Хабарда ибжьаӡыз жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит есышықәса, нанҳәамза 30 рзы. Ҳтәылаҿы ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалоу реиҳараҩык — Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ибжьаӡыз роуп.

Асҭанда Арӡынԥҳа

Нанҳәамза 30 рзы адунеи зегьы аҟны иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз рымш. Аԥсны азы ари акрызҵазкуа, илахьеиқәҵагоу рыцхәоуп: ҳтәылаҿы иҟоуп жәабала аҭаацәарақәа, зыуацәеи зҭынхацәеи ирлахьынҵахаз ззымдыруа.

Аԥсны ибжьаӡыз реиҳараҩык — Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.) ашықәсқәа раан хабарда ибжьаӡыз роуп. Ибжьаӡыз рҭынхацәа уажәшьҭазы иагьгәыӷуам урҭ рыԥсы ҭаны ирбап ҳәа, акызаҵәык изышьҭоу — урҭ рыԥсыбаҩ ԥысуа ҵасла анышә амадара ауп.

Урҭ анышәынҭрахаҳәқәа рызгылаӡам

Хабарда ибжьаӡыз рқьашанақәа рахь узнеиуам — урҭ анышәынҭрахаҳәқәа рыздыргылаӡом. Аха Аԥсны жәлар дара ргәаларшәаразы еиуеиԥшым азнеишьақәа рыԥшаауеит. Иаҳҳәап, Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы игылоу аӡыржәтә ахьааиуа аӡыршә аҿы абас еиԥш ажәақәа ануп: «Агәалашәара — уаҩы узлыимцо џьанаҭуп».

2011 шықәсазы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иргылаз аӡыршә (аскульптор Архип Лабахәуа иаԥҵамҭа) мацароуп хабарда ибжьаӡыз ауааԥсыра ирызку баҟас иахьа иҟоу. Автор игәҭакала ари аргыламҭа символуп: аӡыршә аӡы амҵәаанӡа, ибжьаӡыз ргәалашәара аԥсы ҭазаауеит. Абаҟа хыркәшоуп зшәага дуум, аџьаз иалху аскульптуратә композициала, уи иаҳнарбоит хабарда ибжьаӡыз, бзиа иаҳбо ауаа наунагӡа ҳгәалашәараҿы ишаанхо.

Атеатр аҿаԥхьа игылоу абаҟа — иҿымцәаауа ҳгәалашәара аршаҳаҭгас иҟоуп. Аибашьра еилгеижьҭеи 26 шықәса инареиҳаны ишыҵуагьы, иахьагьы имҩаԥысуеит ибжьаӡыз рыхабар аилкаарақәа.

Аибашьра ахьаа

2010 шықәса инаркны, Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак (АҞЖәА) еиҿнакааз ҩ-ганктәи аиԥыларақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит Аԥсныи Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа реиԥылара — 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аибашьраан хабарда иҭахақәаз рыԥшааразы. Арҭ аиԥыларақәа раан аганқәа еимырдоит хабарда ибжьаӡыз ирызкны рнапаҿы иҟоу аинформациа: ибжьаӡыз руахҭа аазырԥшуа, урҭ анышә иамазар ахьалшо аҭыԥқәа ртәы зҳәо.

Аида Хонелиа еиҭалҳәоит ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аҵыхәтәан хабарда ибжьаӡыз лашьа иӡбахә

Аџьар Ҟаԥшь ацхыраарала иалыршахеит аибашьраан иҭахаз идырым аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа ыҵхны рышьақәыргылара апроцесс ахацыркра. Арҭ аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы апроцесс иадгалан антропологиатә археологиаҿы аԥышәа ду зоухьоу аекспертцәа. Аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыҭҵаара мҩаԥысуеит Хорватиатәи ақалақь Загреб иҟоу ДНК-лабораториаҿы.

Абри аус хацыркуижьҭеи фышықәса ирылагӡаны Аџьар Ҟаԥшь аспециалистцәа Аԥсны ирыԥшаахьеит 431-ҩык рыԥсыбаҩқәа. Урҭ рҟынтә рхаҭарақәа шьақәыргылоуп 163-ҩык, уаанӡа хабарда ибжьаӡыз ҳәа иԥхьаӡаз.

