Мшаԥымза 21 рзы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнак Ирфан Аргәын иԥсы ҭазҭгьы – 85 шықәса ихыҵуазаарын. Ирфан иԥсҭазаара зегьы иалганы иааигон Аԥснахьы имаз агәыбылра, уи агәыбылра аус алагьы иршаҳаҭуан
Арифа Қапԥҳа
Еицырдыруа анаплакҩы, ауаажәларратә усзуҩы Ирфан Аргәын диит Анхәа ақыҭан (ҭырқәтәылатәи ақалақь Дузџьа азааигәара). Уоуп иахьнанагаз XIX-тәи ашәышықәсазы мчыла Аԥсны иахыгаз иабдуцәа (араҟа зыӡбахә ҳәоу, 1817 -1864 ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Кавказтәи аибашьра иахылҿиааз ахҭысқәа роуп – аред.). Ус шакәызгьы, аԥснытәи ақыҭа Анхәа инхо Ирфан Аргәын изааигәаӡоу иуацәеи иареи еснагь аимадара рыбжьан. Ишдыру еиԥш, мчыла Ҭырқәтәылаҟа иахганы иргоз аԥсуаа ахьнанагоз аҭыԥ ҿыцқәа Аԥсны излыҵыз ақыҭа хьыӡқәа рырҭон.
Ԥсыуала иааӡаз абизнесуаҩы
Ирфан Аргәын занааҭла декономистын, ҷыдала абизнес анапхгара аҭара аус инапы алакын. Дышқәыԥшыз нахыс агәаӷьра злоу бизнесуаҩык иаҳасаб ала ихы ааирԥшхьан: иҿыцу акы аԥшьгара дацәшәомызт. Иаҳҳәап, иара иоуп раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәыла иаазыртыз «диути-фри» адәқьан (англ.быз. «dutyfree» - ибаџьдоу ахәаахәҭратә дәқьан – аред.). Қәҿиарала аус ауан ацхадара ззиуаз атуристтә хеидкыла. Иара убасгьы ҭырқәтәылатәи ахеидкыла «TurkishAirlines» аилазаарак ахашәала ахәҭак иман.
«Еицырдыруа ҭырқәтәылатәи абизнесуаа дырхыԥхьаӡалан, — еиҭеиҳәоит Ирфан иҩыза, арепатриант, аполитикатә усзуҩс иҟаз, аиҭагаҩ Октаи Ҷкотуа. — Иара инапаҿы иҟан зымҽхак ҭбааз абизнес. Аибашьра алагаанӡагьы, Аԥсныи адиаспореи раԥхьатәи реимдарақәа анышьақәгылоз аамҭазы Ирфан иаԥиҵеит ахеидкыла «Нарташ», уи аҩныҵҟа еидкылан аԥсуа-абаза хылҵшьҭра змоу ҭырқәтәылатәи абизнесуаа. Убри ахеидкыла алоуп, раԥхьатәи акапитал Аԥсны ишалагалазгьы. 1990 шықәсазы иара раԥхьаӡакәны Аԥсны даҭаауеит. Аха араҟа аус аԥшьгаразы ирымаз ахықәкқәа рзынамыгӡеит — Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра алагеит. Уи иахылҿиааз аблокада иахҟьаны, анаҩсгьы аусура ацҵара залымшахеит.
Амала, Ирфан Аргәын баша бизнесуаҩымызт: иара даԥсыуан, насгьы Аԥсны ацхыраара шаҭатәыз здыруаз уаҩын. Уи акәын иара акыр шықәса дызҿызгьы: сыԥсадгьыл сахәандаз, сацхраандаз ҳәа дыҟан.
«Аманшәалара зцыз бизнесуаҩын, уи адагьы, ԥсыуала дааӡан, «аԥсуара» аԥҟарақәа дрықәныҟәон», — иҳәоит Ҷкотуа. — Зҟазшьа џьбараз уаҩын, илеишәагьы цәгьан, уи, ҳәарада, иара иахь еиҳагьы патуқәҵара узцәырнагон».
Ҷкотуа игәаанагарала, арҭ аҟазшьақәа роуп изыбзоуроу, Аԥсны аибашьра алагаанӡа, Владислав Арӡынба ихаҭарнакцәа ҳәа Ҭырқәтәыла иҟаз хҩык ҳџьынџьуаа Ирфангьы дахьыруаӡәкыз.
