Ҽаҩраҭагалан ишаԥу еиԥш, аҭоурых ду змоу Лыхнашҭа ажәлар рныҳәа мҩаԥысит. Уи иалахәын Гәдоуҭа ақыҭақәеи Афон ҿыц ақалақьи.

Сынтәа раԥхьаӡа акәны аныҳәа рхы аладырхәит Абазашҭантә ҳашьцәа гәыԥҩык. Дасу ицәырыргеит раарыхрақәа, аҟазацәа рнапкымҭақәа, абзазаратә маҭәахәқәа, еиуеиԥшым ачысхкқәа. "Абазашҭа" амчындыр аҿы ицәырган ашәуаа раҳәызбақәа, асахьақәа, амилаҭ чысқәа.

Ҟарачы-Черқьестәылатәи аделегациа иалахәын аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхрааразы аилазаара "Алашара", иара иатәу Аҳәса рхеилак, ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль "Амра", анапҟазацәа.

"Абазақәа раԥхьаӡа акәны асҟаҩык ҳҽеидкыланы Лыхнашҭа ҳалахәуп. Даара ҳаигәыӷуеит есышықәса ари аныҳәахь ҳаалап ҳәа. Ҳаара иацхрааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, ИАЕ "Алашара", ауаажәларратә еиҿкаара "Абаза". Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Абаза муниципалтә раион ахада Руслан Кужев, "Акультуреи аԥсшьареи рцентр" адиректор сусанна Шаева", - ҳәа азгәеиҭеит "Алашара" анапхгаҩы Мураҭ Гьадыгәа.

Ажәлар рныҳәа арԥшӡон ашәаҳәацәеи акәашацәеи рықәгыларақәа. Имҩаԥысит иара убас ахыцуаа реицлабрақәеи, аҽырхәмаррақәеи, егьырҭ амилаҭ хәмарра ахкқәеи.

Аныҳәа даҭааит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба, адепутатцәа. Лыхнашҭа агәырӷьара иамшын, зегьы ргәалаҟара бзиан, иччон, ихәмаруан. Аиҳабацәа аӡәырҩы ԥсыуа маҭәала рҽеилаҳәаны иааит. Ари ахҭыс ргәаԥханы иаҭааит Аԥсны иааны иҟоу аԥсшьацәагьы.

Ахәылбыҽха иблахкыгаха ажәҩан ихалаҵан аныҳәатә салиут.