Аԥсуаа ирыҭан 42-ҩык рыԥсыбаҩқәа. Аха даҽа 127 ҭаацәара иахьа уажәраанӡа иазыԥшуп аибашьраан ибжьаӡыз рҭынхацәа ирызку аинформациа.

Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаареи рыҭҵаареи аус иацҵахоит. Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иԥшааз 268-ҩык рыԥсыбаҩқәа макьана рхаҭарақәа узышьақәыргылом, избан акәзар зыԥсы ҭаны иҟоу урҭ рыуацәа зегьыҵәҟьа азыхиам ДНК-анализ аҭара. Аӡәырҩы ари аганахьала дара рхатә знеишьа рымоуп. Урҭ абри азҵаара убас ихьааргоит, алацәажәарагьы рҭахымхо аҟынӡа ҳәа ҳзеиҭарҳәеит Аџьар Ҟаԥшь ахаҭарнакцәа.

Аԥсны иаҵцоуп 1992-1993 шықәсқәа рзтәи ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара аус. Хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара апрограмма иалахәу еиҭарҳәоит русура лҵшәақәас иаанашьҭыз
© Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак

2019 шықәса мшаԥымзазы Аҟәа афотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит. «Ҳара ҳаԥшуп» ҳәа хьӡыс измаз аекспозициа иаанарԥшуан Аԥсны хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы Аџьар Ҟаԥшь имҩаԥнаго апрограмма аусушьа. Ацәыргақәҵа аартраҿы Аԥсны иҟоу Аџьар Ҟаԥшь амиссиа аиҳабы Максим Забалуев иҳәеит: «Аҭаацәарақәа азин рымоуп иҭахаз рыуацәа рлахьынҵа адырразы. Урҭ анышә иахьамоу адырра азин рымоуп, рнышәынҭраҿы иааины иргәаладыршәарц азы... Ари апрограмма аусура иацҵахоит, Аԥсны ахьынӡанаӡа-ааӡо аԥсыжырҭа ҭыԥқәа ҳрышьҭазаауеит».

Аџьар Ҟаԥшь апрограммала зхаҭара шьақәыргылаз аԥсуа еибашьцәа зегьы ҳаҭырла анышә иамадан. Аибашьра еилгеижьҭеи ҩажәа шықәса инареиҳаны ишҵуазгьы аԥсуа жәлар ҩаԥхьа уи аамҭахь ихынҳәызшәа иҟалеит. Ҩаԥхьа иаатит иара усгьы имӷьацыз ахәрақәа.

Ҩажәа шықәса рышьҭахь зхаҭара шьақәыргылаз

2015 шықәса аԥхынразы убас иԥшааз аибашьҩы иҭоурых Аԥсны зегьы иахыҵәеит.

Очамчыра араион, Ҷлоу ақыҭа иалҵыз Борис Инаԥшьба дҭахеит Марттәи ажәылараан, 1993 шықәсазы. Аҟәа ахақәиҭтәра хықәкыс измаз уи ажәылара маншәаламхеит, Борис иԥсыбаҩ Гәымсҭа арымарахьтәи аԥшаҳәаҿы иаанхеит, аԥсуа аруаа уахь неишьа рымамызт усҟан.

Аибашьраҿы Аԥсны аиааира анага аамышьҭахь, 1993 шықәса, жьҭаарамзазы азеиԥш ԥсыжырҭаҿы анышә иамадаз аибашьцәа реилкаара даара иуадаҩхахьан. Аха Борис Инаԥшьба иани иаби рыҷкәын иԥсыбаҩ аҩныҟа иргеит ҳәа ԥхьаӡаны, Ҷлоу иқыҭа гәакьан анышә дарҭеит. Аибашьҩы иԥҳәыс Мзиа Беиа — Аԥсны афырԥҳәызба ҳәа ахьӡ зыхҵоу — усҟан аиҳабацәа рҳәатәы даҿамгылеит, аха лхаҭа гәаартыла ишылҳәаз ала, агәыҩбарақәа деимаркуан.

Мзиа Беиа еиҭалҳәоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз лыԥшәма иԥшаара атәы
© Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак

Убри азоуп Аԥсны ари жәларбжьаратәи апрограмма анхацыркха, Аҟәа, ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы анышә иамадаз, зхаҭара шьақәыргыламыз аибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рыҭҵаара ианалага, лара Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҟны иаԥҵаз Хабарда ибжьаӡыз рзы Акомисииа дзадҵаалаз. Зегь реиҳа иуадаҩыз — иҭахаз лыԥшәма иуацәа ари апрограмма алахәра рақәыршаҳаҭра акәын, ДНК-анализ арҭарц азы.

