Жьҭаарамзазы Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит зымҽхак ҭбаау акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза», акыраамҭаа ҵуеит уи есышықәса ҞЧА имҩаԥысуеижьҭеи. 2019 шықәса аԥхынразы афестиваль иаҭааит аԥсуа делегациагьы. Ишәыдаагалоит урҭ аныҳәамшқәа ирызкны ҳколлега Екатерина Бебиаԥҳа иазлырхиаз ажәабжь кьаҿқәа.

Екатерина Бебиаԥҳа, лымкаала АААК аинфопортал азы

Ҭагалантәи афестиваль «Абаза» Аԥсны ианымҩаԥыс аамышьҭахь сара еиҭасгәалашәеит Ҟарачы-Черқьесиаҟа аԥхынтәи ҳныҟәара, ҳашьцәа абазақәа сасра ҳашрызцаз, есышықәсатәи рфестиваль ҳшаҭааз. Урҭ ахымшк ахаан ҳхы-ҳгәы иҭымҵәо иаанхоит.

Аныҳәахь!

2019 шықәса, ԥхынгәымза 21-23 рзы ҞЧА имҩаԥысуаз аныҳәа ду – Абаза жәлар ркультура амш Аԥснынтә иаҭааны избарц зҭаххаз рацәаҩхеит. Автобус ҭҳарҭәааит 47-ҩык ауааԥсыра: ААУ арҵаҩцәа ргәыԥ, астудентцәа жәаҩык, аспортсменцәа, ашәаҳәаҩ қәыԥш Саида Азизова, нас уи лнапхгаҩы, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа. Абарҭ зегь ҳаицны Аҟәантәи Черқьесскҟа амҩа ҳақәлеит. Сара сызхагылаз ауниверситет агәыԥ, сыстудентцәа рынахысгьы иалан ААУ арҵаҩы, еицырдыруа аԥсуа поетесса Гәында Сақаниа, агазеҭ «Аԥсуа университет» аредактор хада Алхас Чхамалиа, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Ахра Анқәаб.

Ҵабыргуп, амҩа даара ҳаркареит… Аха ҳааԥсара ыҟаӡамызшәа инаҳахҟьеит Черқьесск ҳшьапы анықәҳаргылаҵәҟьа. Ҳашьцәа абазақәа иԥханы иаҳԥылеит, ҳрыдыркылеит, урҭ рыччаԥшь хаақәа анаҳба амч ҿыцқәа ҳалалазшәа ҳҟалеит. Ҳаԥхьаҟагьы иаҳзыԥшын афестиваль – итрадициатәхаз аныҳәа ду.

Раԥхьатәи амш: ҳашьцәа рҿы сасра аҟазаара

Ҳара ҳделегациеи ҳашьцәеи раԥхьатәи ҳаиԥылара мҩаԥысит ижәытәӡатәиу ашәуа қыҭа Ельбырӷан уахьналало. Абазақәа ари ақыҭа дара зегь злыҵыз гарак еиԥш иазыҟоуп. Уи аҽны «Абаза жәлар рыхәмаррақәа» мҩаԥысраны иахьыҟаз ақыҭа агәҭан гәыбылрала иаҳԥылеит.

Ҳара – аиҳабыратә абиԥарахь иаҵанакуа ажурналистцәеи астудентцәеи аспорттә еицлабрақәа рыцклаԥшра адагьы, ҳахьынаԥшааԥшуаз ашәуаа рыбжьара аочеркқәа ззаҳкша афырхацәагьы ана-ара иҳаԥшаауан. Ҳара ҳрышьҭан зыуаажәлар рҿы иналукааша хаҭарақәас иҟалаз ауаа.

