1763-1864 шықәсқәа рзтәи Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟа аадыртит Ҟарачы-Черқьесиа, аул Инџьықь-Ҷкәын аҟны, ауааԥсыра ари ахҭыс жәашықәса раахыс изызхьуаз акакәын.

Саид Барганџьиа

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟа аадыртит Ҟарачы-Черқьесиа, аул Инџьықь-Ҷкәын аҟны, ԥхынгәы 24 рзы.

Аул иқәынхо ауааԥсыра ари аидеиа рызцәырҵижьҭеи жәашықәса инареиҳаны иҵуеит ҳәа еиҭаиҳәеит Инџьықь-Ҷкәын ахада Фуад Џьантемиров, аха аргылара активла ианзалага ҵыԥх оуп, афонд «Алашара» ацхыраара аныҟанаҵа нахыс.

«Абаҟа аргылара рхы аладырхәит шамахамзар ақыҭауаа зегьы, хәыҷи-дуи ҳәа еилых ҟамҵаӡакәа. Уи ҳара ҳзы даара акраҵанакуан. Уҭоурых удыруазароуп», – иҳәеит Фуад Џьантемиров.

Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара рыҭан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа. АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы ицхырааҩ Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит амҳаџьырра – аԥсуа-абаза, адыга жәларқәа рҭоурых аҟны реиҳа ибӷаԥҵәагаз хлымӡаахны ишыҟалаз, уи ахәра иахьанӡагьы ишымӷьац.

«Ари атрагедиа ҳгәалашәозароуп еснагь. Аибашьреи ахҵәареи ирылаӡыз рбаҟа анҳаргыло, ҳара ҳазхәыцроуп аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа иарбанзаалак аргылара аус аҿы аидгылара шаҳҭаху, абри еиԥш ахлымӡаахқәа уаҳа ҳтоурых аҿы иҟамларц азы», – иҳәеит Ҭаниа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр ақәҵаразы, абаҟа аартра даҭааит абаза мҳаџьырцәа рхылҵшьҭра Самир Маршьан.

«Абаза жәлар ирыхҭыргаз атрагедиа аиҭаҳәаразы ажәақәа рыԥшаара уадаҩуп. Сара сгәыӷуеит мышкызны амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа зегьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәып ҳәа. Ҳажәлар рҿы сара соуп раԥхьа ахынҳәра зылшаз, егьырҭ ҳашьцәагьы убас рылшоит ҳәа агәыӷра сымоуп», – иҳәеит Самир Маршьан.

Кавказтәи аибашьреи мчылатәи ахҵәареи ирылаӡыз есышықәса иргәаладыршәоит Аԥсны, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиа, Адыгатәылан лаҵарамза 21 рзы.