩы Маҳинур Папааԥҳа (Туна) иазгәалҭоит: «аԥсуа бызшәеи, аԥсуа культуреи здыруаз, ицқьаӡаз, иԥшӡаз, ашәа еиԥш иҟаз аԥсыуа бызшәала ицәажәоз ауаа ирылиааз Омар, Анцәа иџьшьаны, уи абызшәа шьҭикааит».

Абызшәақәа рахь аҷкәын илоу аҟыбаҩ бзиа гәазҭаз, ажәытә османтәи алфавит ашьаҭала аԥсуа нбаншәҟәы аиқәыршәара иаҿыз, адыгатәи аинрал Рашьыҭ Еффендии уи иԥшәмаԥҳәыс Ҟасибеиа Ҷанԥҳаи, 12 шықәса зхыҵуаз Омар Беигәаа рнапы злакыз аус дадрыԥхьалеит. Убри инаркны иԥсҭазаара зегьы аԥсуа бызшәеи, афольклори, аҭоурыхи рыҭҵаара иазикуеит.

«Аԥсуа бызшәа адиалектқәа зегьы дырзааигәахеит, урҭ еиликааит, рыҭҵаара даҿын – ҳәа лыҩуеит Маҳинур Папааԥҳа. – Омар иҭиҵаауан аԥсуа ажәақәа хылҵшьҭрақәас ирымоу, урҭ еилиргон: ҵакыс ирымоу, изхылҵыз, егьырҭ абызшәақәа рыҟны урҭ ирықәҿызҭуа ажәақәа алиԥшаауан».

Омар Беигәаа
© BEYGUA ÖMER BÜYÜKA ABHAZOLOJİ ARAŞTIRMALARI

Омар Беигәаа Дузџьа ашкол аҟны аҵара иҵон, анаҩс дҭалоит ҭырқәтәылатәи алицеиқәа руак, уаҟа иоуеит анџьныр изанааҭ. Занааҭла аус иуан 1964 шықәсанӡа, аха уи аамҭазгьы есымша иԥшаауан аамҭа – Кавкази, аԥсуа бызшәеи, афольклори, аҭоурыхи иара убас егьырҭ ахырхарҭақәеи рыҭҵааразы. Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны иара иазгәеиҭеит ианакәызаалак имаҷны дшыцәоз: зны-зынла уахыки ҽнаки рыла х-сааҭк акәын дахьыцәоз, иҟалалон зынӡа дынмыцәозгьы.

«Аԥсуа» материалқәа рыԥшаара

Омар Беигәаа дравторуп хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны аҭоурыхи афольклори ирызку аусумҭақәа. Аҵарауаҩ иусумҭақәа рыҟнытә зегь реиҳа ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ҩ-томк рыла иҭыҵыз «Ауаҩытәыҩсатә цивилизациа аира раԥхьатәи аамҭақәа ирызку Кавказтәи ахыҵхырҭақәа» ҳәа хьӡыс измоу аусумҭа.

Еицырдыруа даҽа иусумҭак – «Аԥсуа мифологиа – ижәытәӡатәоу акәу?» ҳәа хьӡыс измоу, 1971 шықәсазы аҭырқә бызшәала Сҭамԥыл иҭыҵыз ашәҟәы. Иазгәаҭатәуп, Беигәаа ихадоу иусумҭақәа зегьы аҭырқә бызшәала ишҭыҵуаз. Ус шакәызгьы, ихатәы аԥсуа бызшәа анахысгьы иара ибзиаӡаны идыруан араб бызшәа, ашьам бызшәа, аҭырқәшәа ацәажәашьақәа ируаку – ажәытә осман цәажәашьа.

Аҵарауаҩ аԥсуа культура гәыкала дазыҟан, зҿлымҳарала абызшәақәеи, афольклори, ажәлар рҵасқәеи ҭиҵаауан.

«Беигәаа ишәҟәқәа рҿы иқәиргылон азҵаарақәа, иара иаԥхьа ԥсыуак иҿаԥхьа иқәимыргылацыз, – иазгәалҭоит Маҳинур Папааԥҳа. – Аԥсуа бызшәа ижәытәӡатәу бызшәоума? Инхозма аԥсуа хылҵшьҭрақәа ажәытәӡатәи египетааи, мессопотамааи, абырзенцәеи раамҭақәа рзы?» ҳәа.

Иара убасгьы, Омар Беигәаа иҭижьит сахьала еиқәыршәоу Аԥсуа амзар, аҭыжьра иазирхиеит х-томкны иҟоу «Аԥсуа етимологиатә жәар», «Аԥсуа грамматика». Аҵарауаҩ, апублицист Руслан Гәажәба иажәақәа рыла, ашықәсқәа цацыԥхьаӡа Беигәаа иусумҭақәа зхы иазырхәараны иҟоу аҭҵааҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳалоит, избан акәзар урҭ рыҟны иаагоуп иҿыцу, акыр зҵазкуа адыррақәа.

