Москватәи амилаҭкәа рыҩнаҟны имҩаԥысит абаза шәҟәыҩҩцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи рҭоурыхтә-литературатә хәылԥазы «Абазашҭа – сгәи сыԥси ртәыла» ҳәа хьӡыс измаз.

Саид Барганџьиа

Иҳаҩсыз асабшазы, Москватәи амилаҭқәа рыҩнаҟны имҩаԥысит Москватәи акультуратә еилазаара «Абаза» еиҿнакааз аҭоурыхтә-литературатә хәылԥазы –«Абазашҭа – сгәи сыԥси ртәыла». Уи атәы Аконгресс аинформациатә портал иазеиҭеиҳәеит АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла, Аилазаара «Абаза» ахантәаҩы Мурадин Урчыҟәа.

Иара иажәақәа рыла, ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны, еицырдыруа абаза литераторцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи – Лариса Шебзыхәа, Олег Еҭлыхә, Валери Ӡыба, Муҳаммад Огәыз иӡырыргеит рышәҟә ҿыцқәа, убасгьы еизаз рзы иаԥхьеит раԥҵамҭақәа.

«Ахәылԥаз иаҭааз ирыман алшара иҿыцу алитературатә аԥҵамҭақәа рабадырра, ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи лабҿабала рацәажәара, арҿиамҭақәа равторцәа рхаҭақәа шаԥҳьо аҳара», – иҳәеит Урчыҟәа.

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Урчыҟәа иажәақәа рыла, алитературатә хәылԥазы иаҭааит: Адунеизегьтәи Аԥсуа-абазатә конгресс ҳаҭыр зқәу ахада, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба, Москва иҟоу адыга, аԥсуа-абаза диаспорақәа рбыргцәа рхеилак ахантәаҩы, апрофессор Иури Агирбов, Москватәи ашәуаа рхеилаки, Москватәи аԥсуа диаспореи ахаҭарнакцәа.

«Ари аҭоурыхтә-литературатә хәылԥазы – Москватәи ашәуаа рхеилак аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҿнакаахьоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы иреиҳауп. Ахәылԥаз иалахәыз ауаа рыхҳәаақәа идырҵабыргоит алитература, лымкаала амилаҭтә литература ашҟа азҿлымҳара ду шыҟоу. Убри аҟнытә алитературатә хәылԥазқәа рактуалразы азҵаара цәырҵуам. Уимоу, ас еиԥш аиқәшәарақәа лассы-лассы ишымҩаԥгалатәу еилкаахеит», – иҳәеит Урчыҟәа.

Иара иажәақәа рыла, ахәылԥаз аҟны аԥсуа поет қәыԥш Ахра Харчлаа иажәеинраалақәа дрыԥхьеит, убасгьы еизаз рзы апианино аирҳәеит жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, апианинорҳәаҩцәа-аконцертмеистерцәа Ргильдиа алахәыла Диана Кончева.

Алитературатә еиԥылара мҩаԥысит Москва иҟоу Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика ахаҭарнакреи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси иҟарҵаз адгыларала.

Аҭоурыхтә-литературатә хәылԥазы «Абазашҭа – сгәи сыԥси ртәыла» (мамзаргьы уи аиҿкааҩцәа ишашьҭоу ала – «Асабшатәи аԥхьарақәа»), – Москва инхо аԥсуа-абаза етнос ахаҭарнакцәа рзы иналукааша культуратә хҭысуп. Ахәылԥаз иаҭаауа зегьы ирымоуп алшара амилаҭтә поетцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, акмузыкантцәеи хаҭала рабадырра, иара убасгьы рырҿиаратә еихьӡарақәа реибыҳәара.