«Ирфан Аргәыни, Аҭаи Ацәышбеи, Чингьиз Гогәуеи хаҭарнакцәас ралхра - ииашаз шьаҿан: урҭ адиаспораҿы даараӡа пату зқәыз, зыгәра ргоз уаан», — ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.
Аԥсны адгылара: маҵурала акәымкәа, шьала
1992 шықәсазы, Аԥсны аибашьра аналага, Ирфан Аргәын Аԥсны ацхырааразы Кавказтәи-аԥсуа аилак аиҿкаара аԥшьызгаз дыруаӡәкын. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы Аилак хадара азиуан Атаи Ацәышба, Аргәын уи ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Ацәышба иашьҭахь, Аилак аамҭак азы дахагылан Џьемалаҭҭин Арӡынба, анаҩс, еиԥмырҟьаӡакәа 16 шықәса Аилак напхгаҩыс даман Ирфан Аргәын.
«Аилак хықәкы заҵәык акәын иамаз – ганрацәала Аԥсны адгылара аҭара: аполитикеи, адипломатиеи, абизнеси, арепатриациеи ирызку азҵаарақәа рҿы. Даҽакала иуҳәозар, Аԥсны иазку азҵаарақәа зегьы Аилак аҟны оуп иахьырыӡбоз, Ирфан урҭ аусқәа зегьы напхгара рзиуан», - иҳәоит Ҷкотуа.
Аргәын еиуеиԥшым аамҭақәа рзы акырынтә Аԥсны даҭаахьан. Ихы алаирхәуан Аԥсныи адиаспореи рыпроблемақәа ирызку аконференциақәа, изныкымкәа Аилак ахантәаҩы иаҳасаб ала далахәын аԥсуа-абаза милаҭ Реизара Дуқәа.
«Аилак имҩаԥнагоз аусқәа 80 % Ирфан ибӷа иқәын сҳәар сылшоит, — иазгәеиҭоит Октаи Ҷкотуа. — Насгьы, хықәкылатәи аусқәеи, афинанстә зҵаарақәа реиҳараки ихахьы игон. Аилак аусура иацыз ахарџьқәа еиҳарак ихатә ԥарала ихиҩон. Ҳәарада, адиаспора ахаҭарнакцәагьы аиҿкаара аусуразы аԥара аларҵон».
Ҷкотуа игәалашәоит, Аргәын ихы шалаирхәуаз «Аԥсны ахьӡ ахьарбаз иарбан усзаалак». Уи иара имаҵурала илшоны иҟаиҵоз акеиԥш дахәаԥшуамызт, шьала-дала иуалԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡон.
«Аԥсныҟа ицар зҭахыз зегьы дрыцхраауан, Ҭырқәтәылаҟа иаауаз дырԥылон: ажурналистцәа, аҵарауаа, Аԥснынтәи инаҳашьҭуаз ауааԥсыра — џьоукы рыхәышәтәразы, џьоукы аҵарахьы рышьҭразы. Сара сгәанала иҟаӡамызт уск, иара изымдыруаз, мамзаргьы адгылара зыимҭаз. Ирфан иҟазшьагьы ус иҟан: зегьы идыруазар иҭахын, ианаҭаххагьы ацхыраара дацәхьаҵуамызт».
Октаи Ҷкотуа агәра ганы дыҟоуп «Аԥсны ацхырааразы Аргәын инаигӡахьоу аусқәа рхыԥхьаӡара рацәаӡоуп, урҭ рыҟнытә сара хаҭала издыруа – имыҷӡоу хәҭак ауп: Ирфан иусура амҽхак аҭбаара аӡәгьы издыруамызт, ианакәзаалакгьы ихы дахыҽхәомызт».
Иагьыџьбараз, аха зыгәгьы ԥшаауаз
Изыԥшну ахаҵа, иҭоурыхтә ԥсадгьыл иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы апринцип ӷәӷәа аазырԥшуаз, дарбанзаалак ачын ду змоу ауаҩы иҿаԥхьа згәаанагара аҳәара иацәымшәоз, сҭыԥи сбизнеси сцәыӡуеит ҳәа арлакҩакра зламыз — абас оуп дшыргәалашәо Ирфан Аргәын иааигәаны дыздыруаз иҩызцәа.
Иарбанзаалак аҭагылазаашьа иахҟьаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аполитика иаҿагылоз ак ҟаиҵараны дыҟамызт ҳәа агәра ганы дыҟоуп Октаи Ҷкотуа.