Аҩбатәи амш: «ажурналистика иазкыз»

ҞЧА ҳаҟазаара аҩбатәи амш еиҳагьы хҭысла иҭәын. «Ажурналисттә» мшыҵәҟьаны иҟалеит. Ашьыжь, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агәыԥ сасра имҩахыҵит агазеҭ «Абазашҭа» аредакциахь. Асасцәа еснагь иреигәырӷьо, ихааӡа иҟоу агазеҭ аредактор Фардус Кулова ҳара – ажурналистцәеи, астудентцәеи аредакциахь ҳааԥхьаны, гәадурала лколлегацәа ҳрабалырдырит, агазеҭ «Абазашҭа» аидӡахылақәа ҳлырбеит, иаҳзеиҭалҳәеит иахьазы аколлектив иамоу ақәҿиарақәеи апроблемақәеи ртәы.

Анаҩс ҳааԥхьан Акьыԥхь аҩны иатәу аизарҭатә азал ахь – Аԥсны аҩбатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь изку ашәҟәы «Аҟәышреи ахаҵареи рымҩа» апрезентациа азгәаҭаны иахьҳамаз.

Ахәаԥшцәа рзал ҭәын. Араҟа еиҳарак иҟаз Сергеи Уасил-иԥа хаҭала дыздыруаз ракәын: ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ажурналистцәа, адепутатцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, нас сыстудентцәа. Ауаа рлакҭақәа рыла изласацәажәоз абызшәа еилыскауан, рхы-рҿқәа рыла иубарҭан гәаартыла ишыҟоу. Рыԥшышьақәа збон – гәадурала, лахьеиқәралагьы Сергеи Багаԥшь ипатреҭ ду зныз ашәҟәы ацәа ианахәаԥшуаз – Кавкази Аԥсныи рҵеи иаша, ауаҩ қьиа, ауаҩ ду.

Иуникалтәу ауаҩы Мусса Егзакь

Анаҩс, астудентцәа азҿлымҳара ду аарԥшны иацәажәеит Мусса Егзакь – абазақәеи аԥсуааи ахьынхо зехьынџьара зыхьӡ бзианы ирдыруа ауаҩы.

Ҳара алшара ҳаман ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа абас еиԥш иуникалтәу ауаҩы иацәажәара. Уи ижәлар гәкалаҵәҟьа бзиа ибоит, дыгьырзыгәдууп, насгьы хәыҷи-дуи ҳәа еилых ҟамҵакәа зегьы еиԥшны аенергиа рылаҵара илшоит – зықәрахь инеихьоу ракәзаргьы, иқәыԥшу астудентцәа ракәзаргьы.

Маҷк саԥыҩланы ишәзеиҭасҳәоит даҽа еиԥыларак атәгьы: адырҩаҽны, аныҳәаҽы дысԥылеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҿы 70-тәи ашықәсқәа раан аҵара сыцызҵоз абаза ҭыԥҳа Фалина Абидова.

Фалина Гәымлоуқыҭ дызлатәу ала – уи ақыҭоуп Мусса Егзакьгьы дызлыҵыз – ҳанеиқәшәа слазҵааит: аҭыԥантәи ауааԥсыра Мусса Ҳабал-иԥа иусура ишԥазыҟоу ҳәа. Слазҵааит иара убас, ауаажәларратә усзуҩы, амеценат лара хаҭала дшизыҟоу атәгьы. Лара лаҭак даараӡа инарҭбааны иҟалҵеит: сҩыза акыраамҭа еиқәылыԥхьаӡон зқыҭа гәакьеи зыжәлар рзы абри аҟара ҟазҵахьоу ауаҩы илшамҭақәа.