Нас ишеилкаахаз ала, убри зегь башамызт. Борис Инаԥшьба ибаҩ ԥшаан Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы анышә иамадаз аибашьцәа рыбжьара. 2015 шықәса, рашәарамза 21 азы аҭаацәара алшара роуит Борис Инаԥшьба иԥсыбаҩ аҩныҟа иганы анышә амадара.

«Уажәшьҭа сара сгәы ҭынчуп, избан акәзар сыҷкәын идыруеит иаб анышә дахьамоу, ус анакәха имоҭацәагьы ахьааиша, шәҭык ахьнықәырҵаша рдырлоит», — лҳәеит усҟан Мзиа.

Бзиала иаҳзырша...

«Ҳарҭ ҵаҟа-ҵаҟала ҳаузықәхуам, аиҿагылара иацҵахоит», — ҳәа имшынҵаҿы иҩит Аԥсны Жәлар рпоет Таиф Аџьба, иагьаҵаиҩит арыцхә: «жьҭаара 9, ахәаша».

1992 шықәса, жьҭаарамза, Аԥсны аибашьра цоижьҭеи ҩымыз инареиҳан.

Убри ахәашаҽны, жьҭаара 9 рзы ақырҭуа гвардиауаа бџьарла еиқәных Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы игылоу апоет дахьынхоз аҩнеихагылаҿы иааины иареи даҽа хацәқәаки раԥцаны идәылыргеит. Иахьыргаз иахьа уажәраанӡа идырым. Убри аахыс иахьанӡа апоет илахьынҵахаз еилкаамкәа иаанхоит.

Таиф Аџьба аҽнышьыбжьон дыргеит, агәылацәа зегьы рыла ишабоз. Аҵыхәтәан иара иԥшәмаԥҳәыс дызлыҳәаз акызаҵәык акәын — ихатә архив еиқәлырхарц, маӡала ииҩуаз имшынҵагьы ақырҭқәа рнапаҿы имнеирц, ҿыц игыло абиԥара иҟаз шыҟаз атәы зҳәо аҵабырг раҳарц азы.

Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы ихацыркыз апоет имшынҵа анаҩс икьыԥхьын «Бзиала иаҳзырша...» ҳәа хьӡыс иаҭаны. Абарҭ ажәақәа имшынҵа адаҟьақәа рҿы лассы-лассы иуԥылоит, урҭ рыла ихиркәшон иара уатәи ианҵамҭақәа.

Ишьақәырӷәӷәам адыррақәа рыла, апоет акыраамҭа ддыргәаҟуан, нас иеихсны дыршьит. Анышә дахьамадоу еилкаам.

Аԥсуа уаажәларра уи илахьынҵа аилкаара акырӡа ргәы иҵхоит. Ари азҵаара ихадароу ируакны иаанхоит Аџьар Ҟаԥшь адгыларала имҩаԥысуа хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара ахырхарҭала аԥсуа-ақырҭуа еиԥыларақәа рҿы.

2014 шықәсазы Аџьар Ҟаԥшь аспециалистцәа Таиф Аџьба анышә дамазар ҟалап ҳәа иахьрарҳәаз аҭыԥ аҿы — Аҟәа араион, Акаԥа ақыҭан — аԥшаарақәа мҩаԥыргеит, аха уа ԥсыжырҭа ҳәа акгьы ыҟамызт. Азҵаара иахьа уажәраанӡа ишаарту иаанхоит. Егьа ус акәзаргьы, аԥсуа ган роума, жәларбжьаратәи аспециалистцәа роума еицҿакны ирҳәоит: раԥхьатәи аԥышәаҿы ҳманшәаламхазаргьы, уи аус аҳаркуеит ҳәа аанагаӡом. Зегьы еицазхарҵахьоу аԥсуа поезиа аклассик Таиф Аџьба иԥшаара иацҵоуп. Избан а

кәзар, аибашьра еилгам ҳәа иԥхьаӡоуп, аҵыхәтәантәи асолдаҭ анышә дауҭаанӡа.