Маҳинур Папааԥҳа илыҩуеит, аҵарауаҩ акырзҵазкуа аҭоурыхтә дырра ҿыцқәа роураҿы акырӡа ишихәоз араб бызшәа адырра. Омар Беигәаа даҭаауан Топкана аҳҭынра (XIX ашәышықәса азбжара аҟнынӡа Османтәи аимпериа аҳҭынра хадас иҟаз. Аимпериа анхабгала ашьҭахь уи амузеи алхын – аред.), уаҟа Османтәи аимпериа архивқәа ҭиҵаауан, иԥшаауан Аԥсныи Кавкази ирызкыз еиуеиԥшым анҵамҭақәа, иҟаиҵон урҭ рықәҭыхқәа, анаҩс – аус рыдиулон. Убас иԥшаахьан абираҟқәа рсахьақәа, урҭ анаҩс аҭырқәа журналқәа рыҟны икьыԥхьит. Иара убасгьы VIII-тәи ашәышықәсазы араб бызшәала икьыԥхьыз «Аԥсҳа Баҭа» (аԥсуаа раҳ Баҭа) изку аповест.

Уи адагьы Беигәаа дрызҿлымҳан иааизакны Кавказ иазку аматериалқәагьы, урҭ дрышьҭан еиуеиԥшым альманахқәеи, абиблиографиақәеи, ажәарқәеи, мрагыларатәии амраҭашәаратәии атәылақәа рыҟны иҭыҵуаз антропологиатә ҭыжьымҭақәа рыҟны.

Сҭамԥыл инхо аԥсуа ипоезиа

Аҭҵааратә усура адагьы Омар Беигәаа даараӡа бзиа ибон апоезиа. Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны иара иҳәеит, 15 шықәса анихыҵуаз ажәеинраалақәа рыҩра дшалагаз атәы. Наунагӡа зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәгоу ауаҩы ихьаа зныԥшуа ажәеинраалақәа реизга ҭнажьуеит ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара», 1990 шықәсазы. Аизга иахьӡын – «Асҭамԥылынтәи аԥсуа ибжьы» ҳәа, уи ианылеит Омар Беигәаа ихатәы бызшәала хыԥхьаӡара рацәала иаԥиҵаз ажәеинраалақәа.

Беигәаа ипоезиатә ҭынха лассы-лассы иаҿыдырԥшуеит аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа ипоезиа амотивқәа. Гәлиа еиԥшҵәҟьа, Беигәаа афольклортә хаҿсахьақәеи уи аестетикеи дырзааигәоуп, иажәеинраалақәа тема хадас ирымоуп – аԥсадгьыл агәхьаагара.

Ҳәарада, Омар Беигәаа иажәеинраалақәа еиҳагьы аҵак ду рынаҭоит – аԥсуа бызшәала иахьаԥҵоу… бзиа иибоз, зԥеиԥш хьааигоз ихатәы бызшәала.

Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа ааигәахо ишалагаз анеиликаа, апоет иҩуеит ихаты бызшәала абарҭ ажәақәа, урҭ ибаҟаҿгьы инарырҵарц азы адҵа нижьуеит: «Дыззыгәыкыз аҧсышәа ихчнызазааит наӡаӡа!»

Иԥсадгьыл аҟны

1975 шықәсазы Беигәаа Аԥсны даҭаауеит, Ҭрықәтәыла иҟоу аԥсуаа рдиаспора ахаҭарнакцәа рделегациа даланы. Араҟа иара дырԥылоит еиуеиԥшым ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, алитераторцәа, ақалақьқәеи ақыҭақәеи дырҭаауеит, аӡиа Риҵа ибоит: усгьы ахиҳәаауеит нас, Риҵа зымбаз, Аԥсны сыҟан изҳәом ҳәа.

Иҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭаара Беигәаа игәы шьҭнахуеит, имчқәа еизырҳаны, инапы злакыз Аԥсны иазеиӷьу аус дшаҿыц инациҵоит.

Џьума Аҳәба ииҭаз аинтервиу аҟны Омар Беигәаа еиҭеиҳәоит, иԥсҭазаара ахықә дшазааигәахаз атәы анеиликаа, иара дазхәыцуа дшалагаз идыррақәа ари адунеи аҟны рныжьра шиҭаху, убри азынгьы дахыццакны урҭ ишәҟәқәа рыҩра дшалагаз.

Убри аинтервиу аҟны иара убасгьы иазгәеиҭоит, аԥсуа иԥсҭазаара – ԥышәарала ишышьақәгылоу: «Аԥсуа анцәа дишаны адәы дзықәиҵаз дԥишәаларц ауп, илԥха ҳамазааит, ҳашԥишәауа мацара ҳааиуеит».

1994 шықәсазы, Омар Беигәааи, Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи реиԥылара мҩаԥсуеит Сҭамԥыл ақалақь аҟны. Уи, ҳәарада, иҭоурыхтәу ахҭыс Аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа авидеонҵамҭаҵас ианырҵеит. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба идҵала Омар Беигәаа ианашьан аорден «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара.

Омара Беигәаа иԥсҭазаара далҵит 99 шықәса шихыҵуаз, 2001 шықәсазы. Анышә дамадоуп Сҭамԥыл, иԥсҭазаара зегьы ахьихигаз ақалақь аҟны. 2013 шықәсазы, Арепатриацциазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала Аҟәа иаартын Омар Беигәаа ихьӡ зху Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи.

Аҵарауаҩ иԥсы ахьынӡаҭаз аџьабаа ду адиҵеит адиаспора аҭоурых анҵара, уи ашәҟәҭагалара, иҩхьан адиаспора иналукааша ахаҭарнакцәа рацәаҩны рбиографиақәагьы.

Ахархәара змоу алитература:

· Маҳинур Папааԥҳа «Омар Беигәаа изкны ацәажәара»

· Аԥсуа биографиатә жәар