АААК Анацәеи абацәеи рыклуб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит зцәажәареи зыпсихологиатә шәреи хьшәаны имҩаԥысуа ахәыҷқәа рыцхыраара иазкны.

Селма Базԥҳа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Анацәеи абацәеи рыклуб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит зцәажәареи зыпсихологиатә еизҳареи аанкылахаз, ма ихьшәахаз ахәыҷқәа рыцхыраара иазкны.  Аиԥылара мҩаԥысит Гагра, асабша, ԥхынҷкәын 3 рзы.

Ицәажәон аневролог Альбина Хәаџьааԥҳаи, апсихолог-адефектолог, алогопед Елена Стоговеи. Аиԥыларахь ааԥхьара лыман арт-терапевт, адефектолог Ҭина Чхаиӡе, лара занацәа ирыцны иааиз ахәыҷқәа рзы амастер-класс мҩаԥылгеит ашықәсҿыцазтәи ашәҟәаартқәа рҭыхшьеи рырхиашьеи длырбеит. 

Анацәеи абацәеи рыклуб амодератор, АААК Аҵареи, асоциалтә ҿиареи, агәабзиарахьчареи рыҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа иазгәалҭеит абри аҩыза апроблемақәа зманы изызҳауа ахәыҷқәа закәанла ихьчазарц шахәҭоу, урҭ ауаажәлар аӡәы ҳәа ирыхәҭакхарц азы ацхыраара шрыҭалатәу. 

«Иахьазы иаҳбагәышьоит, зыпсихика кәадоу, ма ҽеишәа изымцәажәо ахәыҷқәа ауаа рҿы рхы шьҭырхыртә еиԥш адкылара шрымам, уимоу аҵараиурҭақәа рҟынгьы уи аҩыза ацәырҵрақәа ҳԥылалоит.  Ари азҵаара аҭыԥ ақәҵашьа ашьаҿақәа арбазароуп ҳҳәынҭқарраҿы. Ахәыҷбаҳча мамзаргьы ашкол ахәыҷы иаанахәара азҵаара ҷыдала иаԥҵоу амедицинатә комиссиа иаӡбозароуп, адиагноз ақәыргылара азин змам ауаа ракәымкәа. Уажәы ҳазлацәажәо зыхшыҩ еилгоу ахәыҷқәа роуп, ҳәарада», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Лара излалԥхьаӡо ала, ауаажәлар рҿы иҟоуп зхы азин азҭо аӡәы ихәыҷы дчымазаҩуп ҳәа ахьӡ иҭара. Аха амедицинатә ҵара змам ауаа иара усгьы аҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи иааинырсланы рлахьынҵа рмыӡбозароуп.

«Аспециалистцәа мацара роуп адиагноз ақәыргылара азин змоу, ани аби иразҳәаша шәхәыҷы ипсихика, ма ицәажәара ԥкуп ҳәа. Уажәы Апарламент аҿы «Аҵаразы азакәан» аус адулара мҩаԥысуеит, иара абас еиԥш иҟоу азҵаарақәагьы рҭышәныртәала иазкхоит. Аԥсны амедицинатә еилазаарагьы ари аус рҽаладырхәроуп», – ҳәа ацылцеит Ҳагԥҳа.

Ааԥхьара зманы иааз аексперт, аневролог Альбина Хәаџьааԥҳа еизаз идлырбеит зцәажәареи зыпсихологиатә шәреи аанкылоу ахәыҷқәа рыцхыраара иазкыз апрезентациа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәалҭеит ахәыҷы дшылкашәаз ганрацәала иеизҳашьа иацклаԥшлатәуп ҳәа.

«Адунеизегьтәи астатистика инақәыршәаны, 2014 шықәса раахыс ахәыҷқәа рҿы иҿио иалагеит еиуеиԥшым апсихикатә чымазарақәа, ианаамҭоу ацәажәара алагара зыруадаҩуагьы уахь иналаҵаны. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари аҩыза ахҭысқәа акыр ирацәахеит Аԥсны аҩнуҵҟагьы. Иҿыцны ицәырҵыз апсихикатә еилшәарақәа рацәоуп, иҟоуп зыхәышәтәра ауа, иҟоуп зынӡа иуадаҩугьы. Арахь иаҵанакуеит инамыцхәны иласу ахәыҷқәа, аҽынкылара змам, аутистцәа ҳәа изышьҭоу, зыпсихика, ма зцәажәара ԥку ахәыҷқәа, ицқьаны изаҳауа, аха изымцәажәо», – ҳәа еиқәылԥхьаӡеит Хәаџьааԥҳа.

Аспециалист лгәаанагарла, ас еиԥш иҟоу ахәыҷқәа рыхәышәтәра уадаҩуп, избан акәзар арҭ ачымазарақәа ҿыцуп, амедицинаҿы цқьа иҭҵааӡам дара зыхҟьо амзызқәа. Аневролог агәра ганы дыҟоуп, ахәыҷы даниилак нахыс ианаамҭоу аҳақьымцәа зегьы дыдурбалар, уи профилактика бзиоуп, иаԥхьаҟа дызцәухьчаша акыр ҟалоит ҳәа.