Абар лара еиҭалҳәаз: «Ҳара, Гәымлоуқыҭ анхацәа ҳаигәырӷьоит, ҳагьалаҽхәоит, зыԥсадгьыл иапатриот иашоу Мусса Егзакь ҳара ҳқыҭа дахьалҵыз. Иаргьы аҵара иҵон сара абжьаратә ҵара ахьсоуз ашкол аҿы. Ари ииашаҵәҟьаны дуаҩ дууп, иара игәы былуеит ижәлар рзы, имилаҭтә культуреи, абызшәеи, алитературеи, афольклори реиқәырхаразы. Ҳқыҭауаа рыбзазара убас еиԥш аҩаӡара шьҭихит, иахьеи-уахеитәи рыԥсҭазаара дацхрааит – уаанӡа уи аҩыза аӡәы иԥхыӡгьы иаламызт. Иара иԥарала ҳқыҭаҿы амҩақәа ҟарҵоит, иаартуп аспорт ахан «Алашара», акультуреи аԥсшьареи рбаҳча, аусуга техника апарк, апелменҟаҵарҭа ацех, ахшдкыларҭа. Аргылра иаҿуп аҽы зауад – абаза ҽыжәлақәа реиҭашьақәыргыларазы. Есышықәса Мусса иҟынтә актәи акласс ахь ицо аҵаҩцәа аҳамҭақәа роуеит. Иара дзыцхыраауа иқыҭа гәакьа мацара акәӡам, абаза қыҭақәа зегьы дрыхьӡоит. Ҳгәы зыздуу Мусса Егзакь, гәыкала зыжәлар ирзыҟоу, ҳхәыҷқәеи ҳареи иҳахӡыӡаауа, еснагь игәы ҳҭоуп. Ҳажәлар адунеи зегьы иахирҵәеит. Сара уаанаӡа исымбацызт, исмаҳацызт, абри еиԥш зыҩжәлар ирзааԥсахьоу даҽаӡәы иӡбахә, абас агәаҟра рацәа зхызгахьоу зыжәлар ԥагьа рыҿиаразы ашьаҿа ӷәӷәақәа ҟазҵахьоу. Анцәа ҳиҳәоит еснагь, Ҳазшаз дихылаԥшырц, агәабзиара ииҭарц, аԥсынҵыра ду иоурц, ҳажәлар реизҳазыӷьара ахьӡала…».

Фалинеи сареи ҳаиқәшәара даара схы сгәы ианырит, сагьархынҳәит сқәыԥшра ашықәсқәа рахь.

Ҳакәша-мыкәша иҟаз ауаа ирызкны

Маҷк сазааҭгылар сҭахуп арҭ амшқәа рзы ҳазԥылози, аус зцаҳуази ауаа ртәгьы.

Иаҳҳәап, гәадураала ишәзеиҭасҳәоит Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Камилла Кирвал лыӡбахә. Лара, сара иҟасҵаз аҳәарала ҳделегациа далаҵан. ҞЧА ҳаҟанаҵ ахымш зегьы, тәахак лымамкәа аус луан. Аоператори лареи ҽынла иҭырхуаз аматериал зегьы уахынла асасааирҭаҿы аус адылулон, егьырҭ зегьы рыԥсы аныршьоз: амонтаж ҟалҵон, атекстқәа лыҩуан, авидеосиужетқәа азырхианы Аԥсуа ателехәаԥшра аефир азы илышьҭуан. Аҟәаҟа даныхынҳәы, дара убарҭ анҵамҭақәа ирылхны инеиҵыху арепортажқәа ҟалҵеит. Дара зегь гәылҭәаахеит, ҵакыла ибеиахеит, иԥшӡахеит.

Сгәа иаахәеит, иара убас, абаҩхатәра злоу ҳпоетесса Гәында Сақаниаԥҳа сааигәара дахьыҟазгьы. Лареи сареи изныкымкәа ҳцахьеит Санкт-Петербург, Москва, иара убас аҳәаанырцә атәылақәа рахьгьы. Урҭ ҳныҟәарақәа еиҳарак изыдҳәалаз ҳарҿиаратә усқәа ракәын. Уажәазы сара исҭаххеит Сергеи Багаԥшь изку сышәҟәы «Аҟәышреи ахаҵареи рымҩа» апрезентациаҿы Гәында Сақаниаԥҳа дықәгаларц. Ашәҟәы апрезентациаҿы Гәында лықәгылара уаршанхо иҟан. Сгәыхыҭхыҭра ыҟамызшәа иныҵабеит. Лара лықәгылара аамышьҭыхь гәаныла убас сҳәеит: «Апрезентациа қәҿиарахеит!» ҳәа.

