АААК Адискуссиатә клуб аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алархәны астол гьежь мҩаԥагеит абри атема ала: «Академик Сергеи Бебиа ифундаменталтәу иҭҵаамҭа «Аԥсны абнақәеи» ҳтәылаҿы изызҳауа иуникалтәу аҵиаақәеи аекологиеи шәарҭарақәас рҿаԥхьа иқәгылоу».
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуби Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аботаникатә институти астол гьежь еиҿыркааит «Академик Сергеи Бебиа ифундаменталтәу иҭҵаамҭа «Аԥсны абнақәеи» ҳтәылаҿы изызҳауа иуникалтәу аҵиаақәеи аекологиеи шәарҭарақәас рҿаԥхьа иқәгылоу» атемала Аҟәа, Аботаникатә институт аҟны цәыббра 8 рзы.
Астол гьежь амҩаԥгаҩ, АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Русҭам Занҭариа астол гьежь алахәцәа рыхьӡқәа иҳәеит: ААР Апрезидиум алахәыла, академик, апрофессор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аботаникатә институт аҵиаақәа ринтродукциа аҟәша аиҳабы, ААУ абнанхамҩеи аботаникеи ркафедра аиҳабы, амонографиа «Аԥсны абнақәа» автор Сергеи Бебиа; Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа; ААР Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар; Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҭҵаарадырреи аекологиатә рккареи аҟәша аиҳабы Инга Ҭаниа. Аиԥыларахь ааԥхьара рырҭеит иара убас Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциа (АБНИЛОС) ахаҭарнакцәа, Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа, ауаажәларратә екологиатә еиҿкаара «Аԥсабара» алахәцәа.
Русҭам Занҭариа еиҭеиҳәеит Сергеи Бебиа инапы иҵыҵыз аҭҵааратә усумҭа аинтерес ду шцәырнагаз, ахәшьара ҳаракгьы шаиуз Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара рыбжьареиԥш, Урыстәыла аҩадахьтәи аҳҭнықалақь аҟынгьы – Санкт-Петербург.
«Амонографиа «Аԥсны абнақәа» апрактикатә ҵак ду амоуп иахьатәи ҳаамҭазы адунеи аҿы абнақәа реиқәырхара азҵаара актуалра шаҵоу ала. Аԥснытәи абнақәа ртемала абас инарҭбаау, иҵаулоу аусумҭа алашара амбацызт уажәада. Ашәҟәаҿы азҿлымҳара рыҭоуп абнаҿиаратә процессқәа рыҭҵаара, Аԥсны абнанхамҩа ахылаԥшреи аҿиареи астратегиа аарԥшуп, ашьхараҿы абнанхмҩа амҩаԥгара азҵаарақәа ирзааҭгылоуп. Ажәакала, ари амонографиа – автор 40 шықәса раахыс дыззааԥсоз, адәынтәи аҭҵаарақәа рымҩаԥгарала еизгоу, хәы змаӡам усумҭоуп», – иҳәеит Занҭариа.
Ҳтәылаҿы абнанхамҩа аҭагылазаашьа злахьанҭоу ала, аҭҵааратә усумҭа автор ихаҭа иџьабаа «амамзаара иахылҿиааз» акоуп ҳәа ахиҳәааит.
«Ашәҟәы ззынархоу абнатә ресурсқәа ԥхьаҟа ишәаны-изаны рхархәашьас иԥшаатәу ауп, ҳабнақәа руникалра аиқәырхаразы. Аха аусумҭаҿы егьырҭ хра злоу Аԥсны абнақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы ирызхьаԥшуп», – иҳәеит Сергеи Бебиа.
Астол гьежь иалахәыз Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа излаиԥхьаӡо ала, Аԥсны иреликттәу абнақәа зегьы хьчалатәуп.
«Абна ахьԥырҟо аҵакырадгьыл аҟны абнанхамҩа ихшыҩркны азнеишьа узаҭаӡом. Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара милаҭтә паркны еиҿкаатәуп, асанитартә ҭахрақәа ирықәшәо абнаԥҟара мацара азин ҟаҵаны. Убри аамышьҭахь ауп иааидкыланы абнақәа реилазаашьеи рыхьчареи ҳалацәажәартә ҳаныҟало», – иҳәеит Ҷыҭанаа.
Ҳаԥсабара ауникалра аиқәырхара азықәԥареи абнаԥҟареи рызҵаараҿы акраҵанакуеит ауааԥсыра аинформациа рыҭара ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.
«Ҳабнақәа рхаҿра аиқәырхара аус аҿы даара акраҵанакуеит арккаратә усура. Сергеи Бебиа имонографиа еиԥш иҟоу аусумҭа аԥҵаразы шықәсырацәалатәи аџьабаа адагьы активтә уаажәларратә позициагьы аҭахуп. Атәылақәа зегьы рҿы иҟоуп ҳәа шәгәы иаанамгаан абри иацназго аҭҵаамҭа», - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Сергеи Бебиа имонографиа "Аԥсны абнақәа" аҭҵаарадырратә еилазаара рҿаԥхьа ицәырган ԥхынгәы 19, 2022 шықәсазы. Ашәҟәы апрезентациа мҩаԥысит Санкт-Петербург Пиотр Ду ихьӡ зху Ихадароу Аботаникатә баҳча аинститут аҟны. Амонографиа апрактикатә ҵакы амоуп аҭҵааҩцәа рзы, иара убас абнанхамҩа аспециалистцәа, ариаҵәара аганахьала ихандеиуа, аботаника ахырхарҭала аҵара зҵо астудентцәеи арҵаҩцәеи рзы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.