Аоперативтә штаб есыҽнатәи ааԥхьараҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыда аҭахны иҟоуп, уи аԥҟарақәагьы хымԥада ирықәныҟәалатәуп иҳәеит, мшаԥымза 4 рзы ачымазара ҿкы уаҩы ишидбаламгьы.
Амедицинатә зҵаарақәа рзы Аоперативтә штаб аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Кәанџьариа Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа алагалоуижьҭеи есыҽны атәыла ауааԥсыра иҟоу-иану азы адыррақәа риҭоит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аҟәа аҿкытә хәышәтәырҭахь уахыки-ҽнаки рыла аӡәы иоуп инеиз. Иара ахьҭалалара адиагноз изықәдыргылеит. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада иадҵаалеит ҩыџьа ачымазцәа. Урҭгьы акоронавирус рыдбалаӡам.
Иаку аимадаратә центр аҟны аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла аҭел асрақәа 150 рҭак ҟаҵан (иалагалоу аԥкрақәа рҳәаа иҭагӡаны иаԥҵан иаку аимадаратә центр, Аԥсны ауааԥсыра уи аномер ахь иасны, акоронавирус иадҳәаланы ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭиир рылшоит, апсихологиатә цхыраара зҭахугьы уахь иналаҵаны – аред.).
«Иахьазы Аԥсны акоронавирус аӡәы имоуп ҳәа шьақәырӷәӷәам. Аха егьа ус акәзаргьы, аҭагылазаашьа ҷыда арежим иқәныҟәалатәуп, уи ада ԥсыхәа амамкәа иҟамзар аҩны адәылҵра уҽацәухьчароуп. Убас ала мацароуп Аԥсны аҩнуҵҟа ачымазара ҿкы аламырҵәара злаҳалшо», – ҳәа атәыла уааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Алхас Кәанџьариа.
Иахьазы акоронавирустә ҿкы аарԥшразы атест иахысхьеит 60-ҩык инарзынаԥшуа ауаа.
Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.