Ауниверситетаҿтәи ҳделегациа алахәцәа аусура ацәымаашьарала дрылуакаартә дыҟоуп иара убас Алхас Чхамалиагьы. Арҭ ахымшк зегьы шьыжьы инаркны хәлаанӡа акультуратә-спорттә фестиваль аусмҩаԥгатәқәа зегьы ҳрылахәын. Асасааирҭахь ҵхагәаныла ҳхынҳәуан. Ҳкараха ҳшыҟазгьы, Алхас дшааилак еиԥшҵәҟьа асоциалтә ҳақәа рҿы аматериал архиара далагон. Есыҽны имҩаԥысуаз ахҭысқәа зеиӷьыҟам ала ирныԥшуеит иара ифотосахьақәеи, ивидеорепортажқәеи, иаудионҵамҭақәеи, итекстқәеи.

Аоператорс, афотоҭыхҩыс дҳацын сыстудент Девид Анқәаб. Иара гәахәарала сааԥхьара идикылеит, абри аныҟәараҿы абасала аус ҳациурц. Девид ихы ааирԥшит абаҩхатәра злоу, аџьабаа абара иацәымаашьо телеоператорс, иара убасгьы еиҿамсу фотоҭыхҩыс. Абри аочерк азы иалсхыз афотосахьақәагьы реиҳарак ҭызхыз иара иоуп.

Алхас Ԥсардиа. Аԥеиԥш ду змоу арԥыс қәыԥш, ԥсыуала иааӡоу. Ацхыраара ахьаҭахыз иахьабалак иара дыҟан. Зегьы зҿлымҳарала дрызнеиуан. Ҳаиқәшәацыԥхьаӡа дҵаауан акыр ҳҭахума ҳәа. Аӡә цхыраарак аниҭахыз иара иакәын зегь раԥхьаӡа иааиуаз.

Даҽа студенткгьы иӡбахә шәасҳәоит – Аинар Ҷыҭанаа, ҳныҟәараҿы аинформациатә агентра «Sputnik Аԥсны» акорреспондент иаҳасабала дҳацын. Аинар икьыԥхьит ҞЧА акультура амшқәа ирызку аматериалқәа, хазы иҟаиҵеит Мусса Егзакь иԥсҭазаареи иусқәеи ирызку аочерк. Ианҵамҭақәа зегьы азхьаԥшра ду роуит, ахҳәаа бзиақәагьы ирыԥсахеит.

Ахԥатәи амш: ҳаԥсуа бираҟ

Афестиваль аҵыхәтәантәи амш рызкын Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши, Абаза жәлар ркультуреи. Иара мҩаԥысит Черқьесск ақалақь агәҭа, Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿы иреиҳаӡоу абаҳчақәа ируаку «Адгьылбжьаха иаҵәа» аҟны. Аныҳәа арԥшӡон ҳаԥсуа бираҟ. Уи иалахәын асасцәа рацәаҩны – Ҭырқәтәыла, Москва, Аԥсны, Ставрапольтәи атәылаҿацә, ҳәарада иара Ҟарачы-Черқьесиагьы рҟынтә аԥсуааи абазақәеи рхаҭарнакцәа.

Ахԥатәи амши иааидкыланы Абаза жәлар ркультура аныҳәеи зегьы хыркәшан итрадициатәу афеиерверк ала. Зықьҩыла еизаз ауаа аимпра рҭахӡамызт. Ианеимпгьы зегьы агәыӷра рыман Абаза жәлар ркультура амш азы ҳаԥхьаҟагьы еибабарц.

Абри ауха ссир аамышьҭахь, шьыжьнаҵы ҳделегациа Аԥсныҟа амҩа иқәлеит, иаҳбаз-иҳаҳаз зегь рыла ҳгәы шьҭыҵны. Ҳгәалашәараҿы акыраамҭа иаанхоит агәырӷьара ду зцыз хымштәи ҳашьцәа-абазақәа рҭаара.