«Ирфан Аргәын акы дацәымшәо ҭырқәтәылатәи ачынуааи, ахадеи, аԥыза-министри, аминистрцәеи рҿаԥхьа Аԥсны азинқәа ихьчон. Сара хаҭала избахьан урҭ ирзынаишьҭуаз ашәҟәқәеи, хаҭалатәи реиқәшәарақәеи. Аԥсны аинтересқәа рыхьчараҿы ипринципқәа иахьагы аӡәырҩы рзы ҿарԥшыгас рыҟаҵара алшоит. Иҟоуп еиуеиԥшым адокументқәа, архивқәа, уаҟа зыӡбахә сҳәо зегьы арбоуп. Убарҭ аартхар, зегьы еилыркаауан Аԥсназы шаҟа ҟаиҵахьаз, дышпатриот дууз, уи аиҳагьы – дышфырхаҵаз».
Абри афырхаҵа — апринципра злаз, иџьбараз, аамҭалагьы злеишәа цәгьаз, игәы ԥшаауан Аԥсны даналацәажәоз, еиҳаракгьы иқыҭа Анхәа аӡбахә анырҳәоз.
«Илаӷырӡгьы аауан, Аԥсны ахақәиҭраз иҭахаз афырхацәа ирызку аҳәамҭақәа данырзыӡырҩуаз, даара игәахьы игон ҳара иаабац ак акәны ҳаззыҟалахьаз. Ҳара — зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз, раԥхьаӡакәны ҳабацәа рыдгьыл анаҳба, еицаҳзеиԥшны, иӷәӷәоу апатриоттә цәаныррақәа ҳазцәырҵит. Аха Ирфан Аргәын зегьы маҷк дреиԥшымызт, иара изы Аԥсны зеиԥш ыҟам ҭыԥын. Абраҟоуп уи ауаҩ ӷәӷәа исентименталтә цәаныррақәа хыҵхырҭас иахьрымаз. Уи иара ишьақәирӷәӷәеит иусуреи иԥсҭазаареи рыла».
«Ҳара ҳҿы» – зегь даҽакалоуп ишыҟоу
Октаи Ҷкотуа иазгәеиҭеит, Ирфани иареи реиҩызара Аԥсны иазкыз ахәыцрақәеи, еицырзеиԥшны иҟаз ахшыҩҵакқәеи ишырхылҿиааз.
«Иареи сареи ҳаиқәшәон Ҭырқәтәыла саныҟаз, мамзар иара арахь данаауаз, — еиҭеиҳәоит Октаи. — Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Ирфан игәабзиара кәадахеит, аоперациақәа ԥыҭк ихигеит, уи иахҟьангьы арахь аара ицәыуадаҩын. Уи аҭагылазаашьа даараӡа игәы инархьуан, Аԥсны гәхьааигон. Ҭырқәтәыла дыҟанаҵ, лассы-лассы аҭел дысзасуан».
Ҷкотуа игәалашәоит, Ирфани иареи аҭелла реицәажәара сааҭқәакгьы агар шалшоз — Аԥсны ахҭысқәеи, ажәабжьқәеи ирылацәажәон, еицырзеиԥшыз рҩызцәа ргәаладыршәон. Аԥсны иазку иарбан темазаалак алацәажәара даара бзиа ибон.
«Иҟалалон, иаҳдыруа рыҟнытә Ҭырқәтәылаҟа ицараны иҟаз ирыцҵаны ачашә, мамзар даҽа ҳмилаҭтә чыс ахь иаҵанакуа фатәык сзаашьҭ ҳәа дансыҳәалоз. Урҭ ачысқәа Ҭырқәтәылагьы иҟарҵоит, аха иара агәра ганы дыҟан «ҳара ҳҿы» иҟарҵо даҽа гьамак амоуп хәа. Хаиҩызцәан, даараӡа пату еиқәаҳҵон. Дзыԥсаз еилыскаауан, иахьазы, иара даныҟам, лассы-лассы исгәалашәоит ҳаицәажәарақәа, ҳәарада, иара ихаҭагьы дысгәалашәоит», — иҳәеит Октаи Ҷкотуа.
Ирфан Аргәын иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса, нанҳәа 27 рзы. Анышә дамадоуп иқалақь гәакьа Дузџьа аҟны. Аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз ацеремониа иалахәын аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа, Аԥснынтәи ишьҭын, арепатрициазы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа хадара ззиуаз аделегациа.
Ирфан Аргәын иԥеи иԥҳаи — Мураҭи Севдеи Аргәынаа — изныкымкәа Аԥсны иаҭахьеит, аԥсуа атәылауаҩра рымоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.