Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны иҟоу аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥхьаӡара иацлеит Гагра ақалақь аҿы иаарту аҟәша ҿыц.
Аконгресс аҭыԥантәи аҟәша аԥҵан Гагра араион ауааԥсыра рԥылараан, хәажәкыра 5 рзы. АААК аусуреи ааигәатәи агәҭакқәеи ртәы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирзеиҭарҳәеит Аконгресс ахаҭарнакцәа: Инар Гыцба, Леван Торчуа, Инвер Алшәындба.
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба аиԥыларахь иааиз иреиҳәеит аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра хықәкы хадас иамоу – ахаԥшьгара аазырԥшуа ауаа адыԥхьаланы доусы иахьынхо аҭыԥқәа рҿы абзазара еиӷьызтәуа апроектқәа рынагӡароуп ҳәа.
«Ҳара, раԥхьаӡа инаргыланы, ауаа идеилҳаркаарц ҳҭахуп, доусы дахьыҟоу аҩаӡараҿы дхәарҭахарц шилшо. Зны иара игәараҭаҿы, нас иқалақь аҿы, анаҩс – атәыла зегьы дахәартә дҟалоит. Абри арҿиаратә ус аҿы иаӡәыкны ауаа рацәа реидкылара ҳалшар – ҳхықәкы наҳагӡеит ҳәа ҳаԥхьаӡоит», – иҳәеит Гыцба.
Иара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, ихырҳагоу аусеицура ҟаларц азы активра аадырԥшларц.
«Апроект анагӡараҿы унеирц азы, аԥхьа ухы аацәырганы иара аӡбахә уҳәароуп. Апроблемақәа рынахысгьы – урҭ реиҳарак еиԥшуп араионқәа зегьы рҿы – араион мчыс-лшарас иамоу удыруазароуп. Ихәыҷу апроектқәа рҟынтә иаҳа-иаҳа идуқәоу рахь ииастәуп. Хара узго амҩагьы раԥхьатәи ашьаҿала иалагоит», – ҳәа азгәеиҭеит Инар Гыцба.
Аиԥылара иалахәыз ируаӡәкыз Еланна Агрԥҳа излалԥхьаӡо ала, апроблемақәеи ихымԥадатәны инагӡатәу апроектқәеи рыԥшаара аҭахы иҟаӡам, згәы былуа ақалақь ауааԥсыра иара усгьы рыбла ихгылоуп.
«Аконгресс аусзуҩцәа рықәгыларақәа сахьынӡарзыӡырҩуаз, схаҿы иааит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иҟауҵар иулшо аидеиақәа рацәаӡаны. Иара ус амҩаду уаныланы ақалақь унагәылсыр, иумбар залшом иҟаҵатәны иҟоу шырацәоу», – лҳәеит Агрԥҳа, иагьацылҵеит амаҷ аҟынтә уалаганы уаанымгылакәа уцалар, аду ахь ушнеиуа.
Лара гәалсрала иазгәалҭеит, Гагра ақалақь уаанӡа культуратә ҳҭынрак иаҩызан, аха уажәы ишьақәханы иҟоуп ҳәа.
«Гагра араион Аԥсназы – Санкт-Петербург Урыстәылазы ишыҟоу еиԥш иҟан аамҭақәак рзы. Иахьа акәзар, аҿиара ҳаҟәыҵит, шьҭахьҟа ҳцоит. Гагра арҿиара ҳалагароуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Егьырҭ ауадаҩрақәа змоу ҳтәыла араионқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, Гагра араион аресурс дуӡӡа иалаҟоуп. Ус анакәха акультурагьы ыргьежьтәуп Гаграҟа, абраҟа афестивальқәеи арт-проектқәеи мҩаԥгалатәуп», – лҳәеит Агрԥҳа.
Гагра ақалақь иатәу Наталиа Барцыц абри раԥхьатәи аиԥылараҿы дшыҟаз апроектқәа жәпакы рганахьала ажәалагала ҟалҵеит: ақалақь акультуреи аҭоурыхи реиқәырхара иазку, аҵаратә проектқәа уҳәа.
«Сара сзы Гагра – Ницца хәыҷы иаҩызоуп. Ара ииз-иааӡаз зегьы рзеиԥш. Сара Европа бзиа избоит, аха уа ианаало зегьы ҳара ҳҿгьы ианаало изыҟалом. Милаҭла иаԥсыуоу лаҳасабала акультуратә ҭынха ахьчара даара иаҭахны исыԥхьаӡоит. Иԥшӡоу, ибеиоу акультура ҳамоуп. Шаҟа исҭахузеи Гагра иазку амузеи ыҟазарц – абра изызҳауа ахәыҷқәа зегьы рықалақь аҭоурых рдыруазарц азы, ахьӡ-аԥша аманы ишыҟаз рбарц азы, иаҳҳәап абраҟа 1903 шықәсазы аҳауатә станциа шыргылаз, мамзаргьы раԥхьаӡатәи Гагра ахсаала Венециа ацқьа Марк иныхабааҿы ишышьҭоу уҳәа еилыркаарц азы. Ирацәоуп убас иҟоу угәы зладухаша егьырҭ афактқәагьы», – лҳәеит Барцыц.
Лара иазгәалҭеит убасгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы Аконгресс аӡбахә рацәаны ишлаҳауа, ҳтәыла араионқәа рҿы қәҿиарала апроектқәа рынагӡашьа лгәы шышьҭнахуа.
«Аконгресс аҿы иеизаз ауаа зыԥсадгьыл алахьынҵа хьаас измоу, уи аԥеиԥш иазхәыцуа роуп. Сеигәырӷьоит шьҭарнахыс гаграа ҳусқәа рҿы иааҳавагыло ажәҩахыр ахьҳауз. Акы аҟаҵара зҭаху ауаа рҽеидыркылар, иҳалшо рацәахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Абас иҟоу акоманда умазар, ицәырҵуа апроблемақәа зегьы еиҳа ирласны, еиҳа ибзианы иуӡбоит», – ҳәа агәра лгоит аиԥылара алахәҩы.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз ақалақьуаа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алаларазы Арзаҳалқәа хадырҭәааит.
Гагра ақалақь аҿы иаарту Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩыс дҟалеит Еланна Агрԥҳа. Аҟәша иалалеит убасгьы: Давид Багаҭелиа, Асҭамыр Арсҭаа, Анри Быҭәба, Наталиа Барцыц.
АААК Гагратәи аҭыԥантәи аҟәша налаҵаны Аԥсныи Ҭырқәтәылеи иаарту аҟәшақәа зегьы рхыԥхьаӡара 35 рҟынӡа инаӡоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.