Ишәыдаагалоит «Аҭоурыхтә ҭынха аҧеиҧшазы» апроект иаҵанакуа ҩажәижәаба документалтә фильм. АААКи Џьамбул Инџьгиеи еицырзеиҧшу апроект хацыркын 2024 шықәсазы - афильмқәа есымза иддырбон Аҧсуа телехәаҧшра аканали Аконгресс аофициалтә даҟьақәеи рҿы. 

Апроект нагӡоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ицхыраарала.