«Ахәыҷы иеизҳараҿы ауадаҩрақәа дырԥылозар, еиуеиԥшым аспециалистцәа рыцхыраара иҭаххоит, алогопед, адефектолог, ахәыҷтәы психолог уҳәа, иара убас ахәшәқәагьы иржәтәлахоит. Аневролог мацара иҟны аҽыхәышәтәра алҵшәа маҷхоит, егьырҭ аспециалистцәа адумгалозар», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Хәаџьааԥҳа.

Алогопед-адефектолог Елена Стогова илҳәеит ари ахырхарҭала аусура аҵак ду шамоу, ахәыҷқәа реизҳараҿы ауадаҩрақәа урҟәызгаша афакторқәагьы азгәалҭеит.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы алогопедҵәа-адефектологцәа ирыдҵаало анацәеи абацәеи акыр ирацәаҩхеит. Раԥхьаӡа иргыланы, адефектолог ахәыҷы имоторикала, иԥшышьеи, ицәажәашьеи рыла дҭиҵаауеит. Аха адефектологиа апедагогикатә ҭҵаарадырра иахәҭакуп аҟынтә, ҳара адиагноз ықәҳаргылаӡом. Адефектолог иус наигӡалароуп аневрологи апсихологи наиваргыланы. Алҵшәа ҟаларц азы ахәшәқәагьы адгалатәуп, абаҩрҵәырагьы, иаҳҳәап иҷыдоу алогопедиатә массаж еиԥш иҟоу», – лҳәеит Елена Стогова.

Аспециалист лажәақәа рыла, заԥхьаҟа ахшараиура згәы иҭоу зегьы заа иазхәыцроуп абри аҩыза ацәырҵрақәа ҳаамҭазы ахәыҷқәа рҿы ирацәахо ишалагаз.  

«Заа уҽазыҟаҵаны ахшараиура – ахәыҷы иаԥхьаҟа еиуеиԥшым апроблемақәа дырцәызыхьчо акрызҵазкуа факторуп. Аԥҳәыс лцәа лтәымкәа даныҟоу астресс лоузар, мамзаргьы лгәабзиара уашәшәыразар, уи лысабигьы игәабзиара ианыруеит. Даара ухы уацклаԥшлароуп усаби игәы бзианы диир уҭахызар», – лҳәеит аексперт.

Оксана Кондратиева дануп, дыгәдоуҭатәуп, лара аиԥылара иалахәыз анацәа дзыниаз рзеиҭалҳәеит, адиагноз иацәшәатәӡам ҳәа ргәы лырӷәӷәеит.

«Схәыҷы хышықәса анихыҵ избо салагеит иеизҳараҿы ихьшәаны имҩаԥысуа, ма зынӡаскгьы имҩаԥымсуа апроцессқәа шыҟоу. Сыҷкәын ашьҭыбжьқәеи ажәақәеи иҳәаӡомызт, иара убри аан дласцәан. Абри ангәаҳҭа аспециалистцәа рҿы аҽыхәышәтәра ҳалагеит, уажәшьҭа хәышықәса ирықәуп: аневролог, алогопед-адефектолог, апсихолог уҳәа рахь ҳныҟәоит. Уажәы аашықәса ихыҵуеит, ажәақәа иҳәо далагеит. Хара имгакәа ашкол ахь дысзышьҭып ҳәа сгәыӷуеит. Абри аҩыза ауадаҩра иақәшәаз анацәеи абацәеи шәгәы кашәмыжьын, аха егьҟамлеит ҳәагьы шәхы шәымжьан, аҳақьымцәа шәҽыдшәырбала, шәхәыҷқәа излауала шәрыцхраала, усҟан абзиарахь шәкылымсыр ауӡом», – лҳәеит Оксана Кондратиева.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи алахәцәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иҭабуп ҳәа азынарыцҳаит ахәыҷааӡара иазку хра злоу азҵаарақәа иаахтны рылацәажәаразы абри аҩыза алшара ахьаԥнаҵаз азы.

«Иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәа иахьа абас еиԥш аицәажәара ахьҳамаз. Абри аҩыза аиԥыларақәа аҭахны иҟоуп ҳәа сыԥхьаӡоит аҭаацәарақәа рзгьы арҵаҩратә еилазаара азыҳәангьы. Сгәыӷуеит ҳаԥхьаҟа ари атемала аицәажәарақәа ирыцҵахап ҳәа», –лҳәеит Гагратәи ахәыҷбаҳча №2 аҟны ааӡаҩс аус зуа Вера Рушицкаиа.

Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркыз иҷыдоу проектуп – аусура иалагеит 2019 шықәса, абҵарамзазы Аҟәа. 2021 шықәса раахыс аилатәарақәа Гаграгьы имҩаԥысуеит. Аклуб иалалар рылшоит ахәыҷы дзааӡо зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы иаҭаху – амотивациеи азҿлымҳареи мацара роуп. Аклуб аҟны имҩаԥысуеит апсихологцәа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, ахәыҷааӡара иадҳәалоу еиуеиԥшым егьырҭ аекспертцәа рԥыларақәа.